https://sputnik-abkhazia.info/20221207/gablia-ashys-ireiu-ausumazy-ishysakhyz-makana-akgy-szyamatst--1043003596.html
Габлиа "Ашықәс иреиӷьу аусумҭазы": ишысҭахыз макьана акгьы сзыҟамҵацт
Габлиа "Ашықәс иреиӷьу аусумҭазы": ишысҭахыз макьана акгьы сзыҟамҵацт
Sputnik Аҧсны
"Ашықәс иреиӷьу аусумҭа" сынтәатәи ашықәс аихшьалақәа ҟарҵеит. Зусумҭа аҩбатәи аҭыԥ иаԥсахаз асахьаҭыхҩы, аскульптор Руслан Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны... 07.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-07T11:49+0300
2022-12-07T11:49+0300
2022-12-07T14:47+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/07/1043003870_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_c883a96ad66b653b8fe8d860fb8c776f.jpg
Габлиа аицлабра "Ашықәс иреиӷьу аусумҭазы": ишысҭахыз макьана акгьы сзыҟамҵацт
Sputnik Аҧсны
Габлиа аицлабра "Ашықәс иреиӷьу аусумҭазы": ишысҭахыз макьана акгьы сзыҟамҵацт
2001 шықәса раахыс Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа имҩаԥырго ацәыргақәҵа "Ашықәс иреиӷьу аусумҭа" сынтәатәи ашықәс аихшьалақәа ҟарҵеит ԥхынҷкәын 6 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.Актәи аҭыԥ ааннакылеит Витали џьениа искульптура "Ааԥын", аҩбатәи - Руслан Габлиа иусумҭа "Ахьтәы ԥшшәеилазаара", ахԥатәи - Виссарион Ҵәыџьба иусумҭа "Мықә, 1918 шықәсазтәи аԥсуа-қырҭуатә еибашьра"."Ацәыргақәҵацыԥхьаӡа асахьаҭыхҩы ицәыриго аусумҭа ихыи иареи еикананы, инаирҳәыз –иааирҳәыз, илаирхаз-илеиҩырхаз, аҵыхәтәан дыззааиз, аха зегьы акоуп угәы зызҭынчым аҵыхәтәанынӡа иузынамыгӡаз, иахьа иалымҵазыргьы уаҵәы сышԥахьымӡари ҳәа абас ауп акәымзар, уажәы сара саиааит, дук ҟасҵеит хәа, мамоу. Ишысҭахыз сара макьана акгьы сзыҟамҵацт, аха сгәыӷуеит заҟа сазааигәахәо абри агәҭакы", - иҳәеит Габлиа.Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.Аҳасабырбатә цәыргақәҵа "2022 шықәсазы иреиӷьу аусумҭа" ԥхынҷкәын 13 рҟынӡа иаартуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/07/1043003870_135:0:2864:2047_1920x0_80_0_0_728703c9528433b0d62cb4327ab1e837.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Габлиа "Ашықәс иреиӷьу аусумҭазы": ишысҭахыз макьана акгьы сзыҟамҵацт
11:49 07.12.2022 (ирҿыцуп: 14:47 07.12.2022) "Ашықәс иреиӷьу аусумҭа" сынтәатәи ашықәс аихшьалақәа ҟарҵеит. Зусумҭа аҩбатәи аҭыԥ иаԥсахаз асахьаҭыхҩы, аскульптор Руслан Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеҳәеит ас еиԥш ауснагӡатә амҩаԥгара аҵакы, иусумҭа ахьалыркааз дшазыҟоу.
2001 шықәса раахыс Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа имҩаԥырго ацәыргақәҵа "Ашықәс иреиӷьу аусумҭа" сынтәатәи ашықәс аихшьалақәа ҟарҵеит ԥхынҷкәын 6 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
Актәи аҭыԥ ааннакылеит Витали џьениа искульптура "Ааԥын", аҩбатәи - Руслан Габлиа иусумҭа "Ахьтәы ԥшшәеилазаара", ахԥатәи - Виссарион Ҵәыџьба иусумҭа "Мықә, 1918 шықәсазтәи аԥсуа-қырҭуатә еибашьра".
"Ацәыргақәҵацыԥхьаӡа асахьаҭыхҩы ицәыриго аусумҭа ихыи иареи еикананы, инаирҳәыз –иааирҳәыз, илаирхаз-илеиҩырхаз, аҵыхәтәан дыззааиз, аха зегьы акоуп угәы зызҭынчым аҵыхәтәанынӡа иузынамыгӡаз, иахьа иалымҵазыргьы уаҵәы сышԥахьымӡари ҳәа абас ауп акәымзар, уажәы сара саиааит, дук ҟасҵеит хәа, мамоу. Ишысҭахыз сара макьана акгьы сзыҟамҵацт, аха сгәыӷуеит заҟа сазааигәахәо абри агәҭакы", - иҳәеит Габлиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Аҳасабырбатә цәыргақәҵа "2022 шықәсазы иреиӷьу аусумҭа" ԥхынҷкәын 13 рҟынӡа иаартуп.