Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаатит Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара 100 шықәса ахыҵра иазку аконференциа

© Sputnik / Бадрак АвидзбаНаучная конференция в АбИГИ
Научная конференция в АбИГИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2022
Анапаҵаҩра
Аҭҵаарадырратә конференциа еиҿыркааит Аԥсны агуманитартә ҭҵаарақәа ринститути, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситети, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети.
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥны аҭҵаарадырратә еилазаара 100 шықәса ахыҵра иазку аконференциа аатит Аҟәа, Аԥсны агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҿы абҵара 22 рзы.
"Ареволиуциа ҟалаанӡа Аԥсны иҟан еиуеиԥшымыз аҭҵаарадырратә еилазаарақәа. Урҭ рышьаҭала 1922 шықәса нанҳәа 6 рзы, Нестор Аполлон-иԥа Лакоба иаԥшьгамҭала иаԥҵан Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара", - ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсуаҭҵаарадырратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара иҭнажьуан ахатәы жәабжьқәа, аусумҭақәа, ажурнал "Субтропики", иҭнаҵаауан Аԥсны аҵиаақәеи аԥстәқәеи, ақыҭанхамҩа, аҭоурых, археологиа, аетнологиа рызҵаарақәа. Иара аԥшьгарала имҩаԥысуан аҭҵаарадырратә уснагӡатәқәа. Убас, 1924 шықәсазы имҩаԥган Амшынеиқәа аԥшаҳәеи Мраҭашәаратәи Кавкази рҟны атәылаҿацәҭҵааҩцәа раԥхьатәи реизара ду.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Коӷониа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алшарақәа ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Коӷониа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алшарақәа ирызкны
Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара хышәҩык рҟынӡа еиднакылон. Аинырра рыман Москва, Ленинград, Тифлис, СССР егьырҭ ақалақьқәеи аҳәаанырцә атәылақәеи рҿынтәи аҵарауааи дареи ҳәа иҳәеит Ашәба.

"Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара алагала шьардоуп Аԥсны абаҟақәеи аԥсабареи рыхьчараҿы. Аилазаара абри азҵаара шьҭнахит ССР Аԥсны Ацентртә анагӡаратә еилакы аҿаԥхьа, анаҩс атәыла абаҟақәа рыхьчаразы акомиссиа алахәны аусура мҩаԥнагон", - ҳәа иҳәеит Аԥсуаҭҵаарадырратә институт аиҳабы.

Лаҵара 28, 1930 шықәсазы Аԥсны Арккаразы жәлар ркомиссариат академиа Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институт ҳәа аиҭакразы ақәҵара аднакылеит. 1931 шықәса нанҳәа 5 рзы еидҵан Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаареи аԥсуа бызшәеи алитературеи Рыҭҵаарадырратә институти. Ацентр ҿыц Аԥснытәи атәылаҿацә аҭҵаарадырратә институт ҳәа хьӡыс иаҭан.
Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба аконференциа алахәылацәа ирзааишьҭыз адныҳәалара аԥхьара ашьҭахь иқәгылеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиҳабы Зураб Џьапуа, ААУ аҭҵаарадырраз апроректор Џьульетта Адлеиаԥҳа.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ажәахәқәа ҟарҵоит аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0