Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны 118 тонна ацитрусқәа аҳәаа иахыргахьеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Сбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵахьан 2022 шықәсазы атәыла анҭыҵ иршьҭо ацитрусқәа 50 000 тонна инаӡар алшоит ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Асезон иалагазар Аԥсны 118 тонна ацитрусқәа атәыла анҭыц идәықәырҵахьеит ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
2021 шықәса абри аамҭазы атәыла иалыргахьан 367 тонна. Лабахәуа иазгәеиҭеит сынтәатәи аҽаҩра ҵыԥхтәи арбагақәа ишреиҳау, уи ус шакәу ацитрустә нхамҩақәа ишышьақәдырӷәӷәо.
"Сынтәа анхамҩақәа зегьы иазгәарҭоит аҽаҩра бзиа шыҟоу", - ҳәа иҳәоит иара.
2021 шықәсазы Аԥснынтә Урыстәылаҟа иахыган 21 000 тонна ацитрусқәа уснагӡала 27 000 тонна ахьарбаз.
Уаанӡа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа аҳәамҭа ҟаиҵахьан 2022 шықәсазы атәыла иахырго ацитрус шәырқәа 50 000 тонна инаӡар алшоит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0