Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра ашықәс ҿыцаз аҵаақәшьқьырырҭа дыргылоит

© Sputnik / Aleksei Filippov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКоньки Феликса Рийхнена (Германия) на дистанции 5000 метров среди мужчин в соревнованиях по конькобежному спорту на XXIV зимних Олимпийских играх в Пекине
Коньки Феликса Рийхнена (Германия) на дистанции 5000 метров среди мужчин в соревнованиях по конькобежному спорту на XXIV зимних Олимпийских играх в Пекине - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2022
Анапаҵаҩра
Гагра Аиааира ашҭаҿы аҵаақәшьқьырырҭа ыҟазаауеит ԥхынҷкәын 30 инаркны ажьырныҳәа 8 рҟынӡа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik, Бадри Есиава. Ашықәс ҿыц аламҭалаз Гагра аҵаақәшьқьырырҭа дыргылоит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
"Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 12:00 рзы Аиааира ашҭаҿы иаартхоит аҵаақәшьқьырырҭа, аус аулоит ажьырныҳәа 8 рҟынӡа. Ҳара уи қьырала иаҳгеит. Иара аура 30 метра, аҭбаара 15 метра иҟоуп - ари 450 метра ԥшьаркца. 85 ҵаашьаҵа ҟалоит, иара убас азин рымоуп рхатәы аҵаашьаҵақәа рыман иааргьы. Ари зегьы Гагра араион иқәынхои асасцәеи рзын хәыда-ԥсадоуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Гәынԥҳа илҳәеит Гагра ақалақь ашықәс ҿыцазтәи архиарақәа ишрылагахьоу. Ԥхынҷкәын 15-16 инаркы иалагоит аҟазара ашкол аҵаҩцәеи ахореографиатә коллективқәеи злахәу аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.
Ихадоу аусмҩаԥгатәқәа азгәаҭоуп ԥхынҷкәын 29 рзы. Ари аҽны Гагра агәаны имҩаԥгахоит ақалақь зегь еицырзеиԥшу аԥсаӡ аҟны аныҳәатә концерт, ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыршоит, иара убас иҟалоит асалиут.
Ашықәс ҿыц аламҭалаз араион анапхгара ргәы иҭоуп Цандрыԥшь аҳаблан иҟоу агәабзиарашьақәыргыларатә центр иаҭаауа ахәыҷқәа 60-ҩык ргәабзиара ашьақәыргылараҿ ицхыраагӡоу ахәмаргақәа рыҭара. Иара убас зфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҟынтәи 180-ҩык ахәыҷқәагьы ирызшахоит аҳамҭақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0