Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп": 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Анапаҵаҩра
30 шықәса раԥхьа, жьҭаара 9 1992 шықәса рзы ақырҭуа гвардиауаа иҩны ддәылганы дыргеит уинахыс иахьа уажәраанӡагьы зыхабар ҟамлац аԥсуа поет, апатриот Таиф Аџьба.
Таиф Аџьба даныбжьадырӡуаз аламҭалаз Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшраз, итҟәашьа шыҟалаз, уи иԥшааразы иҭынхацәа ирыхҭыргаз, иара убас иҩызцәеи иуацәеи ргәалашәарақәеи зну анҵамҭа ҳадылгалоит Таиф Аџьба ианхәыԥҳа, Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Жьҭаара 9 1992 шықәса, асааҭ ҩба ҟаларц рацәак агымкәаны Аҟәа Аҳабла ҿыц аҩнеихагылақәа руак – Ӡержински иҩны 23-А (иахьатәи Гәымсҭатәи амҩа) ашҭа инҭалеит "ПАЗик" ҳәа изышьҭаз ақырҭуа гвардиауаа иртәыз амашьына. Дара автобус иааҭыҟьҟьан, рмашьына назыдгылаз аҩбатәи аҩналарҭа агәыргәыр рыхга инхалеит. Бџьарла еиқәных иҟан зегьы. Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь акәын, ҳаӷацәа зынӡа ижьышуа иҟан. Агвардиауаа ахьхалаз, Аҟәа иалахан иҟаз агәылацәа рҽахьеидыркылалоз акәын. Апоет Таиф Аџьба дынхон иара убри аҩнаҿы актәи аҩналарҭаҿы 5-тәи аихагылаҿы.
Рҽахьеидыркылалоз анџьныр, апатриот ду Џьота Амҷба иуадақәа рҿы акәын. Аҭынч ԥсҭазаараҿы Таиф агәылара, азлара шамаха џьаргьы ҽыхшьырҭас иҟаиҵомызт, аха иҟаз аҭагылазаашьаҿы агәылара амҩахыҵра адагьы ԥсыхәа ыҟамызт. Таиф еснагь дашьҭан аинформациа: "Вести" 11 сааҭ рзы сахәаԥшит, аха ҳа ҳтәы акгьы амҳәеит…", "Иахьа асааҭ 3 рзы "Новости" иаҳәеит Қьиҭовани аультиматум шыҟаиҵаз сентиабр 25 рҟынӡа Аԥсны иформалтәым архәҭақәа зегь аԥырхзарц..", "Асааҭ 11 уахынла "Вести" излаҳәаз ала, асессиаҿ Госсовет иақәыӡбеит Аԥсны азҵаара мчыла ирыӡбарц ахьырҭаху азы…" - абас еиԥш анҵамҭақәа ҳԥылоит апоет имшынҵаҿы...
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
"Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә": Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Аха, иҟан ателевизор акгьы анамҳәозгьы, Аԥсуа телехәаԥшра ацәқәырԥақәа анызцәырымҵуазгьы. Таиф игәыла Џьота Амҷба ақалақь аҿы адырцәа рацәаҩны иман, урҭ рҟынтәи иара иаҳақәоз маҷмызт. Таиф џьара иҳәоит Џьота ила ажәабжьқәа шеиликаауаз, убри аҟынтә ирлас-ырлас дара рахь дышнеиуаз.
"Џьота иԥшәмаԥҳәыс ақалақь аҿы илбеит ақырҭқәа рҽеиҵаҳәаны иалҵуа. Апаника хәыҷык ыҟазар ҟалап аԥсуаа аауеит ҳәа", - ануп Таиф жьҭаара 5, аҩаша иҟаиҵаз аҩыраҿы.
Усҟан Гагратәи ажәыларақәа анцоз акәын. Абарҭқәа зысҳәо, уи аҩнаҿы инхоз аԥсуаа аинформациа еимырдон, еиқәгәыӷуан.
"Ауадаҩра ҳанақәшәа, агәылацәа бзиақәа шҳамаз ҳбеит", - иҩуеит Таиф жьҭаара 6 рзы Џьота иҭаацәа рзы.
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2019
Ихнымҳәыз апоет: Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Апоет Таиф Аџьба ацәалашәара иоухьазар ҟаларын, изныкымкәа ианҵамҭақәа рҿы дара рахь инеир шалшоз дазхәыцуан, избанзар ибзианы еиликаауан Гагратәи ахҭысқәа ақырҭқәа акыр ирӷыӷкны ишыҟанаҵоз.
