Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апрокуратура хада Аԥсны ақырҭуа тауарқәа рҭиуеит ҳәа иҟаз адыррақәа ҭнаҵаауеит

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Қырҭтәыла иҭрыжьуа аалыҵи ақырҭуа символика зну атауарқәеи Аԥсны адәқьанқәа рҿы рыҭира аганахь ала Аԥсны апрокуратура аусзуҩцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Абри атәы аҳәоит аусбарҭа асаит.
Агәаҭараан ишьақәыргылан Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы иҭрыжьыз аалыҵ, здыргақәҵаҿы Аԥсны Қырҭтәыла иахәҭакны иахьарбо акәацлых консервқәа, аминерал ӡқәа "Borjomi", "Nabeklavi", "Likani", "Sairme", ахаалых "Морозова" рыҭира шымҩаԥысуа. Арҭ Қарҭ ашәҟәы иҭагало афирма иҭнажьуа импорт аалыҵқәоуп, адыргақәҵаҿы аурысшәеи ақырҭшәеи арбоуп.
Аԥсны араионқәа - Гәдоуҭатәи, Гагратәи, Очамчыратәи, Гуәылрыԥшьтәи адәқьанқәа рҿы ирҭиуан.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит аалыҵ атәыла алагалареи аҭиреи шымҩаԥысуаз аҳазалхратә ҳәаа атауарқәа рахыгара аԥҟарақәа еилаганы. Уи знапы алакыз анаплакыҩцәа рганахь ала административтә усҭҵаара хацыркуп.
Иара убас апрокуратура иҭнаҵааит аԥснытәи ашколқәа рҿы 7 аклассқәа рҟны агеографиа амаҭәар азы атлас ақырҭуа бираҟ арбоуп ҳәа иҟаз аинформациа. Асеиԥш иҟаз атласқәа рылган Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы. Урҭ рцынхәра ашкол иазынашьҭхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0