Росавиациа Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит
13:00 18.11.2022 (ирҿыцуп: 13:16 18.11.2022)
© Sputnik / Нина ЗотинаПоследствия африканской песчаной бури на юге России.
© Sputnik / Нина Зотина
Анапаҵаҩра
Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рыҟны аԥырраз аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 раахыс.
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп абҵара 27-нӡа ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥны еиԥш аус шыруц ируеит.
Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва рҳаирбаӷәазақәа.