Жьҭаара 4, аҩаша – Гагра аҭарцәра ҩымш шагыз –имшынҵаҿы ианиҵоит абас: "Ҳлалбааргьы даара ҳаԥсы ӡаноуп ҳшеиҭанеиааиуа, иааҳадыххыланы, ҳшаԥсыуаау ааилкааны ҳаргар ауеит, аҩны иааины ҳаргаргьы ауеит...".
"Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп" ҳәа ҳарҳәоит апоет ицәаҳәақәа руак, аха "агәыӷра хароуп, аџьал ааигәоуп" шырҳәо еиԥш, зынӡа иааигәазаарын усҟан апоет инысымҩа хзыркәшоз амш….
Жьҭаара 9, 1992 шықәса, ахәаша, асааҭ ҩба ҟамлацкәаны апоет дахьынхоз ашҭа ицхлымуа иҭалаз ақырҭуа гвардиауаа Таиф иаџьал ааигәазтәыз ракәхеит…
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
"Сылахь иануҵаз сара сахьзавымсыз...": Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Таиф Џьотараа рҿы дыҟан уи аамҭазы. Апоет иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа рҿы илҳәоит:
"Афашистцәа (анемец фашистцәа - Е. К.) аҩны иакәшан ианааныркылоз акиноқәа рҿы избахьеит, убыс еиԥшҵәҟьа ҳаҩны ақырҭқәа акәшаны иркын, бџьарла еиқәныхны иҟан…" - ҳәа.
Иҟоуп агәҩара аӡәы ацәгьа иҳәаны, урҭ ақырҭуа гвардиауаа хықәкыла дара рахь ишнеиз, урҭ ирдыруан хымԥада аԥсуаа уа рҽеикыланы ишыҟаз. Џьота иԥшәмаԥҳәыс ишсалҳәахьаз ала, дара рахь ихалаз асиа ркын иргашаз ауаа рыжәлақәа зныз. Ақырҭуа гвардиауаа хаҭала ишиашаз ихалеит ҳара ҳтәқәа ахьтәаз. Уи зыбла иабаз ишырҳәо ала, аҩнқәа реимдара иалагеит иаразнак. Таиф, Џьота, иара убас даҽа фҩык раҟара агәылацәа леилакны игылаз апазик инҭаргалеит.
Римма иахьагьы лгәы иаланы илҳәоит Џьота ачхьарпқәа ишьан азы, иеимаа изаалгарц данлыҳәа, зыҩны аиларҩынтра иаҿыз иԥшәма Нелли Амҷыԥҳа илылҭаз аимаа ишьапы изырхьуаз шакәыз. Усҟан илызгәаамыгӡеит Нелли. Ашьҭахь уи еснагь лгәы иҵхоз зҵааран лдунеи лыԥсахаанӡа…
"Нас Нелли лыԥсахаара анааи, исзеиҭалҳәеит ишьапы изырхьуаз аимаақәа ракәзаарын. Абри есымша лгәы иҵхон", - лҳәоит Таиф иԥшәма иахьагьы.
Абарҭ аҭоурыхқәа иахьа ирыԥхьо еибашьратә детективушәа игәы иабаргьы ауеит, аха ҳҭазырхарц иҳақәлаз ргәымбылџьбара адунеи ианӡаломызт усҟан...
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2019
Лорка илахьынҵа зԥеиԥшыз: Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса ҵит
Таифраа анырга ашьҭахь, ирышьҭалеит, аӡәырҩы азыркит, аха рхабар еилкааӡамкәа ус аибашьра еилгеит... Римма лгәалашәарақәа иҳарҭо аинформациа ала, аибашьра анцоз иԥшаара лҵшәадахеит.
"Ҳашԥҳаи сареи (Џьота иԥшәмапҳәыс - Е. К) ҳҽеидкыланы ҳаҟан. Акыраамҭа ҳаауан ақалақь ахь шьапыла, рхабар ҳзыԥшаауазар ҳәа. МВД ҳҳәеит, арра акомиссариат ҳҳәеит (зны уа иҭакуп ҳәа ҳарҳәеит), аха рхабар ҳзымԥшааит. Таиф иидыруаз ақырҭқәа аӡәгьы дыҟамызт, Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҟны аус зуаз рыда. Џьота аҩызцәа рацәаҩны иман, избанзар Қарҭ акәын аҵара ахьиҵоз. Убарҭ иҩызцәа азылкит Нелли, аха рхабар ҳәа акгьы ҳамбеит…" - лҳәоит апоет иԥшәмаԥҳәыс, ажурнал "Алашара" аредакциа лгәалашәарақәа азныжьуа.
Апоет илахьынҵа абас заа иҿахҵәазаргьы, зегь акоуп иара дахьӡеит раԥхьатәи Аиааира – Гагра ахақәиҭтәра иазку ажәабжь аҩра:

