Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп

© Sputnik ВЛ Адзхыда
ВЛ Адзхыда - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Анапаҵаҩра
Хымш ирықәуп Аԥсны афымцалашараҿ аԥкрақәа арҭоижьҭеи. Уи мзызны иамоуп авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҭыԥ змаз аиԥҟьарақәа.
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ишаҿыц иаҿуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.
Иара иажәақәа рыла аиҭашьақәыргыларатә бригадақәа шьыжьнаҵы аусурақәа нап адыркит.
“Ацәаҳәа зегьы гәаҭаны иахысроуп. Автоматла аҽыхьчара аус ауеит. Уи еиуеиԥшым афакторқәа ирыхҟьозар алшоит. Ацәаҳәа аура 30 километра иреиҳауп”, - иҳәеит Гагәылиа.
Аусурақәа ианрылго ҳәа макьаназ дыррак ыҟам.
Абҵара 1 азы амш аҩнуҵҟа хынтә Аԥсны аиҳара лашарада иҟан ари ацәаҳәаҿы иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны.
Абҵара 2 рзы шьыжьнаҵы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа еиҭарылагеит. Уи аамҭазы алашара Урыстәылантә иаарышьҭуан.
Абҵара 2 рзы адырра ҟаҵан ацәаҳәаҿы аусурақәа зегь хыркәшоуп ҳәа, аха асааҭ 18:00 еиҭахгьы афымцалашара ааха иаиуз иахҟьаны ицәеит.
Лашарада иаанхаз араионқәа рҿы аԥкрақәа алагаланы алашара рзынарышьҭуеит. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" арҽеирақәа азуын 2022 шықәса жьҭаарамзазы. Иԥсахын ацәаҳәақәа. Ари аус иақәхарџьын 50 миллион мааҭ. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ацәаҳәақәа роушьҭратә лшара 260 мегаватт аҟынтә 300 мегаватт иҟалараны иҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0