"Уа, аура уқәуп!", "Нар улбааит!": аԥсуаа раԥсшәаҳәашьазы згәаҭарақәак

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДолгожители из абхазского села Джерда (слева направо): Теба Шармат (115 лет), Нестор Ашуба(95 лет), Шларба Астана (110 лет)
Долгожители из абхазского села Джерда (слева направо): Теба Шармат (115 лет), Нестор Ашуба(95 лет), Шларба Астана (110 лет) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Егьырҭ амилаҭқәа ирыламҩашьо аԥсуаа раԥсшәаҳәашьа иазкны аматериал Sputnik иазлырхеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Адунеи ҭбааҭыцә иқәынхо амилаҭқәа зегьы ирымоуп даҽакы иаламҩашьо, рхатәы аԥсшәеибыҳәашьақәа. Аԥсшәеибыҳәашьа ҳаԥсҭазаара иахәҭаку, зда ԥсыхәа ыҟам еизыҟазаашьоуп.

Уажәыгь сыбла ихгылоуп, ҳҭаацәараҿы иеизҳауаз ахәыҷқәа ҳаиҳабацәа, ҳҭаацәа ианҳабжьыргоз, ашьыжь - "Шьыжьбзиа", ҽынла - "Мшыбзиа", уахынла - "Хәлыбзиа" ҳәа иуԥылаз ауаҩы ишиаҳәатәу.

Иаҳиа Акәтба - Sputnik Аҧсны
Иаҳиа Акәтба: ҳара аԥсуаа ҳлеишәа, ҳаихаҵгылара аҩыза аӡәгьы имам, егьыҟаиҵом

Аҵыхәтәантәи аамҭазы, изааӡари, ҳаԥсшәаҳәашьа даара аҽеиҭанакит. Ҳара иаҳтәу "Мшыбзиа" аҭыԥан иҳамхаҳәо ҳалагеит "Добрый день!" Аҿырԥштәқәа раагаразы хара сызцом, салагоит сҵаҩцәа рыла. Абар шықәсқәак ҵуеит арҵаҩы изанааҭ снапы алакуижьҭеи, ҷышәрак иадамзаргьы ԥышәа хәыҷык сырҳахьеит. Шьыжьымҭанла ишаԥу еиԥш, "Шьыжьбзиақәа! Шәышԥаҟақәоу?" ҳәа аԥсшәа анаарасҳәо, "Шьыжьбзиақәа! Ҳабзиоуп!" ҳәаны аҭак сызҭо ҟало иалагеит. Мамзаргьы, "Абзиараз" ҳәа нараҳәаны ауада адәылҵра сҽаназыскуаз, даргьы "Абзиараз" ҳәа насышьҭарҳәон.

Аханатә аԥсуаҵас аԥсшәеибыҳәараҿ, "Шьыжьбзиа! Ушԥаҟақәоу?" ҳәа аԥсшәа уазҳәаз "Бзиа убааит! Хара сымам!" - иҳәон. "Хара сымам" иаанагоз, Анцәа иҿаԥхьа хара сымам ауп. "Абзиараз" ҳәа ауаҩы аԥсшәа науаҳәаны имҩа дықәлазар, "Абзиаӡа!" ҳәа иаҳәатәуп.

Абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Шьынқәба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьынқәба: аԥсуаа машәыршақә акәӡам рашҭаҟны ачара зыруоз

Аԥсшәеибыҳәара ахкқәа

Аԥсшәеибыҳәара ахкқәа ртәы ҳҳәозар, урҭ рхыԥхьаӡара рацәоуп. Иҟоуп зхархәара ҭбаау, зхархәара маҷу, иара убас зынӡа ахархәара зцәыӡхьоу. Аԥсшәа анырҳәо, ишырҳәо иаҿырԥшны еихушар ауеит абас: ачара иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа, аԥсра иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа, акрыфара иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа, ашәарыцара иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа, аусура (аџьа) иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа, арахәааӡареи ахьчареи ирыдҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа уҳәа уб.иҵ.

Иаҳа инаҵшьны сырзааҭгыларц сҭахуп ачара, аԥсра, аусура (аџьа) ирыдҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьақәа.

Ачараҿы аԥсшәеибыҳәашьа

Аԥсуаа ачара ахьыҟоу аҩнаҭа ашҟа ианымҩахыҵуазы ирымоуп агәырӷьаратә гәалаҟазаара иақәшәаша аԥсшәеибыҳәашьақәа. Урҭ иреиуоуп:

  • Ҭацамш даажәгааит.
  • Чарамш жәуааит.
  • Шәрықәгәырӷьааит.
  • Шәзыргәырӷьаша Анцәа ишәзааигалааит.

Аҭак: "Абзиара шәақәшәааит!"

Ачара аҟнытә асасцәа аҩныҟа ицаразы иандәықәло аԥшәмацәа ирарҳәоит абас еиԥш иҟоу ажәақәа: "Еснагь абзиараз ҳашәзааилааит!" Ҭакс ирҳәоит: "Абзиаразы ҳшәызнеилааит".

Аусура (аџьа) иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа

  • Аҵла иқәлан ажь зҭаауа "Нар улбааит" ҳәа иарҳәоит.  Аҭак – "Бзиара убааит!"
  • Ажьира иаҿу изы "Зымаа уку илԥха уоуааит!" рҳәоит. Аҭак – "Бзиара убааит!"
  • Ауардын аидара ақәҵаны иаазго дануԥылалак, ирҳәон "Уа, аура уқәуп!", мамзаргьы "Абзиаразы инухааит!" Ҭакс ирҳәоит "Бзиара убааит!"
Ацәашьы - Sputnik Аҧсны
Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа – ашәаџьҳәареи аҷаԥшьареи

Аԥсраҿы аԥсшәеибыҳәашьа

Аԥсра иацу аҵасқәа ҳмилаҭ рҟны ирацәаӡоуп, аԥсраҿы унеины аԥсы дануҵәыуалак ашьҭахь, аҭынхацәа урыдышшылароуп. Убри аҟнытә, аԥсраҿы аԥшәеибыҳәара иаиуеит адышшыларатә ҵакы. Аԥсраҿы ирҳәо адышшылашьа аформақәа иреиуоуп:

  • "Сгәы иалсит". Ҭакс – "Угәы иалсра Анцәа иузааимгааит". Ари инарҭбааны ахархәара змоу адышшыларатә формоуп.
  • "Анарцә дышәцәымӡааит!" Абри аҩыза адышшылашьатә форма рхы иадырхәоит аӡҟы дахьыԥсыз аҩнаҭаҿы. Ҭакс ирҳәоит "Абзиараз ҳашәзааԥсааит!"
  • "Иааԥсара шәзыбзиарахааит!", "Иниҵыз еиҳа нышәҵааит!", "Ихараҭ бзиахааит!" Аҭак – "Абзиараз ҳашәзааԥсааит!" Ас еиԥш иҟоу адышшыларатә формақәа ахархәара рымоуп абырг дахьыԥсыз аҩнаҭаҿы.

Аԥсраҿы еицыҟаз еиԥырҵны досу рыҩныҟақәа рахь ианцо, ирҳәоит: "Абри нахыс абзиарақәа иртәны ҳаицныҟәалааит".

Аԥсуаа ирымоуп иҵегьы ирацәаны аԥсшәеибыҳәашьа аформақәа. Урҭ рахьтә еиҳа ахархәара змоу роуп уажәазы ҳаззааҭгылаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0