"Иахьа асааҭ жәаҩеи ҩбеи рзы телехәаԥшрала ирҳәеит Гагра ахы иакәиҭыртәит ҳәа... Ҩбагьы, аабагьы, жәбагьы рзы ирҳәеит Аԥсны аҳәааҿы аԥсуа бираҟ шахадырсыз… Анцәа бзиала ҳзырша!". Уи хымԥада иара агәыӷра инаҭон Аиааира ду ҳара ишаҳгоз азы. "Ҳкурс хада – ахьыԥшымра азықәԥара ҳақәныҟәалароуп", - иҩуан иара аибашьра ианналагазгьы.

Апоет хабарада дыбжьаӡижьҭеи абар уажәшьҭа 30 шықәса ҵуеит, аха, изыхҟьазаалакгьы, илахьынҵа еилкаамкәа инхеит. Иҟоуп зхабар еилкаахаз иҭахаз аибашьцәа, аха Таиф Аџьба ицыргазгьы иаргьы Римма илҳәан еиԥш, "Гәырӡ, шашәаӡ иӡит, уаҳа рхабар ыҟаӡамкәан". Аибашьра анцоз аԥсуаа апротестқәа ҟарҵеит абри азы, ашәҟәқәа рҩит, адунеи иадырҳаит, аха акгьы алымҵит. Иахьа уажәраанӡагьы, иуацәеи иҭынхацәеи реиԥш, Аԥсны зегь азыԥшуп апоет иԥсырҭа аилкаара, иԥсы ҭаны дыҟоуп ҳәа азхәыцра уажәшьҭа иҵакыдазар акәхап...
Апоет иԥсыбаҩ анышә иамадоу, мамзаргьы уаҩԥсҵас ажра имоу - зеилкаара алымшаз маӡахеит. Идырзом акәымзар, ақырҭуа ган ак рмаҳацкәа, ак рзымдыркәа иҟаларым. Хаҭала, ари зыҩуа акырынтә Қырҭтәылатәи ажурналистцәа рахь ааԥхьара ҟасҵахьеит ихабар аилкааразы ацхыраара ҟарҵарц. Аха, макьаназы лҵшәа ыҟам...
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Аԥсны
Зажәа ахҭа иҭазыршәуаз апоет: Таиф Аџьба игәалашәара иазкны
1992 шықәса жьҭаара 9 рыҽны апоет имшынҵаҿы иҟоуп иара иҟынтәи иаҳзынхаз аҵыхәтәантәи ахәыцрақәа:
"Уажәы асааҭ жәаба ҟалахьеит, макьана ҭынчроуп, хысбжьы гом. Хьҭоуп, ақәа шналагара иҟоуп, иаҿыҵышәшәоит. Иацы Ельцин иҳәеит Шеварднаӡеи иареи Аҟәа амшын аҿы "ишу аҭыԥ аҿы" (урысшәала - горячая точка) ишеиқәшәо жәаха рзы. Жәаҩа рзы мчыла ҳабжьы ҳдырҭиир ҳәа сшәоит (1992 шықәса жьҭаарамза 12 рзы Қырҭтәыла имҩаԥнагаз апрезиденти, апарламенти, адепутатцәеи ралхрақәа) – ахыԥхьакра аҭахуп, аха ҳабацари...", - абас инҵәоит аибашьра анцоз апоет иҩуаз имшынҵа.
Таиф даныргоз аҽны, акрыфарагьы дахьымӡеит:
"Убри аамҭазы сара фатәык аҟаҵара саҿын. Ауаҩы зыԥсы ҭоу акрифалароуп, иаҳаулакгьы ак ҳаԥшаауан. Акрымфаӡакәаны дцеит иара…", - лҳәоит Римма, лыԥшәма даныргозтәи амш лгәаларшәо.
Анаҩс иацылҵоит зынӡа иҵыхәтәантәиу апоет ибла аҭаԥшра иадҳәалоу асахьа:
"Абыжьқәа аныцәгьаха, хыхьынтә саныԥшы, Џьотагьы Таифгьы шылбааргоз збеит. Ҳуаҭах ашәгьы асмыркит, сылбааит ашырҳәа ҵаҟа".
Усҟан аҩналарҭа илагылаз агвариауаҩ уахь лынашьҭра шиҭахымызгьы, Римма илулакгьы Таифраа зҭатәаз автобус ашә днылагылеит.
