Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҳшьа иалоуп афырхаҵара, ҳаибашьцәоуп ҳара": Иури Дбар иҿцәажәара

© Foto / Елеонора КоӷониаԥҳаИури Дбар
Иури Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2022
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 2 1992 шықәса рзы иалагеит Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара, ахы иақәиҭтәын жьҭаара 6 рзы. Sputnik автор Елеонора Коӷониаԥҳа диҿцәажәеит уи иалахәыз, аибашьраан 24 шықәса ирҭагылаз, иахьа Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Иури Дбар.
Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы иуада сныҩналеит. Сара дысԥылеит 50 шықәса ирҭысхьоу ачынуаҩ. Раԥхьаӡа акәны ауп иара данызбоз. Уахьихәаԥшуа, даара аҭынчра знубаало уаҩуп. Аҳҭнықалакь адепартамент ахь сымҩахыҵра анхамҩатә усқәа ирызкымызт, сара сиҭааит аибашьра аветеран - 30 шықәса раԥхьа ҳаӷа Гагра инапаҿы ианыҟаз 24 шықәса ирҭагылаз ГИСХ захьӡыз аҵараиурҭа 3-тәи акурс астудент Иури Дбар.
Аибашьра аԥхьа рашәарамза 15 рзы иԥшәмаԥҳәыс Диана Гобечиаԥҳаи иареи дроуит раԥхьатәи ахшара Амина. Ажәакала, ҩымз рышьҭахь аӡҟы дызмаз арԥыс еибашьра дцар акәхеит. Дцар акәхеит анысҳәах, уи иара иҭакԥхықәра акәын, аԥшқа дсымоуп ҳәа ихы ахигаргьы амуаз, ма даҽа ҿыҵгак иԥшааргьы ауан…
Ҳаицәажәара ахы анаҳк инаркны идызбалеит исгәаԥхоз ҟазшьа ҷыдак. Иури ихы дахыҽхәомызт, уажәы-уажәы "исылшоз ҟасҵеит" акәын ииҳәоз.
Сажәабжь афырхаҵа Иури Дбар шамаха џьара дықәгыланы аибашьра дшалахәыз атәы еиҭеиҳәогьы сымбацызт, аха ҭелла саниацәажәоз мап сцәимкит Гагра ахақәиҭтәра иазкны игәалашәо аиҭаҳәаразы.
© Foto / предоставил Иури ДбарИури Дбар
Иури Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Иури Дбар
"Нанҳәамза 14 1992 шықәсазы сҩыза, сашьа Феликс Дбари сареи акласс аҿы аҵара ҳацызҵоз Аҟәа Баҭымтәи амҩаду аҿы инхоз, амҩатә машәыр иақәшәаз Ҭемыр Допуа даҳбарц иҩныҟа ҳцеит. Убра ҳшыҟаз ахысбыжьқәа ҳаҳаит. Атанкқәеи абзарбзанқәеи рышьҭыбжь ааҩуан. Агәылацәа, азлацәа адәахьы идәылҵит, Ҭемыр иангьы дналаҵаны. Апаника ҟалеит маҷк, ауаа ирнырит иҽеим акы ишалагаз. Ҳаргьы "шәыҩныҟа шәца" ҳәа ҳарҳәеит. Амашьына ҳақәтәан Баҭымтәи амҩаду аҟынтә ҳанылбаауаз, игәаҳҭеит Қарҭтәи амҩаду (уажәы - Кәыдрытәи амҩаду) ахыгьежьыраҿы ақырҭуа техника шгылаз. Аиҿахысрақәа рхы ркхьан уи аамҭаз. Ҳара ҳабжьҟьеит иаҳаулакгьы Ацҳа шкәакәа ала. Феликс Аҳабла ҿыц ахь дызгеит. Абас еилаҳкааит аибашьра ишалагаз", - иҳәоит Дбар аибашьра, раԥхьатәи амш дазааҭгыло.
Иури Анатоли-иԥа д-Аҟәатәин, актриса Вера Дбар дылмаҭан, дынхон актиорцәа Леуарса Касланӡиа, Минадора Зыхәба, Шьалуа Гыцба уҳәа зыҩназ аҩнаҟны.
Аибашьра иазку иажәа ҳәо, зегь раԥхьаӡа иргыланы зҽеидызкылаз аиҩызцәа уадаҩрас ирԥылаз ҳәа иаликаауа абџьар аҟамзаара ауп. Усҟан џьоукы ирыҵарҳәеит Гәдоуҭа (Бамбора) абџьар уоур ауеит ҳәа.
