https://sputnik-abkhazia.info/20221129/aakha-inarkny-ay-ayna--agalan-aa-1042843346.html
Аӡахәа инаркны аҩы аҟынӡа – ҭагалан "аԥа"
Аӡахәа инаркны аҩы аҟынӡа – ҭагалан "аԥа"
Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа рҿы ажь ааӡара акультура ашьақәгылареи, "Нар улбааит!" аныҳәареи, аҩы иалырхуа аԥсуаа рчысхкқәа иреиуоу аџьынџьыхәеи ақалмышьи ҵакыс ирымоуи ртәы... 29.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-29T10:40+0300
2022-11-29T10:40+0300
2022-11-29T10:40+0300
жәлар рдоуҳа
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101973/81/1019738130_0:632:6016:4016_1920x0_80_0_0_a168d0697d4c6805428d33f8342eb3fb.jpg
Нар "ҵла" башамҬагалан агьама - уи хымԥада илаҳа-лаҳауа аҳауа иалоу, узырҩышьуа ажь афҩы хаа ауп. Ажь ааӡара акультура аԥсуаа рҿы азқьышықәсақәа ирықәлоуп. Уи зырҵабыргуа иреиуоуп алингвистикатәи афольклортәи аматериалқәа. Ажәа "аӡахәа" ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп: "аӡа" - иаӡоу (иаҳҳәап, "амҿы аӡа"), "хәа" - ихәоу, ихәахәоу мацарагьы акәым иаанаго, жәлар рҳәамҭақәеи рашәақәеи рҿы аелемент "хәа" цәырҵуеит "аԥа" ҳәа аҵакы аманы. Атермин "ажь" акәзар, Шьалуа Инал-иԥа ауаҩы ицәеижь азырбо ажәа иадикылоит – "ажьы". Аԥсуаа ҳҟны идыруп иара убасгьы аныҳәара "Нар улбааит!" ҳәа. Инаҵшьны иазгәаҭатәуп, иарбан ҵлазалаак иқәу изыркуам ари ажәа, асеиԥш ала аԥсшәа зарҳәо ажь ҭаауа аҵла иқәу ауаҩы иоуп. Уи инамаданы ухаҿы иааиуеит Витали Амаршьан иажәеинраала аҟынтәи ацәаҳәақәа: "Нар улбааит" ҳәа ҳажәа иалоуп, Исазҳәода Нар закәу? Нар "ҵла" башам, Жәҩангәашәԥхьароуп, Нар доуҳамчуп изызку…"Аԥсуаа рнапы назкьысуаз зегьы адоуҳамч ахарҵон, хыхьынтәи алаԥш хаа иаҳәон. Адоуҳамчра амоуп иара ажь иалырхуа аҩгьы ("ажь" - ажьы" иадыркылозар, "аҩы" - "ашьа"). Аӡахәеи ажьи аҩи "ажьи-ацәеи ирылҵыз аԥеи" ирыдукыло иҟоуп. Иарбан ныҳәазаалакгьы аҩы доуҳамчык змоу атрибутны аишәа иадыргалоит. Еиуеиԥшым аныҳәарақәа раан акы ашьа анкарҭәогьы, аҩы адгаланы иныҳәоит. Араҟа иҳәатәуп иара аӡахәа ахаҭагьы жәҩантә мчы змоу маҭәарк аҳасабала ҩ-дунеик еидызҳәало махәҭаны ишахәаԥшуа. Арҭ зегьы идырҵабыргуеит ажь ааӡара акультура шжәытәӡоу.Аџьынџьыхәа, ақалмышьАжь иалырхуеит, иара убас, аԥсуаа рчысхкқәа рҿы архаагақәа иреиуоу аџьынџьыхәеи ақалмышьи. Ақалмышь ажьырӡы ршны, ашыла алаԥсаны абысҭеиԥш ируеит, амала имыржәпацәакәа, иаарҵаӷаны. Уаанӡа ашьақар амҭаӡакәа иҟарҵон, уажәы ашьақаргьы аҭаны идырхаауеит. Аџьынџьыхәа аныҟарҵо акәзар, араса, мамзаргьы акакан арахәыц иахаԥсаны абри иҟарҵо ақалмышь иӡааршьуеит, нас амраҿы идырҩоит. Аџьынџьыхәеи ақалмышьи аишәаргыларақәа рҿы ахархәара рымоуп. Иаҳҳәап, аԥсра ахьыҟоу аԥсы ихәы ҳәа аҳалуа ҟаҵаны ишықәдыргыло еиԥш, ақалмышьгьы аԥсы азы иҟарҵо аишәаргыларақәа рҿы иқәырҵоит. Аџьынџьыхәагьы убасҵәҟьа. Аиҳабацәа ишеиҭарҳәо ала, ажәытә аԥсхәрақәа рҿы "ашьамаҟа" (аҵла еиԥш идуу ацәашьы) аҟны аџьынџьыхәақәа хшьны иҟарҵон. Ҭагалан аамҭа анаскьагарагьы асакралтә ҟазшьақәа машәыршақә ирыҵам. Ари аамҭа амзартә рыцхәк аҟынтәи даҽа амзартә хҵәахак ахь аиасра аанарԥшуеит. Убри аҟнытә ара нарцәи аарцәи адунеиқәа реилысра иасакьаҳәымҭоуп, уи иазынархоуп ари аамҭазы имҩаԥырго аритуалқәа зегьы. Ари аамҭа наскьаганы ҿыц иааиуа аӡын-ааԥынтәи амра агылара иаԥылоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20200126/Ua-aura-uup-Nar-ulbaait-asuaa-rasshaashazy-zgaaraak-1029315739.html
