Уҿаӡы аазго: ҽаҩраҭагалан аҟәатәи аџьармыкьаҿы

Анапаҵаҩра
Sputnik афотолентаҿы шәахәаԥш аҟәатәи аџьармыкьаҿы иуԥыло ԥштәырацәала, гьамахыркыла еилаԥсоу, уҿаӡы аазго аҽаҩра афотосахьақәа.
Аԥсшьаразы акадифаамҭа алызхуа ауаа Аҟәаҟа иаар, хымԥада аҭыԥантәи аџьармыкьа иаҭаароуп. Ара уахьынаԥшлакгьы улаԥш иҵашәоит ари ҽаҩраҭагалан еиныргало ашәырхкқәеи ауҭраҭыхқәеи зеиуахк уҭаху – афеихоа, акоролиок, ахәырма, ахьа, аҵәа, ҳәара аҭахума - раԥхьатәи амандаринақәа. Урҭ макьана цқьа имҩежьхахьазаргьы, ргьама бзиахахьеит.
Аџьармыкьаҿ шәнеизар, хымԥада шәаҩымсроуп аџьынџьыхәа, амала ажьырӡы цқьа иалху ақылмышь еиқәара иӡаашьу аџьынџьыхәоуп иаашәхәаша. Егьыс, акакан акәу араса акәу рыуа ишәҭаххалак, агха шәыхьуам, ак аҵкыс ак еиӷьуп.
Ахәырмарҩа акәзар - иагьызлоуп, иагьухаҳауеит азы мап ацәышәымкын, иара убас иаамхәакәа узлавсри ахьа - аҩны инаганы амца иҽҳәаҵаны иӡны ишәфар, агьама ахаан ишәхашҭран шәыҟаӡам.
Ҽаҩраҭагалан аҳамҭақәа жәбар шәҭахызар, шәахәаԥш аҟәатәи аџьармыкьа иазку Sputnik афотолента.
© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҟәатәи аџьармыкьаҿы уажәааны анхацәа ҽаҩраҭагалантәи шәыри уҭраҭыхи иуԥымло ҳәа ак ыҟам. Иаҳҳәап, Аԥсны аҟаб хкқәа акымкәа аадрыхуеит, уи рфоит ижәны, иӡны, аџьыка, ацҳа ахьшьны, иара убас аџьем алызхуагьы ыҟоуп.

Аҟәатәи аџьармыкьаҿы уажәааны анхацәа ҽаҩраҭагалантәи шәыри уҭраҭыхи иуԥымло ҳәа ак ыҟам. Иаҳҳәап, Аԥсны аҟаб хкқәа акымкәа аадрыхуеит, уи рфоит ижәны, иӡны, аџьыка, ацҳа ахьшьны, иара убас аџьем алызхуагьы ыҟоуп. - Sputnik Аҧсны
1/13

Аҟәатәи аџьармыкьаҿы уажәааны анхацәа ҽаҩраҭагалантәи шәыри уҭраҭыхи иуԥымло ҳәа ак ыҟам. Иаҳҳәап, Аԥсны аҟаб хкқәа акымкәа аадрыхуеит, уи рфоит ижәны, иӡны, аџьыка, ацҳа ахьшьны, иара убас аџьем алызхуагьы ыҟоуп.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҳҭнықалақь анхацәа ҭагалан аԥштәқәа ргәарԥханы даргьы уи рҽадырнаалоит.

Аҳҭнықалақь анхацәа ҭагалан аԥштәқәа ргәарԥханы даргьы уи рҽадырнаалоит. - Sputnik Аҧсны
2/13

Аҳҭнықалақь анхацәа ҭагалан аԥштәқәа ргәарԥханы даргьы уи рҽадырнаалоит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аԥсуаа ртрадициатә хаамыхаақәа иреиуоу аџьынџьыхәа аџьармыкьаҿы ана-ара иуԥылоит, араса ма акакан рыԥхрақәа ақалмышь адагьы, еиуеиԥшым, зыԥштәы еилаԥсоу ашәыреиларшқәа ирӡааршьуеит.