"Автобус иҭадыртәахьан. Саниба, Таиф, ус сеиҳәеит: "Абни амшынҵа ҵәахы, амшынҵа изыҩуаз ҵәахы; Неллигьы баргьы шәеицыз, шәеибахьча, ҳара ҳрыԥсахуазар акәхап, хьаас иҟабымҵан, бымшәан", - иҳәеит", - лҳәоит Римма.
Аибашьра шааилгазҵәҟьа, Аҟәа ҳанааи, сашьа Валентини, саҳәшьеиҳаб Иреи, сареи Таиф ихабар аилкаара ҳашьҭалеит. Ҳәанҳәахла иҳаҳахьан Аҟәа Аҭынчра апроспект аҿы иҟоу араионтә военкомат аҿаԥхьа Вианор Ԥачлиа иԥҳәыс дылбазшәа. Ҳара ҳнеит уи аԥҳәыс дахьынхоз, зынӡа авоенкомат иазааигәаан. Ҳлацәажәеит, аха иҳахәоз акгьы ҳалымҳәеит. Аибашьра анцоз авоенкомат аԥхьа цементла иҭарҭәоу ашәыгәраҿы иара иеиԥшыз аӡә дызбеит лҳәеит, аха уи апоет иакәу иакәму инҭкааны илзымҳәеит. Лара Таиф дылдыруан, дылбаҵәҟьар дышԥалзымдыррыз?..
Аҭак еилкааны ианаҳмоу, ақырҭқәа итҟәаны иргоз рӷьырак ҭакны иахьрымаз Аҟәатәи авоенкомат аӷәраҵахь (урысшә. - "подвал") ҳалбааит. Иахьеиԥш исгәалашәоит уаҟа ашьа зыхьшыз амаҭәақәа, агәабанқәа уҳәа, ԥсышьацәгьа зырҭоз ауаа ахьыҩнакыз ауада аҩнаԥшра шгәаӷьыуацәаз. Даара еилажьын уи аӷәраҵа.
Ус, ҳаныԥшы, ҳалаԥш иҵашәеит аҿы раҳаны иахькажьыз ашахмат ӷәы. Таиф ашахмат асра дазгаган, издыруада "иумаз нас, ада ухәарҭамзар ҳәа ирҭазар?" - абас иҟаз ахәыцрақәа аасыцралеит сахьгылаз. Аха, уа иҭакыз ауаа ашахмат иасуа иҟаларызма?! Издыруада уи аӷәраҵаҿ аибашьра иалагаанӡа џьоук ашахмат иасуаны ирцәынхазар?! Аҭак ҟазҵодаз?!
Ус џьоукы иҳарҳәеит "абра ааигәа дынхоит авоенкомат аҿы ԥссаҩыс аус зуаз аԥҳәыс" ҳәа. Таиф ипатреҭ усгьы иҳацын ҳахьныҟәоз. Ҳлышьҭалеит уи аԥҳәыс, аха лхабар ҳамбеит. Иҟалап аԥсуаа анааи ақалақь далҵзар. Абас, акыр шҭеи, акыр уадақәеи еимаҳдеит ҳара апоет ифото дырбо, аха мҩакы ҳақәызҵашаз информациак ҳмоуит…. Иахьагьы уи авоенкомат санаҩсуа, сгәы ааҭыԥсаауеит. Издыруада ара дҭакызҭгьы, издыруада уа иҩнажьыз ашахматқәа инапы рхьысхьазҭгьы? – абас иҟоу ахәыцрақәа сыжәлоит иахьагьы...
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2020
Иара аԥсҭазаара агәра игон, ма ииҳәарыз Таиф Аџьба иахьа дҳалагылазар
30 шықәса хабарда – уи иԥшу рзы хьаа цәгьоуп...
Саҳәшьа Римма еиҭалҳәеит иџьашьахәу аԥхыӡ - Таиф иҷкәын Алиас ԥҳәыс данига иадҳәалоуп иара:
"Иҷкәын Алиас ичара анаҳуаз, аҩны аԥхьатәи ауада хәыҷы аҿы дықәгьежьааны дкәашошәа ԥхыӡ дызбеит…" Ус анакәха, иара дахьыҟазаалак доуҳала иныруеит иҭаацәа рхабар. Таиф Аџьба даныргоз иҷкәын Алиас 10 класск рҿы дтәан. Иӡӷаб Алиса Аҟәатәи амедицинатә ҵараиурҭа актәи акурс даднакылт. Аибашьра ианалага, Гәдоуҭа агоспиталь аҿы ацхыраара ҟалҵон Алиса.
© Foto / из личного архива семьи Аджба