"Ҳцеит Бамбора иҟаз арратә хәҭахьы. Ҳара ҳаиԥш уа иаднагалаз рацәаҩын. Исгәалашәоит абџьар ахьыҩназ аҭыԥ аҟынтә ауаа абџьар кны ишдәылҵуаз. Аха, ҳара акгьы ҳмаӡеит, ацинк зхьыршоу кәалаԥк азна ахқәа (апатронақәа) рыда", - игәалаиршәоит уи амш аветеран.
Нас, Пицунда Никита Хрушьов иԥсшьарҭа ҭыԥ аҿы иуԥшаар ауеит абџьар ҳәа алымҳаҭас роун, уахь рхы дырхеит.

"Амала, уаҩԥсҵас, қәнагала иаҳԥылеит уа, бџьарла еибыҭаз ахьчаҩцәа. "Иҳамоу абжа шәаҳҭоит" рҳәеит. Иҳарҭеит автоматқәа 5. Ҳара иҳаиҳабыз пицундаа рыҷкәынцәа, афгантәи аибашьра иахысхьаз, аԥышәа змаз ираҳҭеит уи. Аиҵбацәа акгьы ҳазнымхеит дырҩегьых", - иҳәоит Иури.

Пицунда аҩызцәа рацәаҩны иман Иури, иара убас ауацәагьы. Аханатә игәыԥ иацыз ҳәа рыхьӡ иҳәоит Баҭал Амҷба (идунеи иԥсаххьеит), Алиас Гобечиа, Алхас Шамба, Алхас Гыруаԥшь уҳәа имаҷҩымкәа арԥарцәа.
"Ҳҽааизаҳкын, ус ҳаӡбеит - амшын аԥшаҳәеи Пицунда абжьаларҭаҿ иху ацҳаи ҳахьчаларц. Досу имаз абџьар шьҭихит. Ус хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ҳашьцәа аҟабардақәа ҳахьӡеит - Ибрагим Иаганов, Аслан Битоков, Аслан Мирзоев, Заур Боров. Урҭ Мамзышьха аидыслара рхыргахьан, аԥышәагьы рыман. Абас ала, аԥсуаагьы аҟабардақәагьы рҽеидыркылан архәҭакны иҟалеит", - ҳәа аибашьра адаҟьақәа ааиртуеит аветеран.
© Foto / предоставил Иури ДбарИури Дбар
Иури Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Иури Дбар
Иури ишиҳәо ала, Ибрагим дкомандирын. Пицундатәи аҿар рабацәа злаз архәҭа рҭахымызт азы, Аҟабардатә гәыԥ аԥсуа ԥшыхәратә взвод иалалеит. Раԥхьа "Ахьтәы уасцәа" (урысшә. - "Золотое руно") рҽеидкыланы иҟан. Гәдоуҭа ала абџьар ԥыҭк аԥшаара акомандир илиршеит. Тҟәарчалтәи напылаҟаҵара тапанчақәа, агранатақәа уҳәа ирымаз ала рҽеибырҭеит. Нас, взводла еихыршеит.
"Сара аҟәша акомандирс сҟарҵеит. 8–ҩык рҟынӡа ҳаҟан. Ҳавзвод деиҳабын Пицунда инхоз Милор Барцыц, қәралагьы дҳаиҳабын. Аҟабардақәа, иахьынӡасгәалашәо, 80-ҩык ыҟан. 5 взводк ҳҟалеит. Ажәакала, арратә структура иашьашәалаз аиҿкаара шьақәгылт", - абас иҟоуп 30 шықәса зхыҵуа асахьақәа аветеран игәалашәараҿы.
Иури иажәақәа рыла, планс раԥхьаӡа иҟаз Гагра ахақәиҭтәра акәын.
"Амала, абџьар зынӡа измамыз рацәаҩын. Ажәылара аԥхьа ацәаҳәа ҳанықәдыргыла акомандир дҵааит "Абџьар зегьы ишәымам, аха аџьаԥҳаны шьҭыхтәуп, мчыла аӡәгьы шәышьҭысхуам, зхатәгәаԥхарала бџьарда ацара злымшо шәыҟазар шәалҵ" иҳәеит. Абаталион зегь иахьгылац игылан, аӡәгьы далымҵит. Аӡәгьы днымхаӡеит, убас агәаҳәара рыман аԥсадгьыл ахьчаразы", - дрызгәыдуны абас рыӡбахә иҳәоит Иури усҟантәи архәҭа иалаз аибашьцәа.
