Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыҵниаԥҳа Чечентәылатәи акультуреи аспорти рфестиваль азы: аԥсуаа лымкаала пату ҳақәын

Кәыҵниаԥҳа Чечентәылатәи акультуреи аспорти рфестиваль азы: аԥсуаа лымкаала пату ҳақәын
Анапаҵаҩра
Ахыцуаа ргәыԥ "Афырхы" алахәыла Илона Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Чечентәыла имҩаԥысуаз акультуреи аспорти рфестиваль аԥсуа хыцуаа ралахәхара шыҟалази, уаҟа ишрыдыркылази ртәы.
Аԥсуа хыцуаа Чечентәыла имҩаԥысуаз акультуреи аспорти рфестиваль рҽаладырхәит. Ахыци ахәымпали инарҷыданы афестиваль аҟны иҟан армреслинг, ашахмат уҳәа реиԥш иҟоу адисциплинақәагьы.
"Раԥхьаӡа акәны афестиваль иалахәын аԥсуаа, уи ианаадыртуаз иазгәаҭан. Аицлабрақәа рыԥҟара ҳанахәаԥшуаз, уа иарбан аклассикатә хысгақәа рыла шаку ишхысуа ҳәа. Ҳара иаҳгази ахыци хәымпали уа ицәыргаз ахысгақәеи геи шьхеи рыбжьан. Аԥхьа ианызба сгәы цеит. Сара сызлахысуаз ала аԥышәа аҭахуп, дара иркыз, зынӡа угаӡамзар уалахысыртә иҟоуп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа аиҿцәажәараҿы.
Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит ахысрахь ишнеиз 16-ҩык аҭыԥҳацәеи 16-ҩык арԥарцәеи, убри аан ахәмарра абжанӡара даннеи далҵыр шакәхаз, избанзар лхысга уаҳа шалымшоз.
"Ҳара ҳазлахысҵәҟьоз ахыци ахәымпали згазҭгьы, ҳәарада, аҭагылазаашьа ҽакхон. Дара ахьеиндаҭлоз адистанциа, ҳара Баҭал Џьапуа иахьаҳирҵоз ауп. Сара сазыҟаҵан, аха схысга еиҳаны схысыртә еиԥш иалнаршомызт", - лҳәеит лара.
Ахыцуаа ргәыԥ "Афырхы" алахәыла еиҭалҳәеит, афестиваль алахәылацәеи уи аиҿкааҩцәеи зегьы ишеилыркаауаз ахысгагақәа реиԥшымзаара, итрадициатәу ахысга ахархәара ишаҭаху аԥышәа ду.
"Адистанциа саналҵ ашьҭахь аӡбаҩ иҳәеит, афестиваль аҿы гран-при ыҟазҭгьы, уи аԥсуаа ишәыртәхоз, избанзар, ас еиԥш ахысгала асҟак анеишьа ҟалашьа амаӡам ҳәа. Аицлабраҿы иаиааиз аҭыԥҳа снапы сымхны илҳәеит, схысга акра бхы иаҭәабымшьозаргьы ҟалап ҳәа", - азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0