Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аминистрцәеи адепутатцәеи реилатәара, астанциа маҷ Ауадҳара, аҽаҩраныҳәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Праздник урожая в Лыхны
Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жьҭаара 24-30 рзы амчыбжь аҩнуҵҟа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь азы Жәлар реизара адепутатцәа имҩаԥыргеит изаамҭанытәиу аилатәара, ирыдыркылеит азакәанқәа рыпроектқәа. Аԥсны аиҳабыра асоциалтә шәарақәа рзырҳаразы азакәанқәа рыпроектқәа иадгылеит, Урыстәыла атранспорт аминистрраҟны ирҳәеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәаахьчаратә ҭыԥ аҿы атранспорт лас азы аҽа аныҟәаратә ҩ-цәаҳәак аартуп ҳәа.
Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Жәлар реизара аилатәара

Жьҭаара 27 азы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Жәлар Реизара аилатәара. Адепутатцәа аԥсахрақәа алыргалеит 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет ахԥатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарала. Ашықәс азы ареспубликатә биуџьет иартәоит 9,763 миллиард мааҭ.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Аԥсны афинансқәа рминистр 2023 шықәсазтәи абиуџьет алагалақәеи аныхрақәеи дрылацәажәеит
2022 шықәсазы Аԥсны атәылахьчара аминистрра абиуџьет 100 миллион мааҭ рҟынӡа иацҵоуп, уи ала аусбарҭа абиуџьет 566,5 млн мааҭ ҟалоит.
Актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аӡыргаразы" азакәан. Аиҭакрақәа инарықәыршәаны рӡыргара ҟалом Аԥсны аҭаҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵи. Аӡыргара ҟалом аҭаҭынахагақәа - асигареттә қьаад, аҭыҭыныжәга, акалиан реиԥш иҟоу ахархәагақәа.
Актәи аԥхьарала ариашарақәа алагалоуп аконституциатә закәан "Аӡбарҭатә мчрақәа рзы", уи инақәыршәаны Аконституцитә ӡбарҭа асистема АСИС аҟынтә ахы иақәиҭтәхоит.
Молоток судьи в витрине подарков в Государственной Думе - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Аԥсны
Апарламент актәи аԥхьарала Аконституциатә ӡбарҭа АСИС алагалара аҟынтәи ахы иақәиҭнатәит

Ашәарақәа рыцҵареи ақыҭанхамҩа апроектқәеи

Жьҭаара 28 азы имҩаԥысит Аминистрцәа реилазаара аилатәара, ирыдыркылеит ақәҵарақәа.
Асоциалтә ԥгаԥса афонд ашәарацҵақәак иацнаҵуеит:
Аус зуа аҭаацәа рхәыҷы ииразы зныктәи ашәарақәа 13 нызқь рҟынтәи 22 нызқь рҟынӡа ишьҭырхуеит.
Аус зымуа аҭаацәарақәа рзы ашәарақәа 10,2 нызқь инаркны 17 нызқь рҟынӡа иацҵахоит.
Иазгәаҭоу ашәарацҵақәа шьҭыххоит 2023 шықәса алагамҭазы.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Аԥсны афинансқәа рминистр 2023 шықәсазтәи абиуџьет алагалақәеи аныхрақәеи дрылацәажәеит
Иацҵахоит ахықәкытә программа "Анхарҭа" аныхрақәа 50% рыла. 2022 шықәсазы апрограмма иазоужьын 40 миллион мааҭ, уажәы –60 миллион мааҭ.
Аиҳабыра ишьақәдырӷәӷәеит ахықәкытә программа "2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиаразы" (100 миллион мааҭ);
Аԥарақәа рзоужьхоит:
Аҵиааӡара аҿиара, шықәсыктәии акыршықәсатәии аҵиаақәа ашьапы аркра, акәыкәбаа аарыхра- 30 миллион мааҭ,
арахәааӡара- 3 миллион мааҭ,
аԥсыӡааӡара- 5 миллион мааҭ,
Арҵәыреи апестицидқәеи раахәареи, иахәҭоу аусурақәа рымҩаԥгареи- 10 миллион мааҭ,
ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхреи аусеиҭадулареи рзы аарыхра-атехникатә база аиҿкаара-30 миллион мааҭ,
ақыҭанхамҩатә техника аахәаразы-22 миллион мааҭ.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара адгылара арҭеит 2023 шықәсазы абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа, иара убас атәыла аиҳабыра атәылауаа анхарҭа ахәԥсашәараан аԥыжәарақәа рымазааразы ақәҵара рыдыркылеит.

