"Арратә Ахьӡ-аԥша иаԥсоуп": аибашьра аветеран Роман Рабаиа Гагратәи ажәылара иазкны

© Foto / из личного архива Романа РабаиаРоман Рабаиа
Роман Рабаиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа, жьҭаара 6 рзы иҵит 28 шықәса Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәуижьҭеи. Аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Роман Рабаиа еиҭеиҳәеит ари ахҭыс игәалашәараҿы ишаанхаз, насгьы ҳажәлар рзы ҵакыс иамаз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Роман Рабаиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналагаз аҽны, нанҳәа 14 рзы, Гәдоуҭа иҟаз Урыстәыла иатәыз архәҭаҟны, Петров зыжәлаз аполковник, адҵаҟаҵаҩ, мап шикуазгьы, Зураб Гыцбеи Игорь Аншбеи дрыцны ҩышә инареиҳаны автоматқәеи, ирзышьҭхуаз аџьаԥҳани ргарц аҭагылазаашьа иднарҟаҵеит.

Геннадий Цвижба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҵәыџьба Гагра араион ахақәиҭтәра амш азы: ҳгәырӷьара алахьеиқәрагьы ацуп

Адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы, Гәдоуҭа, Габечиа имҩеи авокзал азааигәареи инхоз ахацәа рҽеидкыланы Ешыраҟа рхы дырхеит, аха Гәдоуҭа ақалақьуаҩ Павел Арӡынба Гагра ауп иахьцатәу аниҳәа, автобус ала арахь идәықәлеит. "Красный крест" ҳәа иахьашьҭоу, Ԥсахара ақыҭан амҩа хада аԥхьа ацәаҳәа аанкыланы итәеит. Жәамш рышьҭахь, нанҳәа 26 рзы, аԥсуа гәыԥқәа Гагра ақалақь аҭарцәразы раԥхьатәи ажәылара аԥшьыргеит, бџьарла ишӷарызгьы. Ақырҭцәеи дареи рымчқәа ахьеиҟарамыз азы, аԥсҭбарагьы ҟалеит, аҵыхәтәаны шьҭахьҟа, аҩбатәи ацәаҳәахьы, Пицунда абжьаларҭа азааигәарахь ихьаҵыр акәхеит.

Роман Рабаиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далацәажәо, иҳәоит уи ҳажәлар рԥеиԥш шаӡбоз. Аԥхьаҟатәи ахҭысқәа идырҵабыргхьан абри амҩа ада ахақәиҭреи ахьыԥшымреи шаҳмоуаз.

"Жьҭаара 1, шьыбжьышьҭахь, аԥсуа гәыԥқәа Ҭемыр Надараиа, Михаил Қаԥшь, Џьонџьик Тәанба, Григори Еныкь, Шамиль Басаев, Џьумка Чрыгба, Закан Быҭәба, Роман Ҭарба, Ныгәзар Долбаиа уҳәа, зегь зныҭрыс исгәалашәом, саҭарымҵааит, ргәыԥқәа, амшын аҟәареи, амҩа хадеи, ашьхареи рыла цәаҳәа иашала Гагра ахырхарҭахь ҳаихеит акомандаҟаҵаҩцәа Сергеи Дбари, Геннади Ҷанбеи, Муҳаммед Кьылбеи аус здырулаз ажәыларатә план инақәыршәаны. Уи аҽны Ԥсахара ақыҭанӡа ҳааит. Жьҭаара 2, ашьыжь асааҭ фба рзы ақалақь ахь ҳаихеит", - игәалашәоит Роман Рабаиа.

Сергеи Дбар - Sputnik Аҧсны
"17-тәи", мамзаргьы "Аду": Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаразы

Роман Ҭарба идҵаҟаҵарала, Роман Рабаиа дызлаз агәыԥ аԥсыжырҭа аҟынӡа ианааи, убраацәҟьа ӷәӷәала аиҿахысра ҟалеит. Уи азымхошәа, ақырҭцәа ҳаирпланла ахымца рыжәырҵо иалагеит. Ԥсахаратәи анефттә база ахқәа анақәшәа, амца акит. Аибашьҩы иажәақәа рыла, убасҟан иԥжәазҭгьы, Гагра ақалақь абжа ажәҩан ахь ихалон. Аха анцәа ибазшәа арыцҳара ду ҟамлеит.

Ԥсахаратәи аԥацха абжьаларҭа аҿгьы ҳаибашьцәа аӷа аҿагылара риҭеит.

"Нанҳәа 26 рзы имҩаԥгаз раԥхьатәи иҳақәымҿиаз ажәылара ҳгәы бжьнаххьан, аха уажәшьҭа ԥхьаҟа ацара ада хәыцырҭа ҳамамызт. Иӡбахә сҳәар сҭахуп иҳацыз, 17 шықәса зхыҵуаз агранатаршәҩы Малыш Џьопуа. Иара дыхәҷшәа хаҵа нагак игәаӷьра иман. Малыш иҩызцәа аҿар ҳавагыламызҭгьы, аиаша шәасҳәап, ҳусқәа цәгьахон", - иҳәоит аибашьра аветеран.

Нана Акаба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Афырхацәа рымҩала: Акаԥҳа Гагра ахақәиҭтәра иазкны

Аԥсуа гәыԥқәа "Фонтан" ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟынӡа иааит. Ацхыраара арыҭаразы ирыхьӡеит БМП. Устәи ԥхьаҟа идәықәлеит. КБРЦ ахыбранӡа ҭынчран.

