Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагԥҳа аԥсышәала ацәажәаразы: шьцылароуп, иумҳәар - иԥсыҽхоит

Ҳагԥҳа аԥсышәала ацәажәаразы: шьцылароуп, иумҳәар, иухашҭыр алшоит
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа мчыбжьык аԥсышәала мацара ицәажәалоит ҳәа раԥшьгамҭа иахылҿиааз, насгьы уи шрықәҿиаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аконгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы аҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа Ахатәы бызшәа амш аламҭалаз ирыӡбеит аусураҿы мчыбжьык инеиԥынкыланы аԥсышәала ицәажәаларц, убри аан аурысшәа алазҵаз ахараԥса иқәҵахон.
"Абызшәа ззымдыруа дҳамаӡам, аха абас инеиԥынкыланы аԥсышәала, аурыс аламҵакәа иаҳцәыцәгьоуп ацәажәара, аха ҳагәҭакы даара иҳақәҿиеит ҳәа исыԥхьаӡоит", - азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагԥҳа.
Изольда лгәаанагарала, ухатәы бызшәала ацәажәара - уигьы шьцылароуп.
"Ухатәы бызшәала ацәажәара уашьцыламзар - иԥсыҽхоит, ужәаргьы кьаҿхоит. Авидео аҿы ачашә азы "ахаҷапыр" сҳәеит, сшашьцылахьоу еиԥш. Ус шьҭа уаҳа шаҟа исымҳәара, аха усоуп ишыҟалало. Сара англыз бызшәа дсырҵон, издыруеит, иуҵаз абызшәа уаламцәажәар, ажәақәа ухашҭуеит. Англыз бызшәа ара ахархәара амаӡамызт азы исхашҭуеит, ус ухатәы бызшәагьы иахьуеит. Ушазнеиуа еиԥш ауп ишыҟоу. Иуцәыӡыр алшоит. Ухы уақәгәыӷны ишуҭаху узымцәажәар ҳәа ушәо уалагоит. Уи проблемоуп", - лҳәеит Ҳагԥҳа.
Ҳагԥҳа иазгәалҭеит аԥсышәала ацәажәаразы аԥшьгамҭақәа хәыҷык алахҿыхра рылазар, хәыҷгьы-дугьы иргәаԥхарын, ирнааларын, даргьы ус еиԥш иҟарҵар рылшарын.
Ажәабжьқәа зегьы
0