Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахьы зхьыршоу: ҭагалан Sputnik Аԥсны афотолентаҿы

Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ҭагалан убла хнакуеит, аԥсабара ҭалаҳауп ихьҩежьу, ицәхаԥшьу, иахьаԥшшәылоу уҳәа ԥштәы рацәала. Убри аан ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу аҵиаақәагьы ари асахьа дырԥшӡоит.
Иара убас ҭагалан Аԥсны аҽаҩра аингалара иаамҭоуп, ақыҭауаа рурақәа ҭагаланы аӡынтәи аҭаҵәахқәа еиқәдыршәоит, ашәыр дырҩоит.
© Sputnik / Марианна Кубрава

Аԥсны ҭагалан шааиз еиҳа иуныруеит абҵарамзазы. Убасҟан ауп аԥсабара ахьтәы маҭәа анашәнаҵо.

Аԥсны ҭагалан шааиз еиҳа иуныруеит абҵарамзазы. Убасҟан ауп аԥсабара ахьтәы маҭәа анашәнаҵо.  - Sputnik Аҧсны
1/18

Аԥсны ҭагалан шааиз еиҳа иуныруеит абҵарамзазы. Убасҟан ауп аԥсабара ахьтәы маҭәа анашәнаҵо.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Абри аамҭазы аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәа ажьҭаара иалагоит.

Абри аамҭазы аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәа ажьҭаара иалагоит. - Sputnik Аҧсны
2/18

Абри аамҭазы аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәа ажьҭаара иалагоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Амҵәышә рыманы аҵлақәа ирхалоит.

Амҵәышә рыманы аҵлақәа ирхалоит. - Sputnik Аҧсны
3/18

Амҵәышә рыманы аҵлақәа ирхалоит.

© Sputnik / Илона Хварцкия

Раԥхьа иргыланы аҩ ҿа - амаҷар ҭарҭәоит.

Раԥхьа иргыланы аҩ ҿа - амаҷар ҭарҭәоит. - Sputnik Аҧсны
4/18

Раԥхьа иргыланы аҩ ҿа - амаҷар ҭарҭәоит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Иара убас абҵарамзазы амандарина аҭаара иалагоит.

Иара убас абҵарамзазы амандарина аҭаара иалагоит. - Sputnik Аҧсны
5/18

Иара убас абҵарамзазы амандарина аҭаара иалагоит.

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасра

Ари ашәыр хьы-уаркалеи ҩнаҭацыԥхьаӡа аишәа иахьықәым ыҟам.

Ари ашәыр хьы-уаркалеи ҩнаҭацыԥхьаӡа аишәа иахьықәым ыҟам. - Sputnik Аҧсны
6/18

Ари ашәыр хьы-уаркалеи ҩнаҭацыԥхьаӡа аишәа иахьықәым ыҟам.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Амандарина афара адагьы, уи ашәырӡы алырхуеит, еиларшны аџьемқәа рылырхуеит.

Амандарина афара адагьы, уи ашәырӡы алырхуеит, еиларшны аџьемқәа рылырхуеит. - Sputnik Аҧсны
7/18

Амандарина афара адагьы, уи ашәырӡы алырхуеит, еиларшны аџьемқәа рылырхуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақыҭауаа иара убас русқәа иреиуоуп аԥҳә аизгара - уи ақыҭанхамҩаҿы даара ихәарҭоуп.

Ақыҭауаа иара убас русқәа иреиуоуп аԥҳә аизгара - уи ақыҭанхамҩаҿы даара ихәарҭоуп. - Sputnik Аҧсны
8/18

Ақыҭауаа иара убас русқәа иреиуоуп аԥҳә аизгара - уи ақыҭанхамҩаҿы даара ихәарҭоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа ҳәсақәа ракәзар, рхьынапқәа ирзымдыруа ак ыҟам - аџьанџьыхәа, ахәырмарҩа, алаҳарҩа уҳәа ахаамыхаақәа ҟарҵоит.

Аԥсуа ҳәсақәа ракәзар, рхьынапқәа ирзымдыруа ак ыҟам - аџьанџьыхәа, ахәырмарҩа, алаҳарҩа уҳәа ахаамыхаақәа ҟарҵоит. - Sputnik Аҧсны
9/18

Аԥсуа ҳәсақәа ракәзар, рхьынапқәа ирзымдыруа ак ыҟам - аџьанџьыхәа, ахәырмарҩа, алаҳарҩа уҳәа ахаамыхаақәа ҟарҵоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ахәырмарҩа зегьы бзиа еицырбоит, ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы уи агьама рымбакәа руам. Иара ацәа ахыхны, ашьапқәа еидҿаҳәаланы амра ицәҵаны идырҩоит.

