Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥлиаԥҳа: азакәан аԥызҵо ауаҩы адыррақәа рыдагьы, аԥсҭазааратә ԥышәа имазароуп

Ԥлиаԥҳа: азакәан аԥызҵо ауаҩы адыррақәа рыдагьы аԥсҭазааратә ԥышәа имазароуп
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиеи асоциологиеи ркафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы "Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа ралхразы" азакәан иалагалаз аԥсахрақәа ахҳәаа рылҭеит.
Апарламент адепутатцәа "Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа ралхразы" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит аҵыхәтәантәи аԥхьарала. Аԥсахрақәа инарықәыршәаны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит алхра аҽны 25 шықәса зхыҵхьоу, иреиҳау аҵара змоу ахаҿы.
Ԥлиаԥҳа еиҭалҳәеит адепутат уалԥшьас иду азакәанқәа рыдкылараан, убри аан иазгәалҭеит егьырҭ ажәларқәа рҿы иҟоу азакәанқәа ҳара ҳҿы аус шырымуа.
"Адепутатцәа ҳара рыгәра ганы инаагаз роуп, аха сара рҵаҩык иаҳасабала сахәаԥшуазар, исымоуп астудентцәа, 24-25 шықәса зхыҵуа, убри уаҵәы депутатс дҟауҵар, изышьҭыхӡом "еидара". 25 шықәса зхыҵуа дагьхәыҷӡам, иқәрагьы дууӡам, аха азакәан аԥызҵо ауаҩы аԥсҭазааратә ԥышәа имазароуп, адырратә ԥышәа имазароуп, ажәлар рҟны аусура аԥышәа имазароуп. Ауниверситет иалгаз адырра имазар ауеит, аха аԥсҭазааратә ԥышәа - акагьы. Адырра мацара ауаҩы ихәаӡом, инеиԥшьны иҟазароуп. Имаҷзароуп зықәра маҷу ауаа адепутатраҿы", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0