Ашьаусҭҵааратә еилакы Урыстәыла ар рзы афеикқәа алазырҵәоз иганахьала аусҭҵаара хнаркәшеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГубернатор Хабаровского края С. Фургал доставлен в СК РФ
Губернатор Хабаровского края С. Фургал доставлен в СК РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы урыстәылатәи ар рзы афеикқәа алазырҵәоз америкатәи аилахәыра анапынҵақәа шынеигӡоз шьақәнаргылеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы аусзуҩцәа урыстәылатәи ар рзы афеикқәа алазырҵәоз иганахь ала русҭҵаара хдыркәшеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ишьақәдыргылеит Урыстәыла ЕАА 2020 шықәсазы имҩаԥысуаз алхрақәа ахы рыланагалазшәа асхема шышьақәдыргылаз.
"Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә Маҵзура адырра ҟанаҵеит Колумбиа атәылауаҩ Хиральдо Сараи Альберто Енрике иганахьала аусҭҵаара хнаркәшеит ҳәа. Иара харас идырҵоит УА ар Украина рхымҩаԥгашьаз аинформациа ԥаршеи ахархәара (УА АЗ ахәҭаҷ 207, ахә. 2, ахәҭеиҵақәа "б, г" )", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы адырра ҟанаҵеит ашьаусҭҵаара шхацыркыз УА АШәМ аконтрԥшыхәратә маҵзура аматериалқәа рышьаҭала. Латынтәи Америка ауаҩԥсы мшаԥымзазы Москватәи аӡбарҭа дарбаандаҩит. Аусӡбарҭа ишьақәнаргылеит хәажәкыра 5 инаркны мшаԥы 9 рҟынӡа Урыстәыла анхараз азин змоу ари ахаҿы Москва ахәаахәҭратә центрқәа руак аҿы ателефонқәа шықәиргылоз, урҭ рыла аоператорцәа урыстәылатәи ар Украина рхымҩаԥгашьаз афеикқәа алаирҵәаларц.
Аилак аҿы иазгәарҭеит аколумбиауаҩ еиҿкааз агәыԥ дшалахәыз, иумҭақәа напхгара шрырҭоз аҳәаанырцәуаа. Уи азы иара аԥара изыршәон. Уажәы ари ахаҵа дырбаандаҩуп.
"Ахара зхараҵои егьырҭ аус алахәылацәеи рышәҟәеимдара ҭҵаауп. Ишьақәыргылоуп аҳәаанырцәтә еиҿкаара Digital Humanity (ЕАА) аинтересқәа ишрызкыз русура", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Уи адагьы ишьақәыргылан ари агәыԥ Урыстәыла ЕАА 2020 шықәсазы имҩаԥысуаз алхрақәа ахы рыланагалазшәа асхема шышьақәдыргылаз ҳәа рҳәеит УА АЕ аҿы.
"Арҭ афактқәа аҳәынҭқарра ашәарҭадара еиԥзырҟьо ацәгьаус рнырԥшраз ахәшьараҟаҵаразы ирыҭоуп", - рҳәеит аусбарҭаҿы. Аԥарақәеи афинанстә активқәеи ырбаандаҩуп, егьырҭ алахәылацәа рышьҭазаара еиҿкаауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0