"КБРЦ ауп акаамеҭ ахьыҟаз. Аԥсуа гәыԥқәа рацәаны иадеизалеит ахыбра. Аҩнуҵҟа иҩназ ақырҭцәа, уантәи ахқәа ҳгәыдырҵон. Убри аҵакыраҟны ҳала шааԥшуаз аӷацәа дҭадырхеит Аԥсуа телехәаԥшра аоператор Анзор Кәарҷелиа. Пицундаа ргәыԥ адҵаҟаҵаҩ Ныгәзар Долбаиа иџьбарара збеит убраҟа. Маҷк ахысрақәа анеиқәтәа, агәыԥқәа ҳҽеиҩаҳшеит. Ҳара аихамҩа еихҵәаны ацҳахь ҳкылсит. Амҩа хада ҳшаныз амилицианӡа ҳнаӡеит. Уаҟагьы аӷацәеи ҳареи ҳаиҿахысит. Аԥсшьарҭа ҩны "17-тәи апартсиезд" азааигәара ҳҩыза аибашьҩы Алик Есава дырхәуеит, Игорь Григолиеи, ихьӡ сгәалашәом, бырзен ҷкәынаки ҭахоит. "Абааҭа" аԥхьа ишьыз рыԥсыбаҩқәа шьҭаҵаны, ҳара ԥхьаҟа ҳцар акәхеит. Ауха ҳаанҿасит аԥсшьарҭа ҩны "Украина". Уи еилызкааз ақырҭцәа ҳаирпланла еихсуа ианалага, аԥшьбатәи аихагыла амца акит. Ашәарҭара шыҟазгьы, ахыб ҳақәланы амца ҳарцәеит", - игәалашәоит Роман Рабаиа.

Шамиль Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Шамиль Аӡынба Гагратәи ажәыларазы: хыԥхьаӡарала ҳмаҷын, аха ҳтактика ӷәӷәан

Жьҭаара хәба рзы, ашьыжь аԥсуа еибашьцәа аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҟынтәи Ԥсоу ахырхарҭахь идәықәлеит. Дара ацхыраара роуит мшынла иӡхыҵыз Алхас Шамбеи иҩызцәа аҟабардақәеи рҟынтә. Шьхала илбааит Закан Быҭәбеи, Шамиль Басаеви, Роман Чрыгбеи уҳәа ргәыԥқәа. Ауха, Цандрыԥшь амҩеихшарҭаҟны ҳаибашьцәа аангылеит, ашьыжь инаӡеит Ԥсоунӡа.

"Ԥсоу ҳнеиаанӡа ақырҭцәа раӷьырак аҳәаа инхыҩрыла ицахьан. Ркомандаҟаҵаҩ Ҟарҟарашвили Сальма аганахь дыбналеит. Ҳара иаразнак ҳнапаҿы дааҳгартә еиԥш бџьарлеи џьаԥҳанылеи ҳаиқәшәамызт, аха иара аамҭа кьаҿ иалагӡаны Урыстәылантәи иаашьҭыз авертолиот ала дрыманы ицеит", - Ԥсоу рнеира атәы далацәажәоит аибашьҩы.

Жьҭаара 6, ашьыжь, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахашәыршәырит раԥхьатәи Аиааира иасимволхаз ҳбираҟ. Згәы меиҭаскәа, фырхаҵарыла аӷа иҿагылаз ахацәа убриаҟара ргәы ԥшааит, рылаӷырӡ рызнымкыло.

© Foto / из личного архива Романа РабаиаРоман Рабаиа
Арратә Ахьӡ-аԥша иаԥсоуп: аибашьра аветеран Роман Рабаиа Гагратәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны
Роман Рабаиа

Гагра араион ахақәиҭтәра ашьҭахь мышқәак ааҵуаны, жьҭаара 11 рзы ишьақәгылеит Аԥсны арбџьарамчқәа. Уи нахыс иаԥҵахеит абаталионқәа. Роман Рабаиа дахәҭакхеит Гагратәи агорнизон анапаҵаҟа иҟаз 1-тәи Цандрыԥшьтәи абаталион. Уи аамҭа-аамҭала дҵаҟаҵаҩцәас иаман Џьамал Чрыгба, Гәырам Допуа, Витали Чрыгба.

"Гагра араион аҭарцәрала ҳарҭ еибашьуаз аԥышәа ҳауит, ԥхьаҟатәи ажәыларақәа раан уи акырӡа ицхыраагӡахеит. Ҳажәлар рзы, Гагратәи Аиааира ҿамҩак аҳауа цқьа иаҩызахеит, гәыӷрахеит", - иҳәеит аибашьра аветеран.

Роман Рабаиа игәазыҳәарақәа иреиуоуп Гагра ақалақь "Арратә Ахьӡ-аԥша" аҳамҭа аиура. Ажәыларатә планқәа рышьаҭа ахьыркуаз, ахатәгәаԥхаҩцәа здызкылоз, ҳаибашьцәа ахеиқәырхаратә цәаҳәаны ирымаз Бзыԥҭа аҳабла акәзар, уи "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ иаԥсаны ибоит.

Аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Роман Рабаиа иахьа Гагратәи абыжьбатәи ахысратә бригада дҵаҟаҵаҩс дамоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0