Урыстәылаҟа еиҭа иаарго иалагоит иреиӷьу абрендқәа ирыҵанакуа акосметика

© Sputnik / Антон ДенисовАктриса готовится к спектаклю "Тени великих смущают меня" в Музее Москвы
Актриса готовится к спектаклю Тени великих смущают меня в Музее Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2022
Анапаҵаҩра
Ахәаахәҭра аминистр Денис Мантуров уажәаԥхьа иҳәахьан, иреиӷьу абрендқәа ирыҵанакуа акосметикатә хархәагақәа Урыстәылаҟа реиҭаагаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит ҳәа.
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Адунеитә парфумиер-косметикатә брендқәа Lancome, Redken, Yves Saint Laurent, Giorgio Armani, Kerastase раалыҵ Урыстәылаҟа еиҭа раагара иалагоит, уи инадҳәаланы урҭ аицтәаратә импорт ахь иаҵанакуам, абри аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистрра апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Иарбоу абрендқәа хазы иалкаауп, уажәшьҭарнахыс дара ирыҵанакуа ахархәагақәа аицтәаратә импорт ала раагара ҟалом. Асеиԥш алшара ҟалеит аилахәырақәа раалыҵ Урыстәылаҟа реиҭаашьҭра иахьақәшаҳаҭхаз",- рҳәеит аусбарҭаҿы.
Ахәаахәҭра аминистрраҟны ирҳәеит аԥкрақәа амч роуеит хымз рыҩнуҵҟа, уи иабзоураны уаанӡа арҭ абрендқәа ирыҵанакуаз акосметика аицтәаратә импорт асхемала иаазго анаплакыҩцәа иаархәаз атауар атәылахь ралагаларазы аамҭа рыҭахоит.
Украина арратә операциа ианалага ашьҭахь мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла аганахь ала аекономика аусхкқәа зегь рганахь ала асанкциақәа аларгалеит. Мраҭашәаратәи абрендқәа жәпакгьы мап ацәыркит раалыҵ Урыстәыла аҭира.
Хәажәкырамза анҵәамҭаз урыстәылатәи аиҳабыра аицтәаратә импорт азы аусԥҟа шьақәдырӷәӷәеит асанкциақәа ирыҵанакыз атауарқәа Урыстәыла аџьармыкьаҿы рыҟазааразы.
Закрытые магазины в торговом центре Галерея Новосибирск - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
IKEA, Zara урыстәылатәи аџьармыкьахь ихынҳәыр рҭахуп
Ажәабжьқәа зегьы
0