Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа иусԥҟала 15-ҩык арҵаҩцәа "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи арҵаҩ Имш (World Teachers' Day) есышықәса жьҭаара 5 азы иазгәарҭоит. Аныҳәа рылаҳәан ИуНЕСКО аҿы 1994 шықәсазы.
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала 15-ҩык арҵаҩцәа "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Мадона Ашәба - Аҟәа ақ. Н. Лакоба ихьӡ зху Ашьхарыуатәи абжьаратә школ №10 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;
Римма Аҩӡба - Аацытәи абжьаратә школ арҵара-ааӡаратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ;
Заира Бараҭелиа - А.П. Чехов ихьӡ зху абжьаратә школ №14 аԥсуа бызшәа арҵаҩы;
Роза Габлиа - Г.А. Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратә школ №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;
Шулиа Гәынба - Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ ԥасатәи абиологиа арҵаҩы;
Славик Гәынба - Т.Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҷандаратәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы;
Нанашьа Инаԥшьба - Аҟәа ақ. Е.А. Ешба ихьӡ зху абжьаратә школ №5 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;
Елеонора Калаиџьан - Иашҭхәатәи абжьаратә школ англыз бызшәа арҵаҩы;
Емма Кокосқьериа - Г.А. Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратә школ №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;
Наида Аламиа - Аҟәа ақ. Е.А. Ешба ихьӡ зху абжьаратә школ №5 арҵаратә хәҭа аиҳабы-аметодист;
Светлана Паншина - Т. Аџьапуа ихьӡ зху аҟәатәи аҟазара ашкол амузыка арҵаҩы;
Лариса Сурмава - Аҟәа ақ. Н. Лакоба ихьӡ зху Ашьхарыуатәи абжьаратә школ №10 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;
Бела Ҭаркьыл - Гәдоуҭа ақ. ахәыҷбаҳча №1 "Амра" аиҳабы;
Изольда Хьециа - Аҟәа ақ. Е.А. Ешба ихьӡ зху абжьаратә школ №5 аматематика арҵаҩы;
Џьумка Шьоуа - Маркәылатәи ашкол ԥасатәи абиологиа арҵаҩы.
Иара убас Иара убас, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара ранашьан: Е.Ешба ихьӡ зху абжьаратә школ №5 арҵара-ааӡаратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Нелли Ҭаркьыл, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху абжьаратә школ №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Нона Гьерхьелиа.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
Адунеизегьтәи Арҵаҩы Имш (World Teachers' Day) есышықәса жьҭаара 5 азы иазгәарҭоит. Адунеизегьтәи Арҵаҩы Имш азгәаҭара ИУНЕСКО иаԥшьнагеит 1994 шықәсазы, аҵараҟәша аусзуҩцәа рџьабааи, урҭ рзанааҭ ҭыԥс иааннакылои, ажәлар разхьарԥшра хықәкыс иҟаҵаны. 1994 шықәсазы официалла ЕАР ишьақәнарӷәӷәеит ари аныҳәа. Жьҭаара 5 1997 шықәсазы ИуНЕСКО аконференциа хада иаднакылеит ашәҟәы "Арҵаҩы истатус иазку". Арҵаҩы имш – ари аҳаҭыри ачҳареи еиҵагылоу абиԥара рдырра иасимволуп. Есышықәса ари аныҳәа темак иазкуп. 2022 шықәсазтәи атема - "Аҵарадырра атрансформациа арҵаҩ иҟынтәи иалагоит."
Ажәабжьқәа зегьы
0