Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиашаҿ ауп амч ахьыҟоу: Владимир Путин идгылараз акциа мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Акция в поддержку России "Сила в правде"
Акция в поддержку  России Сила в правде - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адгылараз акциа "Аиашаҿ ауп амч ахьыҟоу" аԥшьыргеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥеиԥш".
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҿар Владимир Путин идгылараз акциа мҩаԥыргеит ахәаша, жьҭаара 7 рзы Аҟәа.
Ауснагӡатә мҩаԥысит Владимир Путин ииармш аҽны.
Аҿартә еиҿкаара "Аԥеиԥш" анапхгаҩ Саид Ҟәыланба иазгәеиҭеит ари акциа раԥхьатәи ишуснагӡоу "Аиашаҿ ауп амч ахьыҟоу" ацикл аҿы.
Аԥсны Ауаажәларратә палата ахаҭарнак Абесалом Кәарҷиа иҳәеит Владимир Путин Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵареи адгылареи рус аҿы ароль ду неигӡеит ҳәа. Кәарҷиа иажәақәа рыла иара амчрахь даннеи ашьҭахь ареспубликеи ажәлари рыԥсҭазаара еиҭакхеит.
Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуԥҳа лықәгылараҟны еиҭалҳәеит аҿар рполитикаҿы Аԥсни Урыстәылеи реинырра атәы.

"Аԥсни Урыстәылеи аиҩызаратә, агәреибагаратә, аҳаҭыреиқәҵаратә еизыҟазаашьақәа рымоуп. Аҳәынҭеилакы урыстәыла аҿартә аспорттә еиҿкаарақәа аус рыцнауеит. Аԥснытәи аҿар активла Урыстәыла имҩаԥысуа афорумқәа ирылахәуп", - ҳәа лҳәеит Воуԥҳа.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аусзуҩ Руслана Гьергьедааԥҳа иазгәалҭеит Владимир Путин ааԥхьара шыҟаиҵо аҳәынҭқаррақәеи ауаажәларрақәеи рыбжьара агәреибагареи, аиашареи, аламысцқьареи еидызкыло ауаа иргәыцәны иҟаларц.
Акциаҿ иқәгылоз зегьы ирҳәон Урыстәылеи Владимир Путини рполитика ишадгыло.
Ажәабжьқәа зегьы
0