Ажәылара ианалага, дара амшын ахықәи амҩадуи ирыбжьаршәны ицон. "Ахш совхоз" (урысшә. - "Молочный совхоз") ҳәа иахьашьҭоу аҟынтә идәықәлеит дара. Иури дызцыз12-ҩык раҟара ыҟан. Армарахь аҟабардақәа цон, арӷьарахь - аԥсуаа. Шәарҭарас иҟаз атрассала ицоз хыхьынтәи авертолиотқәа рылахысуан. Убри зегь рбон аџьықәреиҭрақәа ирылсны иахьцоз Иури иҩызцәеи иареи.
© Foto / предоставил Иури ДбарИури Дбар
Иури Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Иури Дбар
"Ҳаргьы ибзианы ҳарбарҭан хыхьынтәи. Ус авертолиот ҳхалеит. Зарданиа Дауҭ (Дутик) Нестор-иԥа (хҩык иԥацәа ицны аибашьра дцеит Нестор), нас Гарик Чепиа (уи автомат икын). Дутик агранатаршәга иман. Ҳахҩык авертолиот ааҳхалеит, сара "уиеихсыр алымшаӡои" ҳәа иасҳәеит Дутик.
Авертолиот иҭатәаз ақырҭқәагьы мхысит, дара ҳартәыз џьыршьазар ҟалап, рпозициақәа ҳарзааигәан азы.
"Симаахар ҳаиҟәыбоит, дҳалгоит" саҭеикит Дутик. Ҳара усҟан иаҳбарҭан ақырҭқәа ишәаны ибналаны ацара ишалагахьаз", - иҳәоит Иури.
Анаҩс, 24 шықәса усҟан изхыҵуаз аибашьҩы Дбар иҩызцәеи иареи, аџьықәреиҭра иалҵны рҿанынарха, реихсра иалагеит. Аиҿахысра ҟалеит.
"Гагра аџьармыкьа аганахь еиханы ицон дара ақырҭқәа. Ҳара нас ҳҽеидкыланы рҭабиақәа аннаҳкыла, игәаҳҭеит даара ӷәӷәала рҽазырхианы ишыҟаз. Мызла ахырӷәӷәарҭа нукылар ауан аџьаԥҳаны иҟаз ала, аха дара ишәаны ибналеит. Ҳгәыԥ ацәыӡ амоуӡеит усҟан. Ус, ҳанԥшы, џьоук ҳбеит. Ухыс рҳәан, аха ҳа ҳтәқәа ракәзар сҳәан, ԥсышәала сыбжьы рықәсыргеит. Иаԥсацәазаарын, "ҳаԥсыуаауп" рҳәеит. Усҟан иаҳзеиҩдырааӡомыт ҳа ҳтәқәеи дареи. Нас, ирыӡбеит акасы иаҵәақәа ҳхы иакәҳаршаларц", - иажәа иациҵон аветеран, Гагратәи ахҭысқәа игәаларшәо.
© Foto / предоставил Иури ДбарИури Дбар
Иури Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Иури Дбар
Аибашьра ианалагоз Иури Дбар Асовет Ар рҿы аррамаҵура дахысхьан. Владимир ақалақь аҿы атанктә архәҭақәа рҿы ҩышықәса ишақәнагаз еиԥш ихигеит. Амашьынарныҟәцаҩ-механикс дыҟан. Рырхәҭа анеиҿыркаа, акомандир иаразнак иеиҳәеит атанк трофеи ҟалар, аибыҭашьа шидыруаз.
"Уи аԥышәа сыхәеит хымԥада аибашьраҿы. Абџьар ахархәашьа ҳдырҵахьан уа. Зегь ҳдырҵон Асовет Ар рҿы. Амала, аибашьра ахаҭаҿы аԥышәа еиҳа ирласны иуоуеит", - иҳәоит Иури.
Аибашьра еибашьроуп, иҟалоит машәырла уара утәқәа рганахь ухысыргьы, насгьы ҳара ҳазлацәажәо Гагратәи ахҭысқәа раамҭазы, Иури ишиҳәо еиԥш, аиҩдыраарақәа мариамызт, аԥсуаа аибашьра рҽазыҟаҵаны иҟамызт, иазыҟаҵаз, зегь хәшьадны измаз иҳақәлаз ракәын. Аидысларақәа руак аан ақырҭқәа ракәыз џьшьа Иури иабџьар ахархәара аиҭарц игәы иааҭеикуаны, цәалашәарак иоуит.