Аҳәаа арҭбаара

Урыстәыла аминистрра адырра ҟанаҵеит аԥсуа-аурыс ҳәааҟны амашьынақәа риасразы ҿыц ишаарту даҽа ҩ-цәаҳәак. Уаанӡа аус руан 24 цәаҳәа. Ацәаҳәа ҿыцқәа ирыбзоураны аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы уахыки-ҽнаки рыла зқьы рҟынӡа автомашьынақәа аҳәаа иахысуеит.
Аусбарҭаҿ иара убасгьы аус адырулоит иҟоу ацәаҳәақәа рырҿыцраз апроект –18-20 нызқь транспорт хархәагеи 80-100 нызқьҩык уааԥсыреи роушьҭра алыршаразы.
Апроект ахыркәшара азгәаҭоуп 2025 шықәсазы.

Аӡынра ааигәахоит

ЕгрыГЕС анапхгара адырра ҟарҵеит абҵарамза анҵәамҭаз аӡлеира аԥсыҽхареи ауааԥсыра афымцамч рацәаны рхы иахьадырхәои иахҟьаны афымцамчхара лаҟәыр алшоит ҳәа. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара лаҟәуп.

Ахатәы фымцамч

20 кВт иҟоу агидрофымцастанциа аусура иалагеит Ауадҳара. Иара апансионат "Ауадҳара", Риҵатәи апарк агәаҭаҩцәеи, амобилтә шьаҟеи лашарала еиқәнаршәалоит. Агидрофымцастанциа аргылара шықәсыбжак иадхалеит, иақәхарџьуп 4 миллион мааҭ.

Афорум, афестиваль, аԥара ҿыцқәа

Очамчыра ихыркәшахеит аҿар рҵаратә форум "Ҳԥеиԥш еицаԥҵо". Асоциалтә проект анагӡараз 300 000 мааҭ инаӡо агрант анашьахеит акоманда "Аџьынџьыхәа". Аиааира згаз агәыԥ апроект "Еиҟароу алшарақәа рдунеи" ӡырыргеит, уи иахықәкуп Аԥсны арегионқәа зегьы рҟынтәи ахәыҷқәа еиҟароу алшарақәа рзаԥҵара.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны акоманда алахәылацәа ақыҭашколқәеи аинтернатқәеи ирҭаараны иҟоуп, еиҿыркаалоит ахәыҷтәы лагерқәа, Державинтәи ауниверситет аҿартә ҭыԥқәа рҭааразы Тамбов ақалақь ахьгьы ацара.
Очамчыра жьҭаара 22-25 рзы имҩаԥысыз аҿар рҵаратә форум "Ҳԥеиԥш еицаԥҵо" иалахәын Аԥсны, Аахыҵи Нхыҵи Уаԥстәыла, Ҟарачы-Черқьесск, Санкт-Петербург, Тамбов ркомандақәа.
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр VII арегионалбжьаратә атеатртә фестиваль "Кавказский меловой круг" иалахәын. Акультуратә уснагӡатә мҩаԥысит жьҭаара 24 -29 рзы Маиҟәаԥ ақалақь аҿы. Аԥсуа театр абзиабаҩцәа ирыдгалан ҟабардатәи адраматург Зарина Кануков лпиеса иалхны Мадина Аргәынԥҳа иқәлыргылаз аспектакль "Сариа". Аспектакль аҿы еиҭаҳәоуп Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс ллахьынҵа.
Иара убасгьы афестиваль иалахәхеит Адыгеиатәи амилаҭтә театр, Омарлы Батыраи ихьӡ зху Даргинтәи амузыка-драматә театр, Али Шогенцуков ихьӡ зху Ҟабардатәи адраматә театр, Максим Горьки ихьӡ зху Краснодартәи академитә театр, Абазтәи адраматә театр, Мухарбек Аков ихьӡ зху Черкессктәи адраматә театр.
Сария Лакоба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Аԥсны
Сариа Лакоба лзы асценатә баҟа…
Аԥсны Абанк агәаларшәагатә ԥараҿырп ҿыцқәа ҭнажьит – "Кавказ ажәларқәа рцәамаҭәеи рабџьари" ахкы аҟынтә: "Ачерқьеси" "Ачерқьесҭыԥҳаи". Аԥара 925 ҩаӡара иҟоу араӡныцқьа иалхуп. Аметалл цқьа 150 грамм иҟоуп. Аԥараҿырпқәа рформагьы уаанӡатәиқәа иреиԥшым – икәакьҭаиашоуп, 42 х 70 иҟоуп. Аԥараҿырп ареверс иануп асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа иусумҭа – ачерқьес еибашьҩи ачерқьесҭыԥҳаи рсахьақәа, иҷыдоу, аԥшшәы змоу аметод ала аметалл ианҵоуп.

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа

Афон Ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи злахәыз аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит Лыхнашҭа жьҭаара 30 аҽны. Зынӡа иалахәын 21 қыҭа. Аныҳәамш аҟны аконцерти аспорттә хәмаррақәеи мҩаԥган.
Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
Аԥсны
Атрадициақәа рзыхынҳәра: Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0