Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥызацәеи аӡхәцәеи: иҭыҵит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц

© Foto / предоставила Татьяна Гулиа Dышла новая книга Александра Орлова-Кретчмер
Dышла новая книга Александра Орлова-Кретчмер - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2022
Анапаҵаҩра
Александр Орлов-Кретчмер –асоциологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, жәабала аҭыжьымҭақәа равтор.
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иҭыҵит апрофессор Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц "ВКП(б) аԥызацәеи аӡхәцәеи. 1920-1930-тәи ашықәсқәа раан Кавказ арепрессиақәа рҭоурых".
"Ари ашәҟәы акәым, уаанӡа ирымбацыз ма ирмаҳацыз илыԥшааху адокументқәа ркаталог ауп ҳәа уҳәар алшоит. Ара иагәылоу адокументқәа хаҭала сара сархивқәа иара убасгьы 20-30-тәи ашықәсқәа рҭоурых документқәа еизызго аколлекционерцәа рархивқәа рҟынтәоуп", - иҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Татиана Гәлиаԥҳа аинтервиу лыҭо.
Адокументқәа ирныԥшуеит Аԥсны аҭоурых иашаҵәҟьа ҳәа иҳәоит аҵарауаҩ.
"Арҭ иуникалтәу документқәоуп, ВКП(б), аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа, ламыслеи ламысдаралеи азықәԥарақәа ртәы еиҭарҳәоит. 20-30-тәи ашықәсқәа ишьаарҵәыроу ҭоурыхуп. Раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп Нестор Лакоба ишәҟәеимдара, иархив", - ҳәа еиҭеиҳәоит Орлов-Кретчмер.
Ашәҟәы ҭыҵит аҭоурых иазку зеиԥш маҷу адокументқәа рколлекциеиҿкаара иалҵшәаны ҳәа иҳәоит автор. Убри аан иазгәеиҭеит иара ихаҭа иеиԥш аҳәаанырцә тәылақәеи икоммерциатәым аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәагьы ишреизгамҭоу.
"Иҟан агәаанагара архив еидкылазарц. Сара ари Стендфордтәи ауниверситет иадызгалеит. Дара аинтерес аадырԥшит, аха ирҳәеит архив ЕАА иаҭаны, уа аналитикатә еизга ҭыжьзарц. Убри аан иазхаша аматериал рымамызт", - иҳәеит иара.
© Foto / предоставила Татьяна Гулиа

Аԥызацәеи аӡхәцәеи: иҭыҵит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц

Аԥызацәеи аӡхәцәеи: иҭыҵит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц - Sputnik Аҧсны
1/2

Аԥызацәеи аӡхәцәеи: иҭыҵит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц

© Foto / предоставила Татьяна Гулиа

Аԥызацәеи аӡхәцәеи: иҭыҵит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц

Аԥызацәеи аӡхәцәеи: иҭыҵит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц - Sputnik Аҧсны
2/2

Аԥызацәеи аӡхәцәеи: иҭыҵит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц

1/2

Аԥызацәеи аӡхәцәеи: иҭыҵит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц

2/2

Аԥызацәеи аӡхәцәеи: иҭыҵит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟә ҿыц

Ашәҟәаҿы раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп "аԥсуа ҩызцәа рус" аматериалқәа.
"Ари ареспублика Аконституциа аԥсахра алзыршаз усуп, уи адагьы, атәыла аԥхьатәи ахаҿқәа рхатә документқәа иреиуоуп. Ара иҟоу зегьы – адокументқәа, аԥкаанҵақәа уҳәа Аԥсны аҭоурых зҩыр зҭаху рзы адоктортә диссертациақәа рыҩра иазхаша материалуп", - иҳәеит Александр Орлов-Кретчмер.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Татиана Гәлиаԥҳа илҳәеит ашәҟәы Аԥсныҟа иаагазарц азы ашәҟәҭыжьырҭа ишрацәажәо.
"ВКП(б) аԥызацәеи аӡхәцәеи. 1920-1930 шықәсқәа раан Кавказ арепрессиақәа рҭоурых" атираж 500 екземплиар иҟоуп.
Актәи аԥсуа ԥырҩы идокументқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2019
Аҵак ду змоу архивтә документқәа Аибашьратә фырхаҵара амузеи иаҭоуп
Александр Орлов-Кретчмер – асоциологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, жәабала аҭыжьымҭақәа равтор, аколлекционер, иара иархив иахәҭакуп аԥсуа тематика. Асовет аамҭақәа рзы иара еиуеиԥшым анапхгаратә маҵзурақәа дырхагылан. Аҟәатәи ақалақьнагӡком аҿы Орлов-Кретчмер аргылареи акоммуналтә нхамҩеи хылаԥшра риҭон. Иара инапхгарала иргылан Араион ҿыц, аҳҭнықалақь аӡымҩангагақәа, ацрыҵрыцқьарҭақәа, афымцатә ҳақәа, апаркқәа.
Александр Орлов-Кретчмер ида адунеи аҟны "1927-1928 шш. рзтәи аԥсуа ҩызцәа рус" аԥкаанҵақәа зегьы аӡәгьы имам.
Ажәабжьқәа зегьы
0