Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч": авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп

© Foto / РУП "Черноморэнерго"Авария на ПС Очамчыра 2
Авария на ПС Очамчыра 2 - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Анапаҵаҩра
Арҽеиратә усурақәа рзы авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҿыхын асааҭ 12:00 инаркны.
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны алашара аужьуп аԥышәаратә усурала ҳәа рҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура аҟны.
Амашәыр иҟалаз аԥыхуп, ацәаҳәа амчхара гәаҭоуп.
"Хәҭа-хәҭала алашара ахьыҟам аҭыԥқәа зегьы ирыҭахоит", - ҳәа иҳәеит апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аусбарҭа анапхгареи, атехникатә усзуцәеи зегьы макьана аиԥҟьара ахьыҟалаз аҭыԥаҿ ишҟазаауа.
"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ иажәақәа рыла, Аԥсны аиҳарак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа акырџьара иахьҭакнаҳаз иахҟьаны.

"Иҟоуп ацәаҳәақәа ахьеиҵырхыз, иҟоуп аҵыргәақәа ахьарҭаз. Ацәаҳәақәа ҿыцуп, аха ашьаҟақәа ажәуп", - иҳәеит Гагәылиа.

Абҵара 1 азы амш аҩнуҵҟа хынтә Аԥсны аиҳара лашарада иҟан ари ацәаҳәаҿы иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны.
Абҵара 2 рзы шьыжьнаҵы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа еиҭарылагеит. Уи аамҭазы алашара Урыстәылантә иаарышьҭуан.
Абҵара 2 рзы адырра ҟаҵан ацәаҳәаҿы аусурақәа зегь хыркәшоуп ҳәа, аха асааҭ 18:00 еиҭахгьы афымцалашара ааха иаиуз иахҟьаны ицәеит.
Лашарада иаанхаз араионқәа рҿы аԥкрақәа алагаланы алашара рзынарышьҭуеит. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" арҽеирақәа азуын 2022 шықәса жьҭаарамзазы. Иԥсахын ацәаҳәақәа. Ари аус иақәхарџьын 50 миллион мааҭ. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ацәаҳәақәа роушьҭратә лшара 260 мегаватт аҟынтә 300 мегаватт иҟалараны иҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0