Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҩызла иаамҭоуп: Кәтол ажь шырҭаауа, аҩы шыҟарҵо атәы

Анапаҵаҩра
Аԥсны жьҭаарамзаз ажьҭаара иашыкьамҭоуп. Сынтәа амшцәгьақәа ирыхҟьаны аҽаҩра маҷхеит, аха зыфҩы лаҳа-лаҳуа ажь уи ахаҭабзиара иаԥырхагам.
Демур Какалиа Кәтол ихатәы ӡахәаҭраҿ мышқәак раахыс иҭаацәеи иареи ажьҭаара иаҿуп.
Араҟа иазҳауеит ԥшьнызқь шьапы инеиҳаны аҷандаратәи аҳарданжьи акаҷыҷи рнаҩс америкатәи аҳардан ажьхкгьы. Сынтәа аӡысаамҭа иахҟьаны аҽаҩра рацәамхаӡеит, аха аԥшәмацәа гәыӷуеит аҩы бзиахап ҳәа.
Ахатәы аҩыҟаҵарҭа "Шато-Кәтол" нап аркын быжьшықәса раԥхьа. Аҟәа иааӡаз азиндырҩы Демур Какалиа иабацәа рыҩны Кәтол ақыҭа аӡахәа аиҭаҳара аниӡб инаркны. Раԥхьа ус аамҭа алеихигарц далагеит, анаҩс анаплак ду ахь ииасит.
Демур аҩы аиаҳәаҟны ихәоит афымцатә хәагала, анаҩс иаҵхны ауалырқәа ирҭеиҭәоит. Ааигәа иаалыҵ абаҭлыкақәа ирҭеиҭәо далагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0