Риши Сунак Великобританиа аԥыза-министрс дҟалеит

© AFP 2023 / DANIEL LEALРиши Сунак
Риши Сунак - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2022
Анапаҵаҩра
Сунак аԥыза-министррахь иаӡәзаҵәыку кандидатны дҟалеит Пенни Мордонт лкандидатура анықәылга ашьҭахь.
АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Великобританиа уаанӡатәи афинансқәа рминистр Риши Сунак Великобританиа аԥыза–министрс дҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Аконсервативтә партиа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аиҳабыра ахада ҿыц иаӡәзаҵәыку кандидатны дҟалеит Пенни Мордонт лкандидатура анықәылга ашьҭахь. Аԥыза-министрра мап ацәикит Борис Џьонсонгьы.
Сунак, 42 шықәса зхыҵыз Еиду Акралраҿ еиҳа еиҵбу ԥыза-министрхеит аҵыхәтәантәи 200 шықәса рыҩнуҵҟа. Уаанӡа иара иқәлаз алорд Ливерпуль аиҳабыра дырхагылан 1812 шықәсазы. Зегьы иреиҵбаӡаз Уилиам Питт-аиҵбы аԥыза-министрс дҟалеит 24 шықәса анихыҵуаз, 1783 шықәсазы.
Лиз Трасс жьҭаара 20 рзы ԥхьатәара дышцо азы аҳәамҭа ҟалҵеит. Лара ари аҭыԥ аҿы 44 мшы дыҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0