Севастополь инхо ашьклаԥшраз гәҩарас иҟоу ҩыџьа ауааԥсыра аанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2022
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу Урыстәыла арратә ргыларақәа ирызку адыррақәа украинаҟа иназышьҭуаз рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп аҳәынҭқарра аԥсахраз ахәҭаҷ ала.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Севастополь инхо ҩыџьа ауааԥсыра аанкылан Урыстәыла арратә ргыларақәа ирызку адыррақәа Украина иҷыдоу аусбарҭақәа ирзынарҭиуан ҳәа гәҩарас иҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла АШәМ апресс-маҵзура шьаҭас иҟаҵаны.
"Имҩаԥгаз аконтрԥшыхәратә усмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны иаанкылоуп Украина иҷыдоу аусбарҭақәа рахь адыррақәа назышьҭуаз Урыстәылатәи Афедерациа ҩыџьа атәылауаа аҳәынҭқарра аԥсахҩцәа ҳәа агәызҩара ыҟоу", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿ.
Иазгәаҭоуп, иаанкылоу аӡәы 2016 шықәсазы УШәМ дшадыԥхьалаз иара убас "украинатәи аидеологиа дшахаҭарнакыз". Иҷыдоу арратә аоперациа аналага ашьҭахь урыстәылатәи арратә ргыларақәа рзы адыррақәа украинаҟа ишьҭуан уи азын аԥара изыршәон.
Иара убас ҳазтоу ашықәс аԥхын азы иидыруаз аӡәы ашьклаԥшра далигалеит, уи аинтернет-мессенџьер WhatsApp ала Урыстәыла АШәМ иатәу аргыларақәа ирызку адыррақәа аҳәаанырцәтәи иҷыдоу амаҵзурақәа ирзишьҭон".
Иаанкылоу рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп аҳәынҭқарра аԥсахраз ахәҭаҷ ала.
Губернатор Хабаровского края С. Фургал доставлен в СК РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Ашьаусҭҵааратә еилакы Урыстәыла ар рзы афеикқәа алазырҵәоз иганахьала аусҭҵаара хнаркәшеит
Ажәабжьқәа зегьы
0