Аԥсуаа ртрадициатә хаамыхаақәа иреиуоу аџьынџьыхәа аџьармыкьаҿы ана-ара иуԥылоит, араса ма акакан рыԥхрақәа ақалмышь адагьы, еиуеиԥшым, зыԥштәы еилаԥсоу ашәыреиларшқәа ирӡааршьуеит. - Sputnik Аҧсны
3/13

Аԥсуаа ртрадициатә хаамыхаақәа иреиуоу аџьынџьыхәа аџьармыкьаҿы ана-ара иуԥылоит, араса ма акакан рыԥхрақәа ақалмышь адагьы, еиуеиԥшым, зыԥштәы еилаԥсоу ашәыреиларшқәа ирӡааршьуеит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҭиҩцәа аахәаҩцәа ртауар ргәадырԥхарц азы изладырԥхьалаша амаӡақәа рымоуп. Иарбан шәыри уҭраҭыхи уахьрыхәаԥшуа, иаасхәандаз уҳәо иҟазароуп.

Аҭиҩцәа аахәаҩцәа ртауар ргәадырԥхарц азы изладырԥхьалаша амаӡақәа рымоуп. Иарбан шәыри уҭраҭыхи уахьрыхәаԥшуа, иаасхәандаз уҳәо иҟазароуп. - Sputnik Аҧсны
4/13

Аҭиҩцәа аахәаҩцәа ртауар ргәадырԥхарц азы изладырԥхьалаша амаӡақәа рымоуп. Иарбан шәыри уҭраҭыхи уахьрыхәаԥшуа, иаасхәандаз уҳәо иҟазароуп.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аџьармыкьаҿы иқәгылоу реиҳараҩык аиҭаҭиҩцәа роуп, аха аӡәырҩы рхатәы аарыхрагьы рҭиуеит.

Аџьармыкьаҿы иқәгылоу реиҳараҩык аиҭаҭиҩцәа роуп, аха аӡәырҩы рхатәы аарыхрагьы рҭиуеит. - Sputnik Аҧсны
5/13

Аџьармыкьаҿы иқәгылоу реиҳараҩык аиҭаҭиҩцәа роуп, аха аӡәырҩы рхатәы аарыхрагьы рҭиуеит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Ара уажәшьҭа имаҷымкәа иуԥылоит аҭыԥантәи амандарина аҽаҩрагьы, уи макьана цқьа имҩежьхахьазаргьы, агьама бзиоуп.

Ара уажәшьҭа имаҷымкәа иуԥылоит аҭыԥантәи амандарина аҽаҩрагьы, уи макьана цқьа имҩежьхахьазаргьы, агьама бзиоуп. - Sputnik Аҧсны
6/13

Ара уажәшьҭа имаҷымкәа иуԥылоит аҭыԥантәи амандарина аҽаҩрагьы, уи макьана цқьа имҩежьхахьазаргьы, агьама бзиоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иаамхәакәа узлавсри ахьа - аҩны инаганы амца иҽҳәаҵаны иӡны ишәфар, агьама ахаан ишәхашҭран шәыҟаӡам.

Иаамхәакәа узлавсри ахьа - аҩны инаганы амца иҽҳәаҵаны иӡны ишәфар, агьама ахаан ишәхашҭран шәыҟаӡам. - Sputnik Аҧсны
7/13

Иаамхәакәа узлавсри ахьа - аҩны инаганы амца иҽҳәаҵаны иӡны ишәфар, агьама ахаан ишәхашҭран шәыҟаӡам.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҭиҩцәа реиҳараҩык рфотосахьақәа ҭухыр рҭахым, аха иҟоуп уи мап ацәымкқәа зхы-зҿы лахҿых ала угәы зырԥхогьы.

