Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥшӡара амаӡақәа": аҳәсеи жәлар рмедицинеи

© Sputnik / Томас ТхайцукДень флага Абхазии
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2022
Анапаҵаҩра
Жәлар рмедицинахьтә аҳәса рыԥшӡара амаӡақәак ртәы ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Адунеи аныршоз аԥшӡара ахаҭа иасимволу дыруаӡәкны дҟалеит – аԥҳәыс. Аҳәса рыԥшӡара џьаршьон-илакәыршьон, апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи цәаныррала иҭәыз, хашҭра зқәым ажәақәа рзыркуан.
Аԥшӡара иасимволу гәыбӷан лыҭатәым лхы дацклаԥшуазар, лыԥшӡара дахӡыӡаауазар, еизлырҳауазар. Ҳәараҭахым, ҳазҭагылоу аамҭазы аԥшӡара аиндустриа акыр ԥхьаҟа ицеит, иуԥшаар улшоит аҽеиҿкааразы уара еиҳа иузгьамоу амҩақәа.
Иахьеиԥш аҽырԥшӡарҭақәа аныҟамызгьы, аҳәсеи аҭыԥҳацәеи инымҵәаӡо есҽнытәи русқәа рхы ахаршәаланы, рхы ацклаԥшразы аамҭак азылхра рҽазыршәон. Убас, ажәытәан аҳәсақәа рыԥшӡара иахыҵхырҭан уҳәар алшоит жәлар рмедицина.
Модели в национальных костюмах - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2020
"Раӡын даҷшәа деихаԥсоуп": аԥсуа ԥҳәызба лҭеиҭыԥш иахҳәаау ажәақәа
Ахаҿы
Аԥҳәыс лхаҿы аԥшӡара ацәмыӡарц азы акырӡа аҵанакуан мыцхәы аҵх ԥымҽкәа ианаамҭоу ацәареи ианаамҭоу агылареи. Уи инаваргыланы аҳәса рхы-рҿы ацклаԥшразы жәлар рмедицинахьтә иҟарҵоз маҷмызт. Иаагозар:
Рхаҿы татахарц аԥшаӡа лапҟьақәак ҿыхны иҿдырпуан, иҿдырпыз аԥш рҟәаҟәон, иаҵыҵыз аӡы ԥыҭраамҭак амра ицәдыргылон, анаҩс уахынла рҿы аларыӡәӡәон.
Рхаҿы пашәхаразы ашыла рҿыршьуан, нас ӡыла ирыӡәӡәон.
Ажәытәан аҳәса амра рымкразы асыӡбал андыршуаз ихылоз ашәах хыхны рҿы аларыӡәӡәон.
Аҳәса рцәа дыршкәакәаразы иҟарҵоз иреиуан:
Ахарҵәы (еиҳарак аџьма харҵәы) маҷк ашьаб алаԥсаны иааиларҩынтны ирҿыршьуан. Ԥыҭк ианалабалак ашьҭахь хшыла рхы-рҿы рыӡәӡәон.
Аҩазақәа, ма аканқәа зҿалоз аҳәса рцәа-ржьы ахаҭабзиара аиӷьтәразы ашыла иалхны ақашь жәпа ҟарҵон. Ашыла қашь аныхьшәашәалак ирҽыршьуан, 30-ҟа минуҭ рышьҭахь ирыҿшьыз ақашь рыӡәӡәон цхаӡҩала.
Аҳәса пашәӡа иҟаларазы хазыла рхаҿы рыӡәӡәон.
Новогодняя прическа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Аԥсны
"Хцәы бырфын": ԥсыуаҵас аԥҳәызба лыхцәныҟәгашьа
Ахцәы
Аԥсуа ҭыԥҳа, ма аԥҳәыс лҭеиҭыԥш ашьақәгылараҿы акырӡа аҵанакуан лыхцәы. Ахцәы аузар акәын, шамаха иагдырхомызт, иԥаны ирықәырҵон.
Ахцәы еизҳаразы ҳандуцәа, урҭ рандуцәа иҟарҵоз иреиуан:
Рыхцәы мчыбжьык ахьтә знык-ҩынтә нышәаԥшьла ирҿышуан.
Ахцәы еизҳарцазы аӡи акерасини еилаҭәаны иалдыршон.
Ахцәы еизҳарацы, еилҵәраауа иҟаларазы абжьеи, мамзаргьы ахәац аӡы алдыршон.
Аԥҳәызба лхахәы цырцыруа иҟалар лҭахызҭгьы акакан иалҵуаз арашы ахьылшьуан, нас дук хара имгакәа илҿышуан.
Ахцәы ӷәӷәахарц, еизҳарц азы қәарӡыла ирҿышуан.
День флага  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Анцәахәқәеи амч лашьцеи: аԥҳәыс лхаҿра аарԥшышьа аԥсуа фольклор аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0