Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атәылахьчара аминистрра агоспиталь ахирургиатә ҟәшеи аԥҟарҭеи шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп

© Foto / Пресс-служба Минздрава АбхазииМинистр здравоохранения Эдуард Бутба посетил Центральную районную больницу Гулрыпша и Центральный Военный госпиталь Министерства обороны Абхазии
Министр здравоохранения Эдуард Бутба посетил Центральную районную больницу Гулрыпша и Центральный Военный госпиталь Министерства обороны Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2022
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дрҭааит Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭеи Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпитали дырҭааит аҩаша, абҵара 22 рзы..
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Атәылахьчара аминистрра агоспиталь ахирургиатә ҟәшеи аԥҟарҭеи шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп. Абри атәы аминистр изеиҭеиҳәеит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Алиас Џьынџьал.
Арҿеиратә усурақәа мҩаԥгоуп ахатәымчқәеи аспонсорцәеи рымчала иҳәеит Џьынџьал.
Аминистрра амедусбарҭа иарҭеит аԥҟаратә хархәагақәа, акоагулиаторқәа, аԥҟаратә лампақәа, аԥҟарҭатә стол, арентген аппарат, автоклав.
Аминистр аԥҟарҭа, анестезиологиа, ареаниматологиа аҟәшақәа, арентгенографиа ауада дырҭаан ибеит, иара убас аҟәша ҷыдаҿы иҭаку рҭагылазаашьа гәеиҭеит.
Гәылрыԥшьтәи араионтә поликлиника аҳақьым хада Гурам Шьоуа иазгәеиҭеит агоспитали ахәшәтәырҭеи рҿы аус шыруа зҟазара ҳараку аҿар.
Иазгәаҭан аԥҟарҭа макьанагь иаҭаху шырацәоу, амедусҳәарҭа ахәҭа аиҭашьақәыргылара шаҭаху.
"Ҳара аԥхьаҟагьы арҭ амедусбарҭақәа гәыгәҭаҳажьуам, иҳалшо ҟаҳҵоит ҳтәылауаа иахәҭоу ацхыраара рыҭара алыршахаларц", - ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭеи Атәылахьчара агоспитали данырҭаа ашьҭахь.
Атәылахьчара аминистрра иатәу агоспиталь аԥҵан жьҭаара 20 1995 шықәсазы уаанӡа иҟаз Аҟәатәи афизико-техникатә институт амедхәҭа ашьаҭала.
Ажәабжьқәа зегьы
0