Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Апсны-Ойл" Аҟәа инхо ҩынҩажәа ҭаацәара асоциалтә хсаалагақәа рнаҭеит

© Foto / официальный сайт Администрации города Сухум Компания "Апсны-Ойл" выделила сорока сухумским семьям социальные карты
Компания Апсны-Ойл выделила сорока сухумским семьям социальные карты - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2022
Анапаҵаҩра
Абылтәы аахәараан азинҷыдақәа риура зықәнагоу аҭаацәарақәа рсиа еиҿыркааит "Апсны-Ойли" Аҟәа ақалақь асоциалтә еиқәыршәара аҟәшеи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Абылтәы еилахәыра "Апсны-Ойл" Аҟәа инхо ҩынҩажәа ҭаацәара асоциалтә хсаалагақәа рнаҭеит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура.
Ахсаалагақәа змоу алшара роуеит ахатәы хәԥсала мызкы 150 литра абензин АИ-92 абылтәыҭаҭәарҭақәа "Подорожник" аҟны аахәара.
"Асоциалтә хсаалага ҩынҩажәа ҭаацәара ирыҭахоит. Ари иунырыртә иҟоу цхыраагӡоуп. Ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит, ԥхьаҟагьы аусеицура ҳақәгәыӷуеит", - ҳәа иҳәеит Аҟәа ахада Беслан Ешба "Апсны-Ойл" адиректор Олег Лакоба даниҿцәажәоз.
Лакоба иажәақәа рыла, аилахәыра еиднакылеит фҩыки инеиҳани ахшара змоу аҭаацәарақәа. Аԥхьаҟа апрограмма еиҳагьы ирҭбаахоит.
"Сгәыӷуеит абылтәы аҭира занапы алаку егьырҭ аилахәырақәагьы ари аԥышәа иазхьаԥшып ҳәа. Уи ииашоу усхон", - ҳәа иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит иахьазы Аԥсны аус шыруа "Подорожник" абылтәҭаҭәарҭақәа хԥа. Аилахәыра 6-10% ареспубликаҿтәи абылтә џьармыкьа ханарҭәаауеит.
Асоциалтә проект "Апсны-Ойл" Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра иацымҩаԥнагоит. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 150 ҭаацәара Очамчыреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы, Тҟәарчали Аҟәеи ақалақьқәа рҟни ацхыраара рыҭахоит. Уи азы аҭаацәарақәа рыхшара рхыԥхьаӡареи амашьына рымазаареи иазхьаԥшуеит.
Асоциалтә хсаалагақәа рыла абылтәҭаҭәарҭақәа "Подорожник" аҟны алимит аҳәаа иҭагӡаны ахәԥса акыр еиҵоуп аҭиратә рбага аасҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0