Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳџьынџьуаа ркатегориақәак рынхарҭа ҭыԥқәа рзы аԥарашәараҟынтә рхы иақәиҭыртәит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание репатриации
Здание репатриации   - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Анапаҵаҩра
Аусԥҟа анагӡара ахылаԥшра анапы ианҵоуп Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Аҳәынҭқарратә еилакы.
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ирыдыркылеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи анхарҭа ахатәтәрахьы рыҭараан альготақәа рыҭаразы" аусԥҟа.
Анхарҭа ахәшәара аҟынтә ахақәиҭтәра рыҭоуп Умут Агрба, Џьульетта Аҭружба, Абраскьыл Ачыгәба, Альдона Џьалаӷониа, Есме Кудба, Хаири Қәҭарба, Роланд Папба, Мамука Чазмаа, Хабас Шереметов, Екрем Ешба, Бакир Мунир Абдел Салам-иԥа.
Иара убас альготқәа иҭоуп Аԥсны атәылауаҩ Бакир Мунир Абдел Саламович.
Аиҳабыра русԥҟа рыдыркылеит атәылауаа рырзаҳалқәеи Аҳәынҭқарратә еилакы азыҳәеи инарықәыршәаны.
Вид на сухумскую бухту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра "Анхарҭа-2022" апрограмма аԥаразоужьра иацнаҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0