Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷелиаԥҳа амаҵурауааи арҵаҩцәеи рзанааҭ азҟазара аизырҳара атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷелиаԥҳа амаҵурауааи арҵаҩцәеи рзанааҭ азҟазара аизырҳара атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә маҵурауааи арҵаҩцәеи рзанааҭ азҟазара аизырҳара акурсқәа мҩаԥнагоит Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет. Ари Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи Урыстәыла аҭҵарадырреи иреиҳау аҵареи рминистрреи еицырзеиԥшу проектуп. Арҭ амшқәа рзы имҩаԥысуа алекциақәа - асеминарқәа ахьынӡацхыраагӡоу, адыррақәа реизырҳаразы аԥышәа аимадара наҟ-ааҟ алахәцәа ирнаҭо атәы еиҭалҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ, апроект аҳәаақәҵаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
"Ҳәарада, ари ихымԥадатәиу усуп. Арҵаҩцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа зегьы есышықәса уи иахыслар акәын, аха хәыҷык иаҳцәыбжьахеит еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны. Акурсқәа хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит. Усбарҭақәак рҟынтәи аусзуҩцәа Ставрополь иҟоу Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет ахь иргоит, уа апрактикаҟны иддырбоит еиуеиԥшым азнеишьақәа, аметод ҿыцқәа. Иаҳҳәап, аргылаҩцәа аҭыԥан иддырбоит аус шыруа. Дара акурсқәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла иҟоуп: азиндырҩцәа, аекономистцәа, егьырҭ азанааҭқәа змоу рзы. Акурсқәа мҩаԥысуеит жьҭаара инаркны ԥхынҷкәынынӡа, дара хәҭа-хәҭала еихшоуп, аусбарҭақәа зегьы ирхысроуп. Хәҭак онлаин аформат ала иахыслоит, егьи арҵаҩцәа хаҭала иааны имҩаԥыргоит", - лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0