Аҭиҩцәа реиҳараҩык рфотосахьақәа ҭухыр рҭахым, аха иҟоуп уи мап ацәымкқәа зхы-зҿы лахҿых ала угәы зырԥхогьы. - Sputnik Аҧсны
8/13

Аҭиҩцәа реиҳараҩык рфотосахьақәа ҭухыр рҭахым, аха иҟоуп уи мап ацәымкқәа зхы-зҿы лахҿых ала угәы зырԥхогьы.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҵәа зеиуахкы уҭаху убоит аџьармыкьаҿы, иаҳа-иаҳа ирацәахо иалагеит аҭыԥантәи ахкқәагьы, џьарантә иаагоу раасҭа урҭ еиӷьымзар еицәам. Урҭ рыда заҭәазымшьо аахәаҩцәа рзгьы гәырӷьароуп.

Аҵәа зеиуахкы уҭаху убоит аџьармыкьаҿы, иаҳа-иаҳа ирацәахо иалагеит аҭыԥантәи ахкқәагьы, џьарантә иаагоу раасҭа урҭ еиӷьымзар еицәам. Урҭ рыда заҭәазымшьо аахәаҩцәа рзгьы гәырӷьароуп.  - Sputnik Аҧсны
9/13

Аҵәа зеиуахкы уҭаху убоит аџьармыкьаҿы, иаҳа-иаҳа ирацәахо иалагеит аҭыԥантәи ахкқәагьы, џьарантә иаагоу раасҭа урҭ еиӷьымзар еицәам. Урҭ рыда заҭәазымшьо аахәаҩцәа рзгьы гәырӷьароуп.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Афеихоа иалху ашәырӡи ашәыреиларши раркра аамҭа ааит.

Афеихоа иалху ашәырӡи ашәыреиларши раркра аамҭа ааит. - Sputnik Аҧсны
10/13

Афеихоа иалху ашәырӡи ашәыреиларши раркра аамҭа ааит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аџьармыкьаҿы ана-ара иуԥылоит Фазиль Иксандер иҩымҭақәа ирфырхацәоума ззуҳәаша ауаа.

Аџьармыкьаҿы ана-ара иуԥылоит Фазиль Иксандер иҩымҭақәа ирфырхацәоума ззуҳәаша ауаа. - Sputnik Аҧсны
11/13

Аџьармыкьаҿы ана-ара иуԥылоит Фазиль Иксандер иҩымҭақәа ирфырхацәоума ззуҳәаша ауаа.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аԥсуаа жәытәнатә аахыс аԥсабара ирнаҭоз "аҳамҭақәа" ирылхны ахаамыхаақәа ҟарҵон. Урҭ иреиуоуп ахәырмарҩа, агьамагьы хаауп, агәабзиарагьы иазеиӷьуп.

Аԥсуаа жәытәнатә аахыс аԥсабара ирнаҭоз "аҳамҭақәа" ирылхны ахаамыхаақәа ҟарҵон. Урҭ иреиуоуп ахәырмарҩа, агьамагьы хаауп, агәабзиарагьы иазеиӷьуп. - Sputnik Аҧсны
12/13

Аԥсуаа жәытәнатә аахыс аԥсабара ирнаҭоз "аҳамҭақәа" ирылхны ахаамыхаақәа ҟарҵон. Урҭ иреиуоуп ахәырмарҩа, агьамагьы хаауп, агәабзиарагьы иазеиӷьуп.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аԥсны иаҭаауа аԥсшьацәа аџьармыкьаҿы ианнеиуа, аҭиҩцәа гәырӷьаҵәа урҭ ртауар агьама ддырбоит, уи алагьы асасдкылара аадырԥшуеит.

Аԥсны иаҭаауа аԥсшьацәа аџьармыкьаҿы ианнеиуа, аҭиҩцәа гәырӷьаҵәа урҭ ртауар агьама ддырбоит, уи алагьы асасдкылара аадырԥшуеит. - Sputnik Аҧсны
13/13

Аԥсны иаҭаауа аԥсшьацәа аџьармыкьаҿы ианнеиуа, аҭиҩцәа гәырӷьаҵәа урҭ ртауар агьама ддырбоит, уи алагьы асасдкылара аадырԥшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0