ЕАА Урыстәыла алхрақәа ирылахәызшәа ҟаҵо ацәгьара ацалахәыҩ абиткоинқәа изынарышьҭуан

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин.
Сувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Америкаа Урыстәыла 2020 шықәсазы алхрақәа ирылахәызшәа ҟаҵо, Урыстәыла иаԥҵаз аелектронтә ԥошьҭала аус рыцызур зҭаху амаҵзура ҷыда аусзуҩ ихьӡала акәушәа ашәҟәы ԥаршеиқәа рыҩуан, аҭакс биткоинқәа изынарышьҭуан ҳәа аҳәоит аҭҵааратә ус аҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аматериалқәа руак ишаныԥшуала Альберто Хиральдо Сараиа ителефон ала ашәҟәы иҭагалаз електронтә ԥашьҭак аҟынтә 2020 шықәса цәыббрамзазы Урыстәыла амаҵзура ҷыда аусзуҩык иҟынтә америкаа ашәҟәы "рзынашьҭын" амаӡақәа рзааиртырц шиҭахыз азы.
Уи аԥхьа ЕАА Аҳәынҭдепартамент асоциалтә ҳақәа рҿы алаҳәара ҟанаҵеит америкатәи алхрақәа рылахәразы аинформациа рызҭо 10 миллион доллар шизыршәо азы.
Абри ашьаҭхь амаҵзура "CentrSoobsh" аҟынтә урыстәылатәи абонентцәа SMS дыррақәа роуа иалагеит: ЕАА Аҳәынҭдепартамент америкатәи алхрақәа рылахәразы аинформациа азҭо 10 миллион изшәара иазыхиоуп. Адыррақәа рынашьҭра ҟалоит: rfj.tips/bngc". Азхьарԥш укылнагоит ЕАА АД аофициалтә программа "Азинхьчара ацхрааразы агәазыҳәара" ахь.
Альберто Енрике Хиральдо Сараи иганахь ала иҟоу аматериалқәа рыла жәабран 17, 2022шықәсазы иара ителефонқәа рҟынтәи иара абри асхемала урыстәылатәи абонентцәа ирзынашьҭын абри атекст: "Ахакер дыжәдыруазар ҟалоит. Иҟашәҵар зылшо адырразы агәазыҟаҵара шәоуеит" ҳәа.
Ари азхьарԥшгьы укылнагоит ЕАА АД аофициалтә программа "Азинхьчара ацхрааразы агәазыҳәара" ахь. Сс Фейковый "предатель", писавший с телефонов Альберто ителефон аҟынтә изыҩуаз афеик "чарҳәаҩ" аҭак ирҭон еиҳа зыгәра угаша аимадаратә канал ахь диасырц иабжьыргон. Иара убасгьы миллионк абиткоинқәа ахьиоуаз а криптоԥараҭрахь азхьарԥш изынарышьҭуан.
Города мира. Нью-Йорк - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Ашьаусҭҵаара Урыстәыла америкатәи алхрақәа ирылахәызшәа ирҳәоз амц аӡбахә рҳәеит
Уаанӡа Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә Маҵзура адырра ҟанаҵеит Колумбиа атәылауаҩ Хиральдо Сараи Альберто Енрике иганахь ала ашьаусҭҵаара шхыркәшо. Иара Урыстәыла Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 276 ахә. 2, ахәҭеиҵақәа "б, г" иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоура– аԥаршеи информациа алаирҵәоит ҳәа ахара идҵоуп. Ишьақәыргылоуп иумҭақәа напхгара шрырҭоз аҳәаанырцәуаа. Уи азы иара аԥара изыршәон.
Убри аан ацәгьоуцәа ахарантә амобилтә шьақәгылақәа рхы иадырхәон Урыстәыла атәылауаа рҟынтәи акәызшәа. Иара убасгьы ишьақәыргылан ари агәыԥ Урыстәыла ЕАА 2020 шықәсазы имҩаԥысуаз алхрақәа ахы рыланагалазшәа асхема шышьақәдыргылаз.
Человек с ноутбуком  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Америкаа аоперациа ҷыдаз афеикқәа ахьынтәаладырҵәоз абот-фермақәа рвидео кьыԥхьуп
Ажәабжьқәа зегьы
0