Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амилициа аусзуҩцәа рганахь ала амчра зхы иазырхәаз аанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Анапаҵаҩра
Ашьаусҭҵаара инапы ианҵоуп Апрокуратура хада Ашьаусҭҵаара аусбарҭа аусҭҵааҩ.
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Гыд Царгәыш, Алиас Царгәыш, Омар Саӷариа рганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркуп амчра ахаҭарнакцәа рҟны амч рхы иахьадырхәази закәаншьаҭада абџьар амазаареи аныҟәгареи рзы. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Гыд Царгәыш даҵанакуеит АЗ ахәҭаҷ 207 ахә. 1; ахәҭаҷ 217 ахә. 1; ахәҭаҷ 320 ахә. 1 (ацәых-цәыфареи, закәаншьаҭада абџьар амазаара, амчра ахаҭарнак иганахь ала амч ахархәара). Алиас Царгәыши Омар Сагариеи аҵанакуеит АЗ ахәҭаҷ 320 ахә. 1 (амчра ахаҭарнак иганахь ала амч ахархәара).

Ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла, цәыббра 30 асааҭ 23:45 рзы ижәны иҟаз Гыд Царгәыш иҩызцәа Алиас Царгәыш, Омар Саӷариа ицны Гәдоуҭа аганахь рхы рханы ицон, ус ААИ "Приморское" иныдгылеит. Гыд Царгәыш бжьынтә иабџьар ажәҩан ахь ирханы дхысит (атапанча "Макаров").

Ахысыбжь заҳаз ААИ аусзуҩ амилициа алеитинант Бигәаа Г. ААИ ахыбра ддәылҵит. Гыд Царгәыш Бигәаа исра далагеит. Бигәаа ипҟара иалагеит Алиас Царгәышгьы Омар Саӷариагьы.
Ауаҟьанчаҟьанбжь заҳаз ААИ аинспектор, алеитинант еиҵбы Саҭбеи Ҟәыруа адәахьы ддәылҵит.
Алиас Царгәыш ААИ ахыбра асаркьа ԥиҽит, инапқәа ԥыҟҟаны Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь днаргеит.
Гыд Царгәыши Омар Саӷариеи ааныркылеит. Арҭ ахҩык рганахь ала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит мызкы ирбаандаҩызарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0