Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахә иагхеит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМужчина на автозаправочной станции.
Мужчина на автозаправочной станции. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны абылтәы ахә алаҟәра Урыстәыла аахәаратә хәԥсақәа иахьрыгхаз иадҳәалоуп.
АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахә иагхеит ишьақәыргылоу ахәԥса ҿыцқәа инарықәыршәаны.
Жьҭаара 6, 2022 шықәсазы абылтәы АИ–92 алитр "Роснефть" аҿы 47 мааҭ иаԥсоуп, АИ–95 – 60 мааҭ, адизельтә былтәы – 67,5 мааҭ.
Аилахәыра "АзИд" аҿы АИ-92 - 49,5 мааҭ иаԥсоуп, АИ–95 – 58 мааҭ, ДТ – 64,5 мааҭ, "Подорожник" аҿы АИ-92 - 47 мааҭ иаԥсоуп, АИ–95 – 60 мааҭ, ДТ - 65 мааҭ.
Аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб ишиҳәаз ала Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны ареспубликаҿ аус ауеит апроцедура, зыҟны аахәаратә хәԥсақәа аҭиратә хәыԥса ианыруа.
"Ахәқәа рылаҟәра зхьырԥшу аҭиратә хәԥсақәа рылаҟәроуп", - ҳәа иҳәеит Амқәаб.
Иара иҳәеит аҵыхәтәантәи фымз рыҩнуҵҟа Урыстәыла заҵәык аҟынтәи ауп Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа ахьынтәаауа ҳәа.
Амқәаб иажәақәа рыла, абылтәыеилахәырақәа ес мзартә аамҭахҵәаха раалыҵ ахәԥсақәа шьақәдырӷәӷәалоит. Убри аан аекономика аминистрра ишьақәнаргылаз хыхьтәи ахәԥсатә ҳәаа иахымслароуп.
"Хымз-ԥшьымз раԥхьа аилахәырақәа рнапхгаҩцәа арзаҳалқәа рыман иаҳзааиуан, аахәаратә хәԥсақәа ирыцлеит – аҭиратә хәыԥсақәа ирыцҵатәуп ҳәа. Ақәҵара ари аҭагылазаашьа азыԥхьагәанаҭоит. Уажәы аахәаратә хәԥсақәа лаҟәит ҳәа ҳдырдырит. Уи инадҳәаланы аҭиратә хәԥсақәагьы еиҵахеит", - иҳәеит Амқәаб.
Аилахәыра "Апсны-Ойл" адиректор хада Олег Лакоба иҳәеит Урыстәыла аҵакыраҿы ахәқәа рлеира ишадҳәалоу ахәқәа реиҭахәаԥшра.
"Ҳара абылтәы еиҳа ахәқәа ахьмаҷу ҳаԥшаауеит, оперативла иааҳхәоит. Аекономика аминистрра хыхьтәи ахәԥсаҩаӡара шьақәдыргылоит, аха аларҟәра ҳҭаххар аӡәгьы мап ацәикуам", - ҳәа иҳәеит иара.
Лакоба иҳәеит иахьа Аԥсны АИ-92 Краснодартәи атәылаҿацә абылтәҭаҭәарҭақәа рҿы аасҭа ахә шымариоу.
Sputnik Аекономика аминистрраҿы ишазеиҭарҳәаз ала ахәқәа рылаҟәра зхьырԥшу аҭиратә хәԥсақәа рылаҟәроуп.
Аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб иажәақәа рыла Аминистрцәа реилазаара ақәҵара ашьаҭала Аԥсны абылтәы аҭиратә хәԥса алаҟәра аахәаратә хәԥсақәа иахьрыгхаз иадҳәалоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0