Росавиациа Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗапуск прямых рейсов из Владивостока в Санкт-Петербург компанией "Аэрофлот"
Запуск прямых рейсов из Владивостока в Санкт-Петербург компанией Аэрофлот - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2022
Анапаҵаҩра
Аҳаиреилахәырақәа ирабжьгоуп Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Ставрополь, Москва рҟны аҳаирбаӷәазақәа ахархәара рыҭалазарц.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп жьҭаара 22 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит Росавиациа.
"Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп 2022 шықәса жьҭаара 22 асааҭ 03:45 рҟынӡа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥны аус шыруц ируеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0