Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афонҿыцтәи ахәыҷбаҳча аремонт ашьҭахь 2023 шықәса алагамҭазы аусура иалагоит

© Sputnik / Акоп Кущян Осень в Абхазии
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Анапаҵаҩра
Афон ҿыц Аинвестпрограммала ахәыҷбаҳча ргылан 2019 шықәсазы. Иара аадыртит 2020 цәыббрамзазы, аха иара аусура аанкылатәхеит 2020 шықәса лаҵарамзазы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Афон ҿыц ахәыҷбаҳча аусура еиҭалагоит 2023 шықәсазы аремонт ашьҭахь иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Афон ҿыц ахада Ҭемыр Оҭырба.
Иара Аинвестпрограммала ахәыҷбаҳча ргылан 2019 шықәсазы. Иаадыртит 2020 цәыббрамзазы, аха уи аусура аанкылатәхеит 2020 шықәса лаҵарамзазы.
Вид на Новый-Афон - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Аԥсны
Ахада даҭааны ибеит Аинвестпрограммала Афон Ҿыц иргылаз ахәыҷбаҳча
Усҟан ааӡаҩцәа ишырҳәаз ала, ашҭаҿы амаҭқәа аанахәеит, аҭыӡқәа шьшьеит, ахыбра аҵаҟа аӡы аҵало иалагеит.
Оҭырба ишиҳәаз ала, ари зегьы зыхҟьаз аҩаршьҭратә система апроблемақәа ахьамаз ауп, уи иахҟьаноуп ахыбреи ашҭеи аӡы зрыҵалаз.
"Аҩарцарҭақәа ралдара ахарџьынҵаҿ иарбамызт, уи азы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи миллионки бжаки азоужьын. Ажрақәа рылдара апроблема рыӡбеит, аха даҽа проблемакгьы цәырҵит. Ахәыҷбаҳча ахархәарахь ирырҭаран ишыҟаз акран хжәеит, аихагылақәа ҩба аӡы рыҵалеит. Иԥсахтәхеит 700 метр ԥшьыркца аламинат. Ари иазоушьҭхар акәхеит абиуџьет аҟынтәи ҩ-миллион мааҭк", - иҳәеит Оҭырба.
Афон ҿыц аиҳабы дақәгәыӷуеит ажьырныҳәамза инаркны шәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа здызкылар зылшо ахәыҷбаҳча аусура иалагап ҳәа. Ақалақь аҿы иҟоуп даҽа хәыҷбаҳчак - 80-ҩык инадыркны 95-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа зкуа. Аобиектқәа рыҩбагь аус рулар, ахәыҷбаҳчақәа рыпроблема ӡбахоит.
Оҭырба иҳәеит ахәыҷбаҳча аҵакыраҿы ишыҟоу ахәмарырҭақәа хәба. Урҭгьы ақалақь ахарџь ала еиҭашьақәыргылатәхеит. Ирықәхарџьуп 600 000 мааҭ. Аҭыԥантәи амчрақәа иара убасгьы иаархәеит, иагьықәдыргылеит миллионки бжаки рыхҭынҵаны аҳауархьшәашәагақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0