Урыстәыла Аиҳабыра 2022-2025 Аинвестпрограмма адгылараз аиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовседневная жизнь
Повседневная жизнь - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2022
Анапаҵаҩра
Уажәазы аиқәшаҳаҭра азакәан апроект ашьақәырӷәӷәараз Аԥсны ахада Иусбарҭахь инашьҭуп.
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Урыстәыла Аиҳабыра Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2022-2025 шықәсазтәи Аинвестпрограмма адгылараз аиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аекономика аминистрра.
"Апрограмма анагӡара ахықәкы хада- Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара аишьаршәалара. Раԥхьа иргыланы ари урыстәылатәи абизнес азы ихәарҭоуп. Аинвесторцәа рзинқәа рыхьчаразы азакәан апроектқәа Аԥсны Апарламент аҿы ахәаԥшраз ишьҭоуп", - азгәеиҭоит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.
Иааиуа хышықәса рзы аиқәшаҳаҭра анагӡара иақәхарџьхоит 22 млрд мааҭ:
15,4 млрд мааҭ Урыстәыла абиуџьет аҟынтә;
6,7 млрд мааҭ арезервтә фонд аҟынтә.
Аԥарақәа нашьҭхоит:
Ареспублика аенергосистема ашьақәыргылараз;
Абиуџьет аусуҩцәа рулафахәы ашьҭыхраз;
Аекономика аусхк хадақәа – ақыҭанхамҩа, атуризм, аиҭаусадуларатә ааглыхра рахь;
Абизнес маҷ анаплакқәа альготатә кредитқәа рыҭаразы.
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп 2022 шықәса нанҳәамзазы. Уажәазы аиқәшаҳаҭра азакәан апроект ашьақәырӷәӷәараз Аԥсны ахада Иусбарҭахь инашьҭуп.
Аиқәшаҳаҭра амчра аиуеит аганқәа ианышьықәдырӷәӷәалакгьы, Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа анотақәа анеимырдалак ашьҭахь, уи ԥхынҷкәынмзазы имҩаԥгахар алшоит.
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2022
Аԥсны
Бжьаниа 2022-2025 шықәсазтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аплан дазааҭгылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0