"Аԥшәма изы абзиара зҭаху иеишуам": ала иазку аԥсуаа разгәаҭарақәак

© Sputnik / Томас Тхайцук Набережная Махаджиров Абхазии
Набережная Махаджиров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2022
Анапаҵаҩра
Ала иазку аԥсуаа разгәаҭарақәак Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ҳазҭагылоу аамҭазы адгьыл аҿы иануп ҩ-миллионк инарзынаԥшуа аԥстәы хкқәа. Амала, ажәытәан ауаҩы игәы иақәшәаны, зегь раԥхьаӡа инапахьы иааигаз ԥстәуп ала. Иахьа уажәраанӡагьы ала ауаҩы ҩызара изнауеит, ицхраауеит ашәарыцараҿ, имал, ирахә рыхьчараҿ, дахьчоит ихаҭагьы.
Контактный зверинец в поселке Бзыбь Гагрского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2022
Аԥсны
"Амамырџагә еиԥш": ауаҩи аԥсаатәи реиҿырԥшразы ажәақәак
Еицырдыруа афольклорист Сергеи Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа" аҿы абас иҩуан: "Ауаҩы даныԥслак, иԥсы ахәыц аҟара ипоу ацҳа иқәсны нарцәыҟа ицоит. Ацгәы неины уи ацҳа ахәша ахьнашьуеит, ауаҩы данықәсуа дықәҵәырны џьаҳаным дҭаҳарц. Иқәсуа еиқәырхаразы ала неины ацҳа арбзоит, ацыгәгьы аҽыԥныҳәа анаҭоит: "Бзиара ашьҭахь бзиара ыҟам акәымзар, сара ашҭа сҭаҵаны санрымаз, уара аҩны аҩнуҵҟа аишәа аҵаҟа уртәаны акруҿарҵон. Абас аума ауаҩы абзиара иузиуз аҭак шыҟауҵо?" ҳәа".
Еснагь ала ауаҩы изы агәы разын, ҩба аҵамызт, убри аҟнытә ԥхьаҟа агәаҟра-арыцҳара дақәшәараны даныҟоу заанаҵ ацәа ианыруеит, аԥшәма игәиҽаннаҵоит рҳәон. Иаагозар, ала иахҳәааны иҟоу азгәаҭарақәа иреиуоуп:
Ала аԥшәма изы абзиара зҭаху еишуам. Абзиара иҭахымзар, егьарааны даауазаргьы, - есқьынгьы иеишуеит рҳәоит.
Ала, (еиҳарак ала шкәакәа) есыуаха акы абазшәа ашра хҭанакыр, насгьы инышьҭафҩуа-аашьҭафыҩуа амӡырха иқәны, зны-зынлагьы акы иаршәазшәа аҩныҟа иҩуа иаауа иалагар, уи аҩнаҭаҟнытә аӡәы ԥыҭрак дахьымаара хара дцоит, ма аӡәы дыԥсуеит.
Ала аҩны иҩнамԥшыкәа агәы ҭәуам рҳәоит.
Ала ауура хҭанакыр, ахы зықәку аҩнаҭаҿы аӡә дыԥсуеит, ма абылра ҟалоит ҳәа азгәарҭоит.
Ала ахы иқәкны зыҽзыҟәнарххо – асас дизаауеит, даҽа вариантк аҿы - уаашьо уалагоит рҳәоит.
Ала ахәы зфаз аларқәықә ихьуеит
"Ала иарбаны акруфар, мамзаргьы ала ахәы зфаз - аларқәықә ихьуеит" - рҳәон ажәытәуаа. Аларқәықә (азгә. абзыԥқәа рҿы "акәырҵыкь" ҳәа иашьҭоуп, иара урысшәала "ячмень" ахьӡуп) – блахьаа чымазароуп, адуцәагьы ахәыҷқәагьы ирчычар алшоит. Ауаҩы изблак аҿы иалҵуеит, икәылпылӡа иҭатәоит, ихҭәасаауеит.
Стая береговых ласточек возле своих гнезд на берегу водохранилища Новосибирской ГЭС. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2020
Ажәҵыс ахьнеиуа амшра иатәуп: аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа
Ачымазара ахәштәразы зегьы раасҭа ахархәара аман "акәырҵыкь (аларқәықә) ҭәҳәа". Аҭәҳәаҩ зыбла акәырҵыкь алҵыз лаԥхьа днартәаны, лыбжьы ныҵакны хынтә илҳәон:
Кәырҵыкь, Кәырҵыкь!
Цәышьы шьапы сынкылԥшын,
Кәырҵыкь збеит.
Удухозар, аца шьапы уаҟараха.
Ухәыҷхозар, уа уалаԥс!
Чфу, чфу, чфу!
Аҭәҳәа даналгалак, абысҭа ҿаҵа цаҳә-цаҳәо инаганы акәырҵыкь ахьалҵыз аҭыԥ иақәылҵоит. Уа иақәзаауеит ихьшәашәаанӡа. Ианхьшәашәалак иаақәхны, ала иаҿарҵоит. "Акәырҵыкь ахаҭа ала иафеит, ала иагеит!" рҳәон. Уинахыс ауаҩы ихыҵны ицоит, алаҿы иаанхоит ҳәа иԥхьаӡан.
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара аҭан афольклорист Цира Габниаԥҳа лыстатиақәеи лфольклортә нҵамҭақәеи еидызкылаз ашәҟәы "Амифи аритуали".
Ажәабжьқәа зегьы
0