Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: "Аҽгәара" азҵаарақәа реилыргара, "Пицунда" азы Аҳәынҭдума ажәадгала

© Sputnik / Томас ТхайцукВЛ "Ачгуара"
ВЛ Ачгуара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит есымчыбжьатәи ареспубликаҿ иналукааша ахҭысқәа (абҵара 7-13).
Ииасыз амчыбжь азы Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгараан аԥарақәа еимҵәоуп ҳәа ирҳәо аилкаараз, Апарламент адепутатцәа рколлегацәеи дареи "Пицунда" азҵаараҿ еивысшьас иҟоу иалацәажәеит, Ириеҳаӡоу аӡбарҭа Анзор Ҭарба иганахь ала ариашаратә харадҵара аԥнахит.
Sputnik

Аҽгәара аус

Абҵара 16 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны апрокуратура хада "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан иҟазарц зылшо афинанстә еилагарақәа ҭырҵаарц рнапы ианиҵеит. Уи 15 мшы рыҩнуҵҟа Аԥсны апрокуратура хада иҭнаҵаауеит.
Уи аԥхьа аоппозициа ахаҭарнакцәа ауаажәларра рахь ицәырыргеит "Аҽгәара" аиҭашьақәыргыларазы иаахәаз амаругақәеи амаҭәахәқәеи рыхәԥсақәа акырӡа еиҳаны иахьарбаз ашәҟәқәа. Иазгәаҭоуп, уи ала абиуџьет аҟынтәи миллионла аԥара ӷьычзар алшоит ҳәа.
Абҵара 18 рзы Аԥсны ахада инапынҵала Апрокуратура хада "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа раан афинанстә еилагарақәа ыҟан ҳәа аинформациа аиашареи амцреи ҭнаҵаауа иалагеит.
Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рзы изыцҵо аинформациа ҟаҵахоит.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2022
Аԥсны
Апрокуратура хада "Аҽгәара" арҽеиратә усураан аилагарақәа ыҟан ҳәа аинформациа ҭнаҵаауеит

Аҳәынҭдума адепутатцәа "Пицунда" азы

Абҵара 15 рзы Аԥсны Апарламент аҟны Аԥсны Аиҳабыреи Урыстәыла Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аргылара "Пицунда" ахатәтәразы УА аҭареи уи ахархәара аԥҟарақәеи рзы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥыргеит.
Апресс-конференциаҿ адепутатцәа ирҳәеит аԥснытәи аделегациеи урыстәылатәи рколлегацәеи шеиԥылаз аиқәшаҳаҭра аратификациа анапаҵаҩра иаԥырхагоу афакторқәа рылацәажәараз.
Урыстәылатәи аган аҟнытә аилатәараҟны иҟан: Аҳәынҭқарратә Дума Атәылахьчаразы аилак ахантәаҩы Андреи Картаполов, Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа Оҭари Аршба, Константин Затулин, иара убас УА анагӡаратә мчхара афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Аилатәара аԥсуа ган аҟнытә иалахәын Алхас Барцыц, Дауҭ Хәытаба, Леонид Лакербаиа, Адгәыр Ҳаразиа, Кан Кәарҷиа, иара убас АА Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Барцыц иҳәеит Москва имҩаԥгаз аиԥылара аконсультативтә ҟазшьа шамаз. Адепутатцәа изларҳәаз ала, аԥсуа ган ирыднагалоит аурыс ган аргылареи, адгьыл ҭыԥқәеи, амшын ӡымҽхаки рыцәгара мамзаргьы ахԥатәи ахаҿқәа рыҭареи рзы азин шамам атәы зҳәо арҽеирақәа Аиқәшаҳаҭра атекст алагалара.
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2022
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Михаил Шургалини аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа ирылацәажәеит
Аԥсуа делегациа ирыдгалан аиқәшаҳаҭра ишыҟоу аратификациа азуреи аамҭакала ириашатәуп ҳәа ишьаз Жәлар Реизара ақәҵара азгәаҭақәагь адкыланы.
Адепутат Леонид Лакербаиа иҳәеит урыстәылатәи аган ишазыӡырҩыз, урҭ ражәадгала аԥснытәи азакәанԥҵараҿ ахархәара ахьынӡалшо аилкаара шиҭаху.
Дауҭ Хәытаба иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган ажәадгала аус шадыруло Аԥсны ахада Иусбарҭеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рзиндырыҩцәа.

