Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Шамба амандарина аҳәаа ахыгараан аҭагылазаашьа иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Шамба амандарин аҳәаа ахыгараан аҭагылазаашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахада ихаҭыԥуаҩ Мсоусҭ Шамба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит атәыла анҭыҵ амандарина аҭиразы аҳәааҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы ирацәоума уахыки-ҽнаки иахырго.
Аԥсны иалган Урыстәылаҟа иахьазы иргахьеит 10 нызқь тонна инахыҳәҳәо амандарина, ҵыԥхтәи арбагақәа ирыҿурԥшуазар, сынтәа 1500 тонна рыла еиҳауп.
"Амандарина аҳәаа ахыгараҿы уадаҩрақәак ыҟоуп ҳәа ҳазҳәаӡом. Ҳара ари аамҭазы аҭагылазаашьа зеиԥшрахо дырны заанаҵы аҽазыҟаҵарақәа ҳаман, урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаиқәшәон, апроцесс иацу акәамаҵамарақәа зегьы еибаҳҳәон. Иара уи адагьы, абизнес уаагьы аҽазыҟаҵарақәа бзиа ҟарҵеит. Заанаҵы иаҭаху ашәҟәқәа еиқәдыршәоит, уигьы аҳәаа ианахысуа азы аус арманшәалоит", - иҳәеит Шамба.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит иахьазы мышкы бжьаратәла 400 тонна шахырго, ашықәс анҵәамҭазы 800-1000 тонна иазыԥшуп.
"Аҟәа, Гал, Гәылрыԥшь иҟоуп аҩнуҵҟатәи аҳазалхратә пунктқәа, ашәҟәқәа реиқәыршәаразы. Аҵыхәтәантәи аамҭаз иҟаӡам ауадаҩра аҳәааҿы. Асезон арахь иааскьеит, аха, зегь акоуп, ҳганахьала аусқәа ишахәҭоу имҩаԥган ҳәа ҳгәы иаанагоит", - иҳәеит Шамба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0