https://sputnik-abkhazia.info/20191102/Akay-Aardan-Amlakh-aakha-azh-ay-asuaa-rkulturay-1026939050.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211112/arasei-akakani-zgylou-agyrkhaaga-akhyzhla-aynykha-shyaro-1036306834.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230104/apsua-mzar-amzakua-ryhyz-ashakugylasha-iazku-zguatarakuak-1026168877.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101973/81/1019738130_465:0:5820:4016_1920x0_80_0_0_b90003a417697ce233b0a49bfe198285.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
жәлар рдоуҳа, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Аӡахәа инаркны аҩы аҟынӡа – ҭагалан "аԥа"
Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Аԥсуаа рҿы ажь ааӡара акультура ашьақәгылареи, "Нар улбааит!" аныҳәареи, аҩы иалырхуа аԥсуаа рчысхкқәа иреиуоу аџьынџьыхәеи ақалмышьи ҵакыс ирымоуи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Ҭагалан агьама - уи хымԥада илаҳа-лаҳауа аҳауа иалоу, узырҩышьуа ажь афҩы хаа ауп. Ажь ааӡара акультура аԥсуаа рҿы азқьышықәсақәа ирықәлоуп. Уи зырҵабыргуа иреиуоуп алингвистикатәи афольклортәи аматериалқәа. Ажәа "аӡахәа" ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп: "аӡа" - иаӡоу (иаҳҳәап, "амҿы аӡа"), "хәа" - ихәоу, ихәахәоу мацарагьы акәым иаанаго, жәлар рҳәамҭақәеи рашәақәеи рҿы аелемент "хәа" цәырҵуеит "аԥа" ҳәа аҵакы аманы. Атермин "ажь" акәзар, Шьалуа Инал-иԥа ауаҩы ицәеижь азырбо ажәа иадикылоит – "ажьы". Аԥсуаа ҳҟны идыруп иара убасгьы аныҳәара "Нар улбааит!" ҳәа. Инаҵшьны иазгәаҭатәуп, иарбан ҵлазалаак иқәу изыркуам ари ажәа, асеиԥш ала аԥсшәа зарҳәо ажь ҭаауа аҵла иқәу ауаҩы иоуп. Уи инамаданы ухаҿы иааиуеит Витали Амаршьан иажәеинраала аҟынтәи ацәаҳәақәа:
"Нар улбааит" ҳәа ҳажәа иалоуп,
Нар "ҵла" башам, Жәҩангәашәԥхьароуп,
26 Ажьырныҳәа 2020, 14:44
Аԥсуаа рнапы назкьысуаз зегьы адоуҳамч ахарҵон, хыхьынтәи алаԥш хаа иаҳәон. Адоуҳамчра амоуп иара ажь иалырхуа аҩгьы ("ажь" - ажьы" иадыркылозар, "аҩы" - "ашьа"). Аӡахәеи ажьи аҩи "ажьи-ацәеи ирылҵыз аԥеи" ирыдукыло иҟоуп. Иарбан ныҳәазаалакгьы аҩы доуҳамчык змоу атрибутны аишәа иадыргалоит. Еиуеиԥшым аныҳәарақәа раан акы ашьа анкарҭәогьы, аҩы адгаланы иныҳәоит. Араҟа иҳәатәуп иара аӡахәа ахаҭагьы жәҩантә мчы змоу маҭәарк аҳасабала ҩ-дунеик еидызҳәало махәҭаны ишахәаԥшуа. Арҭ зегьы идырҵабыргуеит ажь ааӡара акультура шжәытәӡоу.
Ажь иалырхуеит, иара убас, аԥсуаа рчысхкқәа рҿы архаагақәа иреиуоу аџьынџьыхәеи ақалмышьи. Ақалмышь ажьырӡы ршны, ашыла алаԥсаны абысҭеиԥш ируеит, амала имыржәпацәакәа, иаарҵаӷаны. Уаанӡа ашьақар амҭаӡакәа иҟарҵон, уажәы ашьақаргьы аҭаны идырхаауеит. Аџьынџьыхәа аныҟарҵо акәзар, араса, мамзаргьы акакан арахәыц иахаԥсаны абри иҟарҵо ақалмышь иӡааршьуеит, нас амраҿы идырҩоит.
Аџьынџьыхәеи ақалмышьи аишәаргыларақәа рҿы ахархәара рымоуп. Иаҳҳәап, аԥсра ахьыҟоу аԥсы ихәы ҳәа аҳалуа ҟаҵаны ишықәдыргыло еиԥш, ақалмышьгьы аԥсы азы иҟарҵо аишәаргыларақәа рҿы иқәырҵоит. Аџьынџьыхәагьы убасҵәҟьа. Аиҳабацәа ишеиҭарҳәо ала, ажәытә аԥсхәрақәа рҿы "ашьамаҟа" (аҵла еиԥш идуу ацәашьы) аҟны аџьынџьыхәақәа хшьны иҟарҵон.
Ҭагалан аамҭа анаскьагарагьы асакралтә ҟазшьақәа машәыршақә ирыҵам. Ари аамҭа амзартә рыцхәк аҟынтәи даҽа амзартә хҵәахак ахь аиасра аанарԥшуеит. Убри аҟнытә ара нарцәи аарцәи адунеиқәа реилысра иасакьаҳәымҭоуп, уи иазынархоуп ари аамҭазы имҩаԥырго аритуалқәа зегьы. Ари аамҭа наскьаганы ҿыц иааиуа аӡын-ааԥынтәи амра агылара иаԥылоит.