Ахәырмарҩа зегьы бзиа еицырбоит, ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы уи агьама рымбакәа руам. Иара ацәа ахыхны, ашьапқәа еидҿаҳәаланы амра ицәҵаны идырҩоит. - Sputnik Аҧсны
10/18

Ахәырмарҩа зегьы бзиа еицырбоит, ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы уи агьама рымбакәа руам. Иара ацәа ахыхны, ашьапқәа еидҿаҳәаланы амра ицәҵаны идырҩоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иара убас аԥсуаа жәытәаахыс иҟарҵо ахаақәа иреиуоуп аџьанџьыхәа. Араса ма акакан рыԥхны, ажьырӡы шылала еиларшны, иӡаашьны икнаҳаны идырҩоит.

Иара убас аԥсуаа жәытәаахыс иҟарҵо ахаақәа иреиуоуп аџьанџьыхәа. Араса ма акакан рыԥхны, ажьырӡы шылала еиларшны, иӡаашьны икнаҳаны идырҩоит.  - Sputnik Аҧсны
11/18

Иара убас аԥсуаа жәытәаахыс иҟарҵо ахаақәа иреиуоуп аџьанџьыхәа. Араса ма акакан рыԥхны, ажьырӡы шылала еиларшны, иӡаашьны икнаҳаны идырҩоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақыҭаҿы иахьа уажәраанӡа имаҷҩым ацқәа ҵаҳәаны уардынла амхы ҭазгало.

Ақыҭаҿы иахьа уажәраанӡа имаҷҩым ацқәа ҵаҳәаны уардынла амхы ҭазгало. - Sputnik Аҧсны
12/18

Ақыҭаҿы иахьа уажәраанӡа имаҷҩым ацқәа ҵаҳәаны уардынла амхы ҭазгало.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аџьықәреи шьапқәа ирыкәшо аҟәыд иазҳауеит, урҭ еицҭаргалоит.

Аџьықәреи шьапқәа ирыкәшо аҟәыд иазҳауеит, урҭ еицҭаргалоит. - Sputnik Аҧсны
13/18

Аџьықәреи шьапқәа ирыкәшо аҟәыд иазҳауеит, урҭ еицҭаргалоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иҭаргалаз аџьықәреи цәдырҳәуеит.

Иҭаргалаз аџьықәреи цәдырҳәуеит. - Sputnik Аҧсны
14/18

Иҭаргалаз аџьықәреи цәдырҳәуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасра

Нас аца иҭарԥсоит. Аца шышны иахьыҟоу иабзоураны аҳауа ҩнасуеит, аџьықәреи ус акыраамҭа иԥхасҭахаӡом.

Нас аца иҭарԥсоит. Аца шышны иахьыҟоу иабзоураны аҳауа ҩнасуеит, аџьықәреи ус акыраамҭа иԥхасҭахаӡом.  - Sputnik Аҧсны
15/18

Нас аца иҭарԥсоит. Аца шышны иахьыҟоу иабзоураны аҳауа ҩнасуеит, аџьықәреи ус акыраамҭа иԥхасҭахаӡом.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥснытәи ҭагалан убла хнакуеит, аԥсабара ҭалаҳауп ихьҩежьу, ицәхаԥшьу, иахьаԥшшәылоу уҳәа ԥштәы рацәала.

Аԥснытәи ҭагалан убла хнакуеит, аԥсабара ҭалаҳауп ихьҩежьу, ицәхаԥшьу, иахьаԥшшәылоу уҳәа ԥштәы рацәала. - Sputnik Аҧсны
16/18

Аԥснытәи ҭагалан убла хнакуеит, аԥсабара ҭалаҳауп ихьҩежьу, ицәхаԥшьу, иахьаԥшшәылоу уҳәа ԥштәы рацәала.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари аамҭазы иагьыхьҭацәам, иагьшоурам, сааҭла унеиааиуазаргьы, угәы ԥҵәом.

Ари аамҭазы иагьыхьҭацәам, иагьшоурам, сааҭла унеиааиуазаргьы, угәы ԥҵәом. - Sputnik Аҧсны
17/18

Ари аамҭазы иагьыхьҭацәам, иагьшоурам, сааҭла унеиааиуазаргьы, угәы ԥҵәом.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ушьапы ахьнылаургылалак, џьара ссирк уԥыхьамшәар ауам.

Ушьапы ахьнылаургылалак, џьара ссирк уԥыхьамшәар ауам. - Sputnik Аҧсны
18/18

Ушьапы ахьнылаургылалак, џьара ссирк уԥыхьамшәар ауам.

Ажәабжьқәа зегьы
0