Таиф Аџьбеи иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи

Таиф Аџьбеи иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи - Sputnik Аҧсны
1/3

Таиф Аџьбеи иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа

Таиф Аџьба иҭаацәеи иареи

Таиф Аџьба иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
2/3

Таиф Аџьба иҭаацәеи иареи

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа

Римма Коӷониаԥҳа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Алисеи, Алиаси, Таифи Аџьаа

Римма Коӷониаԥҳа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Алисеи, Алиаси, Таифи Аџьаа - Sputnik Аҧсны
3/3

Римма Коӷониаԥҳа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Алисеи, Алиаси, Таифи Аџьаа

1/3

Таиф Аџьбеи иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи

2/3

Таиф Аџьба иҭаацәеи иареи

3/3

Римма Коӷониаԥҳа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Алисеи, Алиаси, Таифи Аџьаа

1993 шықәса аӡын анҵәамҭазы Гәдоуҭа саннеи, Алиас иаб иаҳәшьа Нанаа ирымаз лҿы Блабырхәа дыҟоуп рҳәеит. Сдәықәлеит дызбаразы. Шьхароуп дара ахьынхоз. Саннеи, дхәыҷуп ҳәа сызхәаԥшуаз Алиас амҿыԥҟара даҿын, иаҳәшьаду длыцхраауан. Ибла ахыԥшылара сзымгәаӷьит, иаб илакҭа иеиԥшуп цәгьала, сиҿамԥшкәа ауп аԥсшәа шиасҳәазгьы. Таиф ихшара уамак раб иуахҭа алацәажәара бзиа ирбаӡом, ирцәыуадаҩуп…. Иахьа ари анысыҩуа, ирызҳауеит Таиф Аџьба ила иамбаз имаҭацәа хәҩык, Алиас итәқәа ҩыџьа, Алиса лтәқәа хҩык. Иара убас, иԥҳа лмаҭагьы диит аабыкьа.
© Foto / Предоставлено семьей Таифа Аджба

Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи, иԥҳа Алисеи, иԥа Алиаси, иҭацеи, имаҭацәеи

Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи, иԥҳа Алисеи, иԥа Алиаси, иҭацеи, имаҭацәеи - Sputnik Аҧсны
1/8

Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи, иԥҳа Алисеи, иԥа Алиаси, иҭацеи, имаҭацәеи