"Раԥхьаӡа акәны ауаҩы иеихсрагьы уадаҩзар акәхап, 80-ҟа метра ҳабжьан дареи ҳареи. Исзымгәаӷьит. Анцәа иҟынтә, урҭ ҳа ҳтәқәа ракәын, убри алагьы еиқәхеит", - иҳәеит аветеран Дбар.
Роман Рабаиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2020
"Арратә Ахьӡ-аԥша иаԥсоуп": аибашьра аветеран Роман Рабаиа Гагратәи ажәылара иазкны
Иури иара убас игәалаиршәеит Гагра ахақәиҭтәра иадҳәалоу ихамышҭуа хҭыск:
"Гагра агәахьы ҳхы хан ҳара. Шьапыла маҷгьы бжьаӡам. Ӡыда, фатәыда ицәгьоуп. Нас, аҩнеихагыла дуқәа рҟынтәи ҳаихсра иалагеит. Убасҟан раԥхьатәи ахәцәа ҟалеит. Аџьармыкьаҿы ҳнаӡарц акгьы ҳагымкәа, агранатаршәга зкыз Дутик инапы ахы ақәшәеит. Дҿаҳҳәеит, аха ԥхьаҟа цашьа имамызт. Иареи сареи ҳгьежьит шьҭахьҟа амедицинатә цхыраара иҭаразы. Убри иоуп раԥхьаӡа ихәны избаз. Ҳмашьына уа игылан, ацаԥхагьы уа иҭаршәын, издыруада, аӡәы иҭаххозар ҳәа. Гәдоуҭанӡа ҳмашьынала даазгеит. Саныгьежь Гагра абжа ргахьан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Иури.
Аветеран иажәақәа рыла, Гагра агара агәышьҭыхра ду ацын. Ҩымш рышьҭахь "Аӡиас хьшәашәа" (урысшә. - "Холодная речка") адесант ӡхыҵыр акәын. Урҭ ахҭысқәа дрылахәын Дбар. Ԥсоу аҳәааҿы инеитәымыз. Адесант анӡхыҵуаз аибашьра ӷәӷәа ҟалеит ҳәа азгәеиҭоит сзацәажәоз. Амҩаду ахь ицәырҵит, убас имхьаҵкәа аҳәааҟны инеит аԥсуа архәҭақәа. "Убасҟан иаразнак Аҟәаҟа ҳдәықәлазҭгьы, аибашьра еиҳа ирлас еилгар ҟалон. Ақырҭқәа абналара иалагахьан", - ҳәа иажәа иалеиҵеит аветеран урҭ амшқәа рзы ақырҭқәа шәаҟьаны ишыбналоз, аԥсуаа гәышьҭыхрала ишжәылоз дазхәыцуа.
Иури Дбар ихамышҭуа хҭысуп раԥхьаӡатәи ибла иабаз аԥсыҭбара. Уи адесант аӡхыҵра иадҳәалоуп. Аԥсуа архәҭақәа апансионат "Украина" аганахь ицон. Дрыцәҭахеит аҟабарда ҷкәын Ҳасан Алхасов:

"Даара дыҷкәына бзиан. Ҳара убри аамҭаз ақырҭқәа рҟынтәи иааиуаз ерманык даҳбеит. "Афатә аагара саарышьҭит" иҳәеит иара. Убри иҿахәы шиҿаҳхуаз, иҟоу иану шҭаҳҵаауаз ауп Алхасов иҭахара шыҟалаз. Сара искыз автомат аӡәы итәын. Ибрагим исиҭеит, изтәыз дыҟамызт азын. Уи зтәыз исҭахьан. Сандәықәлоз, аракета кажьга (ракетница) акәын искыз. Ус, хаҵак даацәырҵит, ар рымаҭәа ишәымызт. Сракетница ааиқәыскит. Зегь рабџьар иара иахь ахы дырхеит. "Унапы уҩах!" рҳәеит. Данҩаха автомат икызаарын дхысит ҳгәаҳҽанӡамкәа. Ахқәа иҭаз рыбжак зегь Хасан иаахеит. Ихысызгьы дыршьит аха, Хасан дҳацәҭахагәышьеит. Убри ақырҭуа иаҳшьыз иавтомат сара изгеит, убри атрофеи бџьар ала аибашьра сахысит", - ҳәа игәалашәарақәа сыцеиҩишеит Иури.

