https://sputnik-abkhazia.info/20221119/aekspert-asny-aekonomika-aiashazy-ashshyrat-izakantu-lbaanadoit-1042700873.html
Аексперт Аԥсны аекономика аҿиашьазы: ашәшьыратә изакәантәу "лбаанадоит"
Аексперт Аԥсны аекономика аҿиашьазы: ашәшьыратә изакәантәу "лбаанадоит"
Sputnik Аҧсны
Жәашықәса рыла аԥсуа економика ашәшьыратә хәҭа иазҳаит 10% рыла, убри инамаданы аҳәынҭқарра ашьаҿақәа ҟанаҵароуп ари апроцесс аанкыланы арԥсыҽразы. 19.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-19T12:50+0300
2022-11-19T12:50+0300
2022-11-19T12:50+0300
ажәабжьқәа
аекономика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/1c/1039289297_0:157:3083:1891_1920x0_80_0_0_1af26d8c55af9b757d1e02c53393dce7.jpg
АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи азеиԥш аалыҵ аҿы ашәшьыратә хәҭа иартәоит 62-63%, абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит аекономист, Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аусзуҩ Хаҭуна Шаҭԥҳа.Лара лажәақәа рыла, жәашықәса раԥхьа уи иартәон 50-53%, ас еиԥш аусқәа цалар, ашәшьыратә економика изакәантәу "лбаанадоит".Аплан ада уаҳа ак аҭахымкәа иҟам, аха уи ахьеиҿыркаазгьы акыр иаԥсоуп, лҳәеит аекономист."Ари аплан аҿы иаабоит асистематә знеишьа шамоу, аҩнуҵҟатәи азеиԥш аалыҵ, аусуратә ҭыԥқәа реизҳара аабоит уи аҿы", - лҳәеит лара.Убри аан Шаҭԥҳа иазгәалҭеит ари аплан аҿы иарбоу апунктқәа зегь рыла инагӡахаргьы, арбагақәа 17-20% рылоуп ишеиҵахо. Арбага дуқәа раарԥшра алымшар ҟалап аҳәынҭқарра ҳәа лыԥхьаӡоит лара.2022-2025 шықәсқәа рызтәи атәыла асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭплан анагӡара иазоужьуп 32 миллиард мааҭ лҳәеит аекономист. Ахатә биуџьет аҟынтәи ари иазоужьуп 13%, егьи ахәҭа - урыстәылатәи ацхыраароуп.2022-2025 шықәсқәа рызтәи атәыла асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭплан цәыригеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 10 рзы. Аплан инақәыршәаны 2025 шықәсазы иацҵахоит абжьаратә улафахәы, аҩнуҵҟатәи азеиԥш аалыҵ 20% рыла еиҳахоит, аҳәынҭбиуџьет 30% иацлоит, ареспубликатә биуџьет ахашәала иацҵахоит 8 миллиард мааҭ рҟынӡа.
https://sputnik-abkhazia.info/20221110/bzhania-2022-2025-shysazti-asny-asotsial-ekonomikat-iarazy-aplan-eieieit-1042563970.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/1c/1039289297_176:0:2907:2048_1920x0_80_0_0_5928c3be94b6c8d388cba1a7eb590f04.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аекономика
Аексперт Аԥсны аекономика аҿиашьазы: ашәшьыратә изакәантәу "лбаанадоит"
Жәашықәса рыла аԥсуа економика ашәшьыратә хәҭа иазҳаит 10% рыла, убри инамаданы аҳәынҭқарра ашьаҿақәа ҟанаҵароуп ари апроцесс аанкыланы арԥсыҽразы.
АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи азеиԥш аалыҵ аҿы ашәшьыратә хәҭа иартәоит 62-63%, абри атәы
арадио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит аекономист, Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аусзуҩ Хаҭуна Шаҭԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, жәашықәса раԥхьа уи иартәон 50-53%, ас еиԥш аусқәа цалар, ашәшьыратә економика изакәантәу "лбаанадоит".
Шаҭԥҳа ишазгәалҭаз ала, ашәшьыратә хәҭа аизҳара аанкыларазы иаҭахуп асистематә знеишьа, иарбанзаалак аусхк хазы аҳасаб баны. Лара лажәақәа рыла, ари аус аҟны алҵшәа бзиахь укылсыр ауеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 10 рзы ицәыригаз 2022-2025 шықәсқәа рызтәи атәыла асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭплан иабзоураны.
Аплан ада уаҳа ак аҭахымкәа иҟам, аха уи ахьеиҿыркаазгьы акыр иаԥсоуп, лҳәеит аекономист.
"Ари аплан аҿы иаабоит асистематә знеишьа шамоу, аҩнуҵҟатәи азеиԥш аалыҵ, аусуратә ҭыԥқәа реизҳара аабоит уи аҿы", - лҳәеит лара.
Убри аан Шаҭԥҳа иазгәалҭеит ари аплан аҿы иарбоу апунктқәа зегь рыла инагӡахаргьы, арбагақәа 17-20% рылоуп ишеиҵахо. Арбага дуқәа раарԥшра алымшар ҟалап аҳәынҭқарра ҳәа лыԥхьаӡоит лара.
2022-2025 шықәсқәа рызтәи атәыла асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭплан анагӡара иазоужьуп 32 миллиард мааҭ лҳәеит аекономист. Ахатә биуџьет аҟынтәи ари иазоужьуп 13%, егьи ахәҭа - урыстәылатәи ацхыраароуп.
2022-2025 шықәсқәа рызтәи атәыла асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭплан цәыригеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 10 рзы. Аплан инақәыршәаны 2025 шықәсазы иацҵахоит абжьаратә улафахәы, аҩнуҵҟатәи азеиԥш аалыҵ 20% рыла еиҳахоит, аҳәынҭбиуџьет 30% иацлоит, ареспубликатә биуџьет ахашәала иацҵахоит 8 миллиард мааҭ рҟынӡа.