© Foto / Предоставлено семьей Таифа Аджба

Таиф Аџьба иҭаацәа

Таиф Аџьба иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
2/8

Таиф Аџьба иҭаацәа

© Foto / Предоставлено семьей Таифа Аджба

Римма Коӷониаԥҳаи лԥа иҟынтәи лмаҭацәеи

Римма Коӷониаԥҳаи лԥа иҟынтәи лмаҭацәеи - Sputnik Аҧсны
3/8

Римма Коӷониаԥҳаи лԥа иҟынтәи лмаҭацәеи

© Foto / Предоставлено семьей Таифа Аджба

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭацәеи

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭацәеи - Sputnik Аҧсны
4/8

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭацәеи

© Foto / Предоставлено семьей Таифа Аджба

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭацәеи

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭацәеи - Sputnik Аҧсны
5/8

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭацәеи

© Foto / Предоставлено семьей Таифа Аджба

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭеи

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭеи - Sputnik Аҧсны
6/8

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭеи

© Foto / Предоставлено семьей Таифа Аджба

Таиф Аџьба иԥҳа Алиса лҭаацәеи лареи

Таиф Аџьба иԥҳа Алиса лҭаацәеи лареи - Sputnik Аҧсны
7/8

Таиф Аџьба иԥҳа Алиса лҭаацәеи лареи

© Foto / Предоставлено семьей Таифа Аджба

Таиф Аџьба имаҳәи имаҭацәеи

Таиф Аџьба имаҳәи имаҭацәеи - Sputnik Аҧсны
8/8

Таиф Аџьба имаҳәи имаҭацәеи

1/8

Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи, иԥҳа Алисеи, иԥа Алиаси, иҭацеи, имаҭацәеи

