Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәсазы Аԥсны асоциалтә шәарақәа ирыцҵахоит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖители Мелитополя начали получать единовременные выплаты в рублях
Жители Мелитополя начали получать единовременные выплаты в рублях - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны асоциалтә шәарақәеи аџьа ахьчареи рзы Афонд абиуџьет 2023 шықәсазы 163 миллиони 902 нызқь ҟалоит.
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. 2011 шықәса аахыс изныктәиу асоциалтә шәарақәа шамахак иацымлацызт ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны асоциалтә шәарақәеи аџьа ахьчареи рзы Афонд аиҳабы Бакәыр Бебиа.
Аԥсны асоциалтә шәарақәеи аџьа ахьчареи рзы Афонд абиуџьет 2023 шықәсазы 163 миллиони 902 нызқь ҟалоит. Ари 33% ма 45 миллион мааҭ рыла 2021 шықәсазтәи абиуџьет еиҳауп ҳәа иҳәеит Бебиа.
Иара иажәақәа рыла абиуџьеттә еиҿкаарақәа рҟынтәи афонд 40 миллион инареиҳаны иаиуит; акоммерциатә еиҿкаарақәеи анаплакыҩцәеи рҟынтәи - 100 миллион мааҭ.
Абас ала аус зуа аҭаацәа рхәыҷы ииразы зныктәи ашәарақәа 13 нызқь рҟынтәи 22 нызқь рҟынӡа рышьҭхра азгәаҭоуп. Аус зымуа аҭаацәарақәа рзы ашәарақәагьы 10,2 нызқь инаркны 17 нызқь рҟынӡа рхагалара ргәы иҭоуп. Ахәыҷы ибараамҭаз ашәара 3 000 инаркны 7 000 рахь инеиуеит. Уаанӡа ҩыџьа еициз рзы аӡәы изы иршәоз иаҟаразар, 2023 шықәса рынахыс уи хаз-хазхоит.
Бебиа ишиҳәо ала асоциалтә шәарақәеи аулафахәи еидҳәалоуп.
"Имҩаԥааго ашәарақәа аулафахәы ашьҭыҵра иадҳәалоуп. Иара иахыҵуа апроцент ауп иҳаланагало", - иҳәеит иара.
Бебиа иазгәеиҭеит афонд асоциалтә ԥгаԥса асистема алахәылацәа аус шрыцнауа. Ауаҩы аус иуазар, аулафахәы иоуазар, уи аҟынтә афонд ахь инеиуа аицҵалыҵқәа рыла ашәарақәа еиҿкаахоит ҳәа иҳәеит.
Абиуџьетнҭыҵтә еиҿкаарақәа рҟынтә афонд ахь процентк неиуеит, абиуџьеттә еиҿкаарақәа рҟынтә 2 процентк.
"Асоциалтә шәарақәа рыҳаракра аҳәынҭқарра ахԥшас иазыҟоуп. Ҳара ԥхьаҟагьы уи ҳҽазаҳшәалоит", - иҳәеит Бебиа.
Ашәарақәа рышьҭыхра азгәаҭоуп 2023 шықәса алагамҭазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0