Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арадио Sputnik Аԥсны акинои алитературеи рзы апроект ҿыц хацнаркит

© Foto / Ирина ТураваИрина Турава и Артур Гагулия
Ирина Турава и Артур Гагулия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2022
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Осторожно, спойлер!" акинои алитературеи ирызкуп, ҩымчыбжь рахьынтә знык мҽышала иҭыҵлоит.
АҞӘА, цәыббра 28 – Spunik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Осторожно, спойлер!" арадио Sputnik аҟны алитературеи акинематографиеи иахьрылацәажәо дырраҭароуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект амҩаԥгаҩцәа руаӡәк, Аԥсны ААР аусзуҩ Артур Гагәылиа.
"Азыӡырыҩцәа ҿыц ицәырҵыз рыдагьы аклассикатә рҿиамҭақәа ртәы рзеиҭаҳҳәалоит. Аиҳарак адырраҭара аҽазыҟаҵара аҵкыс аҭагылазаашьа иаԥнырԥшны ауп ишымҩаԥгахало. Ҳԥышәа шьаҭас иҟалоит. Убри аан азыӡырыҩцәа ргәаанагареи ргьамеи ҵаҵӷәра ауеит. Џьоукы гәаҳәарақәаки ҭахрақәаки рыманы иҳадыргалар, уигьы ҳалацәажәоит" ҳәа иҳәеит иара.
Гагәылиа адырраҭара ицымҩаԥылгалоит алитературатә блогер, ццакрыла аԥхьареи акиномҩаԥгареи рзы акурс автор Ирина Турааԥҳа. Аклассикатә литературеи аҿыц цәырҵрақәеи ирыхцәажәалоит еилдыргоит.
Турааԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит хәышықәса раахыс алитературатә блог шымҩаԥылго, ахәыҷқәеи адуқәеи рзы ашәҟәқәа арецензиа шырзыҟалҵо, акино-бжьгарақәа шыҟалҵо.
"Аудиториа аинтерес шрымаз анызба арҭ абжьгарақәа зхы иазырхәар зылшо рхыԥхьаӡара сырҭбаар сҭаххеит. Артур Гагәылиа идызгалеит атематичкатә еицәажәара еицымҩаԥаагаларц. Аклассикатә канонқәа зегь еилаганы иҳаӡбеит адырраҭара иаабац аицәажәара аформат ала еиҿаҳкаарц", - лҳәоит лара.
Турааԥҳа ишылҳәо ала адырраҭара ахықәкы хада - ашәҟәыԥхьара аларҵәареи зхаҭабзиара ҳараку акиноиндустриа аалыҵ азыӡырыҩцәа дырдырреи роуп. Лара лгәаанагарала адырраҭара азыӡырыҩцәа аиуроуп, избанзар шамахамзар акинои ашәҟәи бзиа ирбоит.
Турааԥҳа иазгәалҭеит азыӡырыҩцәа ирзыманшәалахарц азы иазԥхьагәаҭоуп Telegram- канал аԥҵара. Аканал аҿы аҭыжьымҭа ҿыцқәа рызхьарԥшра алшалоит, азыӡырҩцәа рыбжьара азҵаара-ҭҵаарақәа мҩаԥгахалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0