2/8

Таиф Аџьба иҭаацәа

3/8

Римма Коӷониаԥҳаи лԥа иҟынтәи лмаҭацәеи

4/8

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭацәеи

5/8

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭацәеи

6/8

Римма Коӷониаԥҳаи лмаҭеи

7/8

Таиф Аџьба иԥҳа Алиса лҭаацәеи лареи

8/8

Таиф Аџьба имаҳәи имаҭацәеи

Таиф Аџьба илахьынҵа аилкаара жәлары зегьы ззыԥшу акоуп. Аҳәара сцәыуадаҩуп Аԥсуа ҳәынҭқарра иалшаз зегь ҟанаҵоу иҟанамҵоу? Хабрада ибжьаӡыз рыԥшаарзы Адунеижәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь ахаҭарнакцәа имҩаԥырго аусқәа ирыбзоураны "12 шықәса рыбжьара 44-ҩык аԥсуа еибашьцәа рлахьынҵа еилкаахеит, рыԥсыбаҩқәа рҭаацәа ирыҭоуп". Таиф иҭаацәагьы ДНК-анализқәа арҭеит, издыруада, иара иԥшаарагьы алшахап ҳәа игәыӷны.
Апоет иуахҭа ҳара ҳтәылуаа реиԥш хьаас ишьҭырхит Урыстәыла аҵара ицызҵоз иҩызцәагьы. Абар илыҩуа 1983 шықәсазы Москва алитературатә курсқәа рҿы аҵара ицызҵоз, иажәеинраалақәа аурысшәахь еиҭазгоз Татиана Брыксина:
"В Таифе Аджба меня более всего поражала его мужская сосредоточенность, строгая скромность и доброжелательность к людям".
Лара Москва Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы илаҳаит апоет изыруз... Иахьа Волгоград инхо ашәҟәыҩҩы даара деигәырӷьеит Таиф иҵкару лҟынтә игаз аҭел абжьы.
"Даара дуаҩ бзиан, ус иҟоу ауаа шамаха исԥымлац. Уи иршуаз акаҳуа афҩы уажәгьы хашҭшьа сымам. Азеиԥшынхарҭаҿы аимадара ҳаман ибзианы, ажәеинраалақәа ҳрыԥхьон, нас еиҭаҳгон. Сара иара итәқәа еиҭазгаз идикылт ибзианы", - лҳәеит Татиана, сҭел абжьы акыр лгәы арԥшааны.
© Foto / Предоставлено семьей Таифа АджбаТатиана Брыксина, Таиф Аџьба иҩымҭақәа аурысшәахь еиҭазгоз
Татьяна Брыксина, друг Таифа Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Татиана Брыксина, Таиф Аџьба иҩымҭақәа аурысшәахь еиҭазгоз
Лыԥшәма, ашәҟәыҩҩы Васили Макееви лареи 2007 шықәсазы Пицунда иҟан. Усҟан еиқәшәеит Таиф иԥшәмаԥҳәыси дареи. Уи иабзоураны Усҟан Брыксина лнапаҿы илоуит аурысшәахь еиҭагаз апоет имшынҵа.
"Год я читаю эту маленькую книжку, время от времени достаю снимок погубленного друга и плачу, плачу. Смерть в любом случае горька, разумеется, но дневниковые записи Т. Аджба – документ особый и трагедия особая…".
Анаҩс, "Свободная Родина – лучший памятник поэту!" захьӡу астатиа лҩит лара.
"За что убили его – тихого, деликатного, мирного интеллигента? За любовь к Абхазии?" - ҳәа азҵаара ықәлыргылоит, апоет илахьынҵа лзымбатәбараханы.
Татиана уа Москва аҵара анеицырҵоз аурысшәахь еиҭалгахьан уажә зцыԥҵәаха аазго "Асыԥса" захьӡу Таиф 1983 шықәсазы Москва даныҟаз ииҩыз афилософиатә жәеинраала:
Амҩан иацло, иацло, иацло –
Уи убас еиԥш азҳахьеит –
Иаҭахӡамзаргь шьҭа ахьаҵра –
Хьаҵшьа шамам абахьеит…
***
Чем ближе к обрыву, тем круче волна
Безумного снега… Лавина завыла, -
Она над собою уже не вольна,
Несет ее дикая вольная сила.
Брыскина ари ажәеинраала еиҭалгеит лаҵарамза 1985 шықәсазы. Аамҭа анца, Таиф изку лгәалашәарақәа рҿы апоет алаԥықәшәа шиоухьаз дазхәыцуеит:
"Поэт словно предвидел грядущую лавину черного времени…", - лҳәоит лара.
Агәалашәаратә жәеинраала иҩит уи лыԥшәма Васили Макеевгьы:
Поэт рожден для песни, не для драки,
Был грустноглаз и обожал семью.
Какой же грех, надменные вояки,
Вы приняли на голову свою?!...
© Foto / из личного архива семьи Аджба

Таиф Аџьбеи (арӷьарахь), апоетесса Белла Ахмадулинеи ашәҟәыҩҩы Витали Амаршьани

Таиф Аџьбеи (арӷьарахь), апоетесса Белла Ахмадулинеи ашәҟәыҩҩы Витали Амаршьани - Sputnik Аҧсны
1/7

Таиф Аџьбеи (арӷьарахь), апоетесса Белла Ахмадулинеи ашәҟәыҩҩы Витали Амаршьани

© Foto / из личного архива семьи Аджба

Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи Москва

Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи Москва - Sputnik Аҧсны
2/7

Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи Москва

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаАшәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакциаҿы (арӷьарахьтә армарахь): Таиф Аџьба, Руслан Қапба, Нели Ҭарԥҳа, Владимир Басариа, Сергеи Кәыҵниа
Ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакциаҿы (арӷьарахьтә армарахь): Таиф Аџьба, Руслан Қапба, Нели Ҭарԥҳа, Владимир Басариа, Сергеи Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
3/7
Ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакциаҿы (арӷьарахьтә армарахь): Таиф Аџьба, Руслан Қапба, Нели Ҭарԥҳа, Владимир Басариа, Сергеи Кәыҵниа
© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа

Таиф Аџьбеи иколлегацәеи

Таиф Аџьбеи иколлегацәеи - Sputnik Аҧсны
4/7

Таиф Аџьбеи иколлегацәеи

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа

Арӷьарахьтә армарахь: Таиф Аџьба, Иван Саӡба, Ҳақыбеи Кәарсаиа

Арӷьарахьтә армарахь: Таиф Аџьба, Иван Саӡба, Ҳақыбеи Кәарсаиа  - Sputnik Аҧсны
5/7