Аамҭа хьҩежь

1,5 нызқь тонна рҟынӡа амандарина Аԥснынтәи Урыстәылаҟа инагоуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхра.
Сбор мандаринов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Аԥсны
1,5 нызқь тонна рҟынӡа амандарина Аԥснынтәи Урыстәылаҟа инагоуп
Акоммерциатә партиақәа Урыстәылаҟа аалыҵ аиагара иалагахьан жьҭаара агәҭазы. Аҵыхәтәантәи амшқәа рыла аҳәаа иахыгоуп 130 тонна ацитрус шәырқәа. Зынӡа Урыстәылаҟа ареспублика иалган инаргахьеит 2,2 нызқь тонна.
Ииасыз ашықәс азы жьҭаарамза инаркны 2022 шықәса жәабранмзанӡа ашәҟәы иҭагалан 22 000 тонна амандарина.
Сынтәазы иазгәаҭоуп 50 000 тонна аҽаҩра аҭагалара.
Осень в Реликтовом Национальном парке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2022
Аԥсны
Ахьы зхьыршоу: ҭагалан Sputnik Аԥсны афотолентаҿы

Анзор Ҭарба иус

Абҵара 18 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Апрезидиум Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадаҿы 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы зыԥсҭазаара иалҵыз Анзор Ҭарба иус аиларгаразы аӡбарҭа актәи аинстанциахь нарышьҭит.
Уи адагьы ахара зхараҵаз рыҩнтәы баандаҩра аԥнахит. Аӡбарҭа актәи аинстанциаҿ аус АЗ ахәҭаҷ 295 инақәыршәаны иахәаԥшуеит.
1969 шықәса рзы ииз Анзор Ҭарба, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадаҿы 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы иԥсҭазаара далҵит.
Аус иалахәын ҳәа ахара рыдҵаны иԥхьаӡан Аԥсны ААР аусзуҩцәа: Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгәыр Аутлеви, Витали Кулови Анзор Ҭарба иганахь ала рмаҵзуратә мчрақәа инархырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа иазыԥхьаӡаны.
Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа Анзор Ҭарба иԥсразы арҭ ауаа хара рыдым ҳәа иԥхьаӡан, урҭ ацәгьоура ишалаҟьышьу азы ҵаҵӷәык ыҟам ҳәа ахьазырыԥхьаӡаз азы. Абри ашьҭахь аус Ахашшааратә коллегиахь инашьҭын. Ахара здырҵо адукатцәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь абри аганахь ала иашшит.

Аҳәаахьчаҩцәа риубилеи

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, 1992 шықәса абҵара 20 рзы адҵаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба идҵала иаԥҵан Аҳәаахьчаратә ар.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа АШәМ Аҳәаахьчаратә гәыԥ аԥҵоуижьҭеи 30-шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.
30-летия со дня образования Пограничного отряда СГБ Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2022
Аԥсны
Бжьаниа АШәМ Аҳәаахьчаратә гәыԥ аԥҵоужьҭеи 30-шықәса аҵра рыдиныҳәалеит
Иара иҳәеит 30 шықәса раԥхьа Аԥсны арра-политикатә ҭагылазаашьа уадаҩ ыҟазҭгьы, иахьагьы ажәлари аԥсадгьыли рыбзиабареи, агәымшәареи реиԥш иҟоу аилкаарақәа аҵак ҷыда рыманы ишыҟоу.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аҳәаахьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ҳаҭырқәҵарыла аветеранцәа ишырзыҟоу, иԥшьоу атрадициақәа ишрықәныҟәо, ирласны ишынарыгӡо рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа аҳәынҭқарра ашәарҭадаразы.

Анасыԥ амардуан

Аилахәыра Сolors of Nation асахьаҭыхыҩцәа гәыԥҩык рыцны Аҟәа, Аинрал Гиви Агрба ихьӡ зху амҩаҿ иҟоу амардуан рыцқьаны иршәит.
Ари амҩала шамаха иныҟәомызт, игәыгәҭажьын. Аентузиастцәа ирыӡбеит аҭагылазаашьа дыриашарц, аханатәтә архитектуратә гәҭакра еиламгакәа.
Мчыбжьык аҩнуҵҟа аусурақәа хыркәшан. Уажәы ари аҭыԥ ақалақь ауааԥсыра аднаԥхьалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0