Урыстәылатәи аҵарауаа анервтә хацеилышь аиҭашьақәыргылашьа шалшо аадырԥшит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГНЦ вирусологии и биотехнологии "Вектор"
ГНЦ вирусологии и биотехнологии Вектор - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2022
Анапаҵаҩра
Ашьапытә хыцқәа рхыцынҭыҵтә везикулақәа реилазаара иалоу аҟәыбзы алабаратоиатә ҭҵаарақәа ирхыргеит аԥстәқәа рхархәарала , уажәшьҭарнахысгьы амедицинатә практикаҿ ахархәара алшоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аладатәи афедералтә университет аҵарауааи аҳәаанырцәтәи аҵарауааи ааха змоу анервтә хацеилышь аиҭашьақәыргылашьа иахәо ахәшә ҭырҵааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ажурнал International Journal of Molecular Sciences иану аҭҵаарақәа рзы акьыԥхьымҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Иазгәаҭоуп ауаҩы иҿықәтә нервқәа ааха рымазар макьанагьы ипроблеманы ишыҟоу, амедицинаҿы алшара дуқәа шыҟоугьы аахақәак рыхәшәтәра шзалымшо.

Аҵарауаа еиҭарҳәоит усеиԥш иҟоу аахак - ажәҩатә еилышьра адабла (НППП), аӡҟы даниуа ижәҩатә нерв аиҵыхра анаҩс анапазы идабланы инхоит ҳәа.
Астатиаҿы ишырҳәо ала ашьапытә хыцқәа аиҭашьақәыргыларатә медицинаҿы ихәарҭахоит. Аҳәынаԥқәа алабараториатә ҳасабла ршьапытә хыцқәа рхыцынҭыҵтә везикулақәа реилазаара иалоу аҟәыбзы аҭҵаарақәа ирхыргеит.
"Аҭҵаараан рхы иадырхәеит аҳәынаԥқәа ртәарҭа нерв ақәыӷәӷәара азуны анаҩс аҟәыбзы ааха зауз аҭыԥ ақәҵара. 30 мшы рышьҭахь анерв аиҭашьақәгыларахь ахы археит. Ҳгәаанагарала ари азнеишьа атерапиатә ԥеиԥш амоуп анервтә система ахәшәтәразы", - ҳәа иҳәеит алабораториа "Молекулярная нейробиология" аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Андреи Хаитин.
Хаитин иҳәеит ааха змоу анерв аҭыԥ аинновациатә хәшәала аус адулара иаагәоуҭартә аиҭашьақәыргыларатә процессқәа ирызнарҳаит, ҩынтә рҟынӡа ахьыԥсаара еиҭакрақәа ланарҟәит, еиҳа ирццакны аиҭашьақәыргылара алнаршеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0