Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аҵара аминистрра 10-11-тәи аклассқәа рзы арҵагашәҟәқәа ршоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Раздача учебников из России
Раздача учебников из России - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2022
Анапаҵаҩра
1-7-тәи аклассқәа рзы Аԥсныҟа арҵагашәҟәқәа ааган Урыстәыла анапхгара рыцхыраарала нанҳәамзазы. Усҟан ашколқәа рахь инашьҭын 161 000 шәҟәы.
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҵара аминистрра 10-11-т́әи аклассқәа рзы арҵагашәҟәқәа ршара иалагеит ҳәа адырра ҟаиҵеит аминистр Инал Габлиа.

Иара иажәақәа рыла, ареспублика ашколқәа ирызшахоит 34 000 шәҟәы: абиологиа, агеографиа, Урыстәыла аҭоурых, алитература, аматематика, афизика, ахимиа рзы. Ашәҟәқәа арахь иаагоуп Урыстәыла аҵара аминистрреи афонд "Русский мири" рыцхыраарала.

Габлиа ишиҳәаз ала, Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иахҟьаны Аԥсныҟа арҵагашәҟәқәа раагара уадаҩхеит, аха усгьы иалыршахеит. Иара иҳәеит арҵагашәҟәқәа зегьы арҵаҩцәа рхы иадырхәалар шакәу, аҽа шәҟәқәак аархәо акәымкәа.
"Актәи ахәҭа анаага ашьҭахь иҟан рҵаҩцәақәак урҭ зыԥсахыр зҭаххаз. Ари азин ыҟам. Азҵаара уаанӡа араионтә ҵаратә ҟәшақәеи ҳареи ҳалацәажәахьан, аҵара астандартгьы шьақәҳаргылахьан", - ҳәа иҳәеит иара.
Аминистр иҳәеит аҭыжьымҭа ҿыцқәа рҟны темақәак рҽырыԥсахыр алшоит, уи азы арҵаҩцәа азҵаара ҭакԥхықәрала иазнеироуп ҳәа. Габлиа иажәақәа рыла 95% ашколқәа 1-7-тәи аклассқәа рзтәи ашәҟәқәа рыла еиқәшәоуп. Азымхара ыҟан Гагра араион аҿы. Уажәтәи ашәҟәеихшараан уахь ала иалаган.
Габлиа иҳәеит сынтәа ишеиҭаҭыжьыз аԥсуа бызшәазы арҵагашәҟәқәа 4-5, 10-11 аклассқәа рзы, "Ҳазну адунеи", "Аурыс литература", "Аурыс бызшәа". Хара имгакәа иҭыжьхоит ахԥатәи акласс азы "Еицаҳҵап аԥсуа бызшәа" аусутә тетради амультфильми ацны. Ари аҩызаҵәҟьа арҵагашәҟә азырхиахоит аҩбатәи аклассқәа рызгьы. Аминистр иажәақәа рыла, иазԥшуп 8-9 аклассқәа рзы ашәҟәқәа ааргоит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0