Арӷьарахьтә армарахь: Таиф Аџьба, Иван Саӡба, Ҳақыбеи Кәарсаиа

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа

Наҟ-ааҟ игылоуп Таиф Аџьбеи Анатоли Аџьынџьали, рыгәҭаны – Лиудмила Аргәынԥҳа

Наҟ-ааҟ игылоуп Таиф Аџьбеи Анатоли Аџьынџьали, рыгәҭаны – Лиудмила Аргәынԥҳа  - Sputnik Аҧсны
6/7

Наҟ-ааҟ игылоуп Таиф Аџьбеи Анатоли Аџьынџьали, рыгәҭаны – Лиудмила Аргәынԥҳа

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа

Таиф Аџьбеи Иван Саӡбеи

Таиф Аџьбеи Иван Саӡбеи - Sputnik Аҧсны
7/7

Таиф Аџьбеи Иван Саӡбеи

1/7

Таиф Аџьбеи (арӷьарахь), апоетесса Белла Ахмадулинеи ашәҟәыҩҩы Витали Амаршьани

2/7

Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи Москва

3/7
Ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакциаҿы (арӷьарахьтә армарахь): Таиф Аџьба, Руслан Қапба, Нели Ҭарԥҳа, Владимир Басариа, Сергеи Кәыҵниа
4/7

Таиф Аџьбеи иколлегацәеи

5/7

Арӷьарахьтә армарахь: Таиф Аџьба, Иван Саӡба, Ҳақыбеи Кәарсаиа

6/7

Наҟ-ааҟ игылоуп Таиф Аџьбеи Анатоли Аџьынџьали, рыгәҭаны – Лиудмила Аргәынԥҳа

7/7

Таиф Аџьбеи Иван Саӡбеи

Имаҷым Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга иагәылоу агәалашәарақәеи, изку ажәеинраалақәеи. Ус анакәха, апоет илахьынҵа аилкаара иазхьуа рацәаҩуп, ииашоуп, урҭ рыбжьара ирацәаҩуп здунеи зыԥсаххьоу, уи амш иахьымӡаз иҩызцәагьы. Таиф аурысшәахь деиҭазгоз Иури Лакербаи иакәзар, идунеи иԥсахаанӡа 2001 шықәсазы апоет игәаларшәаразы инижьит абас иҟоу ацәаҳәақәа :
Всех погребли. Твоих останков нет.
Сожжен? Растерзан? Скормлен псам бродячим?
Не ополченец, не солдат. Поэт.
На звездных тропах поводырь незрячих.
Куда идти нам, брат ты наш Таиф!
Таиф иҩыза апоет Рауль Лашәриа акымкәа ажәеинраалақәа изикит злахьынҵа еилкаамхаз иҩыза. Убарҭқәа рыдагьы, Лашәриа иҩит апоети иареи знысыз амҩа иазку агәалашәарақәа. Иҩыза илахьынҵа шхьааигоз ари адунеи аанижьит Рауль. Абар уи зыршаҳаҭуа ажәеинраала "Адоуҳауаҩ" ацыԥҵәаха:
Умшқәа лагоуп сақәшәа шылан,
Уџьынџь ахахәс уцеит уара.
Убла изымбо – схыԥшыло,
Сузыӡырҩлап сгәазхара….
Абас иҟалеит апоет хабар зцым илахьынҵа. Иури Лакербаи "В твоих же песнях ищем утешенья!" шиҳәаз еиԥш, инижьыз ирҿиарала ҳгәы ҟычо инаскьаҳгоит ҳаԥсҭазаара амшқәа… 53 шықәса дырҭагылан 1992 шықәсазы Таиф Аџьба. Ирҿиаратә лшарақәа рӷьырак раарԥшра дахьымӡакәа аӷа димпыҵашәеит... Апоет ихаҭа иажәеинраалақәа рҿы илахьынҵа философиатә ҟазшьала дазнеиуан. Иахьа зыԥсыжырҭа еилкаам апоет абар заа иҩхьаз ацәаҳәақәа:
Анышә - сара сцәа-сжьы
Зфалак – зегь еиԥшуп,
Сыԥсы цқьеи сылша цқьеи
Сыԥсадгьыл иатәуп…
книга Таифа Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Аԥсны
Атест: иацышәҵа апоет Таиф Аџьба еицырдыруа ицәаҳәақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0