Ари ахҭыс ашьҭахь ақырҭқәа аиҿахысра шыҟаз анырба, ҳа ҳтәқәа ирыкәшо иалагеит. Иури иавтомат иҭаз апатронақәа зегь нҵәеит, аха нас аҷкәынцәа ирҭеит. Дбар дызлаз архәҭа ирылшеит ақырҭқәа рықәцара.
"Аӷа дааигәан, аха ҳкомандир дҳаҳәеит аԥшыхәра ҳцаны еилаҳкаарц аӷа дахьтәоу, дахьгылоу. Савтомат ахҭаҵараҭақәа (урысшә. - "рожок") нацҵаны иаашьҭыхны ԥшыхәра сцеит. 100 -150 метрак санца ашьҭахь избеит аколонна шцоз хыхьынтәи. Сара даҽа ганкахьала саҿаԥшуан дара зкыдыз ашьха. Иҟалон среихсыр, аха ибзианы сырбарҭан, сџьаԥҳаны рацәамызт, исылгон. Аҽыҵәахырҭагьы ыҟамызт. Схынҳәын, исҳәеит избаз. Нас, Ҳасан акы наиқәыршәны, ҵаҟа ҳалбаарц ҳаӡбеит. Ибрагим аԥхьа сара сцоит иҳәеит, машәырла ҳа ҳтәқәа ҳмеихсырц азы. Ҳасан иԥсы ахәанга ҭан, деиқәҳархоз џьаҳшьон. Нас, ҳанылбаа, ахәы дҿаҳҳәеит. Ирацәаны ахқәа иаахеит. Дҿан, 19-ҟа шықәса ракәын ихыҵуаз. Гәдоуҭаҟа ддәықәаҳҵеит, аха иԥсы еиқәымхеит", - абас игәалаиршәоит Гагра ахакәиҭтәра иадҳәалоу ахҭысқәа Иури Дбар.
Мамзышьха аҳаракыраҿы иҭахаз Нхыҵ Кавказтәи арԥарцәа рбаҟа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
Аԥсны
Машәыршәа акгьы ҟалом: хатәгәаԥхарала иҭахаз ргәалашәара иазкны
Иара дызлаз архәҭа аҳәааҿы ианнеи инаркны, Аԥсни Урыстәылеи еимаздо ацҳа рыхьчон аамҭак азы, уа апостқәа еиҿыркаанӡа. Уа игыланаҵы имаҷым ақырҭқәа бналаны ианцоз анышә иаҭаны ирҵәахыз аџьаԥҳаны ирыԥшааз. Зегь напхгара аиҭон акомандир. Урыстәылатәи ГАИ ахаҭарнакцәеи дареи аимадара рыбжьалеит усҟан. Уимоу, Иури иҳәеит "Урыстәылатәи ГАИ ахаҭарнак амшын аганахь зхы рханы ицоз "сушка" анырхала, имаз итапанча ала деихсуан аԥсуаа дрыцхраарц" ҳәа.
Аветеран ишазгәеиҭо ала, абарҭқәа рышьҭахь аԥсуа еибашьцәа еиҳа аԥышәа роуит. Иури иажәақәа рыла, ҳажәлар агәымшәара ду злоу роуп.
"Ус иҟан, ус иагьыҟалоит аринахыс. Усҟан иҟаз аҿари иахьатәиқәеи еиԥшуп. Иахьатәи аҿар ҳрықәгәыӷроуп. Ҳ-ДНК иалоуп афырхаҵара, ҳаибашьцәоуп ҳара. Хәба ҳәа аҵара зҵоз, аисра, аиқәԥара зҭахымыз аҷкәынцәа, аӷа данааи, ижәылеит. Уи иаанагоит - ҳара агәаӷь зызҭоу милаҭуп ҳәа. Аус злоу - аԥхьагыла дроуроуп ажәлар, усҟан ҳара Владислав Арӡынба дышҳауз еиԥш", - абас иажәа хиркәшеит "Агәымшәараз амедал" занашьоу Иури Дбар.
Санҵамҭа афырхаҵа иахьа 54 шықәса дырҭагылоуп. Дынхоит Аҟәа. Ҩыџьа аԥҳацәа драбуп, аибашьра ашьҭахь 2002 шықәсазы диит аҩбатәи иԥҳа Катерина. Амаҭа димоуп иԥҳеиҳаб лҟынтә. Аҳҭнықалақь "Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа" адиректорс аус иуеит.
© Foto / предоставил Иури ДбарИури Дбар иҭаацәеи иареи
Иури Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Иури Дбар иҭаацәеи иареи
Ажәабжьқәа зегьы
0