https://sputnik-abkhazia.info/20221127/lysazaara-dalit-uaanati-asny-aara-ministr-amara-koonia-1042831963.html
Лыԥсҭазаара далҵит уаанӡатәи Аԥсны аҵара министр Ҭамара Коӷониа
Лыԥсҭазаара далҵит уаанӡатәи Аԥсны аҵара министр Ҭамара Коӷониа
Sputnik Аҧсны
Ҭамара Коӷониа Аԥсны ССР аҵара министрс дыҟан 1972-1992 шықәсқәа рзы. 27.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-27T14:50+0300
2022-11-27T14:50+0300
2022-11-27T20:14+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/1b/1042830554_0:117:1536:981_1920x0_80_0_0_55e526cc90a20a220c0ee9237c9abb99.jpg
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Лыԥсҭазаара далҵит уаанӡатәи Аԥсны аҵара министр Ҭамара Коӷониа, абри атәы асоциалтә ҳа аҟны адырра ҟарҵеит лыԥҳаи лҭацеи."Иахьа дҳаԥхеит Ҳанду...Лыԥсҭазаара акырӡа хҭысла игәылҭәаан, ибеиан. Лара леиԥш агәаӷьреи аҟазшьеи змаз ауаа рыԥсҭазаара ианалҵуа- гәыхьуп", - лыҩуеит Асҭанда Ахба.Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, Ҭамара Коӷониа есымша Аԥсны аинтересқәа рыхьчара дазықәԥон.Ҭамара Коӷониа амаҵзура знапы ианылҵоз ауаа лыԥшаахла иалылԥшаауан, уи ҟазарыла илылшон, даргьы рҭыԥқәа рҟны лҵшәа бзиала аус руан иҳәеит Ҷолариа.Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, Ҭамара Коӷониа аусура анҭыҵ зегьы лҩызцәан, ԥсуаҵас асасцәа лыдылкылон."Сыԥҳаи лмоҭа Надир Битиеви ахәыҷбаҳчахь еицныҟәон. Иара ацгәы иазкыз ауаԥс бызшәала ажәеинраала лирҵеит. Ҳаизыҟазаашьақәа аԥхарра аман еснагь", - иҳәеит Ҷолариа.Амилаҭтә библиотека аиҳабы иазгәеиҭеит, Ҭамара Коӷониа лыӡбахә Аԥсны анҭыҵгьы ишырдыруаз, лара илызкны аҳәаанырцәтәи ажурнал "Soviet woman" аҟны астатиагьы кьыԥхьын.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/1b/1042830554_0:129:1536:1281_1920x0_80_0_0_6298bfd07d6693d1f1b4b1a0ec46ec05.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Лыԥсҭазаара далҵит уаанӡатәи Аԥсны аҵара министр Ҭамара Коӷониа
14:50 27.11.2022 (ирҿыцуп: 20:14 27.11.2022) Ҭамара Коӷониа Аԥсны ССР аҵара министрс дыҟан 1972-1992 шықәсқәа рзы.
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Лыԥсҭазаара далҵит уаанӡатәи Аԥсны аҵара министр Ҭамара Коӷониа, абри атәы асоциалтә ҳа аҟны адырра ҟарҵеит лыԥҳаи лҭацеи.
"Иахьа дҳаԥхеит Ҳанду...Лыԥсҭазаара акырӡа хҭысла игәылҭәаан, ибеиан. Лара леиԥш агәаӷьреи аҟазшьеи змаз ауаа рыԥсҭазаара ианалҵуа- гәыхьуп", - лыҩуеит Асҭанда Ахба.
Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, Ҭамара Коӷониа есымша Аԥсны аинтересқәа рыхьчара дазықәԥон.
"Лара 20 шықәса инеиҳаны 1972-1992 шықәсқәа рзы аҵара министрс дыҟан. Лнапхгарала ҳтәылаҟны иргылан 150 школ. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны лажәа ӷәӷәан. Ҭамара Иван-иԥҳа ҳаҭыр ду лықәырҵон, лажәа иазыӡырҩуан. Лара аҵара система аҿыцрақәа алагалара дацәшәомызт", - иҳәеит иара.
Ҭамара Коӷониа амаҵзура знапы ианылҵоз ауаа лыԥшаахла иалылԥшаауан, уи ҟазарыла илылшон, даргьы рҭыԥқәа рҟны лҵшәа бзиала аус руан иҳәеит Ҷолариа.
Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, Ҭамара Коӷониа аусура анҭыҵ зегьы лҩызцәан, ԥсуаҵас асасцәа лыдылкылон.
"Сыԥҳаи лмоҭа Надир Битиеви ахәыҷбаҳчахь еицныҟәон. Иара ацгәы иазкыз ауаԥс бызшәала ажәеинраала лирҵеит. Ҳаизыҟазаашьақәа аԥхарра аман еснагь", - иҳәеит Ҷолариа.
Амилаҭтә библиотека аиҳабы иазгәеиҭеит, Ҭамара Коӷониа лыӡбахә Аԥсны анҭыҵгьы ишырдыруаз, лара илызкны аҳәаанырцәтәи ажурнал "Soviet woman" аҟны астатиагьы кьыԥхьын.