Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Хцәы бырфын": ԥсыуаҵас аԥҳәызба лыхцәныҟәгашьа

© SputnikНовогодняя прическа
Новогодняя прическа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥҳәызба лыхцәныҟәгашьеи ахәцәы иадҳәалоу егьырҭ акәама-ҵамақәеи Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ԥсыуаҵасла аԥҳәызба лыхцәы аун, иҵдырффомызт. Лыхцәы аныҟәгарала леиҿкаашьа ахәшьара арҭон, уи зеихда илахысуаз "аԥҳәызба хцәы қамыз" лзырҳәон. Аҭыԥҳа, аԥҳәызба лыхцәы, лыхцәԥарақәа рыԥшӡра аазырԥшуа ажәа лыԥшаахқәа маҷым, урҭ иреиуоуп: "Лыхцәы дашьаҳауеит", "Лыхцәы лшьапаҟынӡа илеиуеит", "Хцәы бырфын" уҳәа убас иҵегьы.
Аԥсуа ԥҳәызба ззырҳәоз лыхцәы ҩбаны ма ԥшьбаны иԥаны лызқәа икыдын (азгә. аабаны ианырԥозгьы ҟалалон). Аԥҳәыс лакәзар, лыхцәы акны илԥон. Аҩны даныҟаз аҩнусқәа рҿы илԥырхагамхартә лхы иакәыршаны ак налалҵон ма зынӡа иҵалкуан.
Коса - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2018
Соура уоураны, сыҭбаара уҭбаараны: ахцәы иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа

Ахцәҵакра

Аҭыԥҳацәагьы аҳәсагьы рхы хтны иныҟәомызт, акасы рхарҵон. Аԥхынра ашоура аныцәгьаз ахцә ду зқәыз аҭыԥҳацәа рыхцәы ҵаркуамызт, аха еиҳарак аҩнра зхагылаз, зҭаацәа рхәы-рыԥхь знапы иҵызхуаз аԥҳәыс, хымԥада, лыхцәы шҵакыз иаанхон, избанзар иуфо афатә ахцәы алашәар, ԥхашьара бааԥсын, асас иҟны еиԥш, аԥшәмацәа рҟынгьы. Абри аԥҟара инақәыршәаноуп ацәгьеи-абзиеи рҿы амаҵ зуа ҳәсеи ҭыԥҳацәеи акасы зырхарҵоз, рыхцәы зҵаркуаз (ҳазҭагылоу аамҭазы уи аԥҟара акыр игәыгәҭаҳажьт умҳәозар, ацәгьеи абзиеи амаҵ азызуа аҭыԥҳацәа ҳахцәқәа бӷьаауа афатә ҳахагылоуп).
Акасы. Головной платок - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Аԥсуаа рҿы аԥҳәыс лхаҵатәы аҵаки уи аныҟәгашьеи

Ахцәԥыртлара

Жәытәла зыхцәы зымԥоз, иҵазымкуаз, иԥыртланы изықәзыԥсоз аԥсы ихагылаз, шәыла иҭалаҳаз аҳәса-џьабацәа ракәын.
Наҭела Хәыҭа-иԥҳа Аргәын лыстатиа "Аԥсуаа рхымҩаԥгашьа аҷыдарақәак" аҟны илыҩуеит: "Аџьабараҿы аҳәсақәа рыхцәқәа аушьҭны игылон. Ахцәы аушьҭра аԥсаҭараҿы аԥсы ашәшьыра инаҭоит ҳәа агәаанагара рыман".
Аԥсыжраан иԥсыз изгәакьаз (еиҳарак ан лганахьала) аҳәса-џьабацәа рыхцәы амхны урыла анышәынҭра азааигәара иахыршьуан.
Аиаҳәшьа лашьа заҵә дыԥсызар, иџьабараан лхахә цырак аанмыжькәа илсон. Абри аԥсра аҵас иахылҿиааит иахьа уажәраанӡагьы ахархәара змоу ашәиратә форма "бхы бсааит".

Ахцәы ацклаԥшышьа

Ахцәы еизҳарц, иԥшӡахарц, ацклаԥшра бзиа ауҭароуп. Убас, аԥсуа ҭыԥҳацәа рыхцәы лассы иазҳарц азы нышәаԥшьла мчыбжьык ахьтә знык-ҩынтә ирҿышуан. Ахцәы еилҵәраауа, аԥшшәы еилԥхаауа иҟаларазы иалдыршон абжьеии ахәац аӡи.
Аԥҳәызба лхахәы цырцыруа иҟалар лҭахызҭгьы, акакан иалҵуаз арашы ахьылшьуан, нас дук мырҵыкәа илҿышуан.
Ахцәы анырҿышлак, иандырбалак, иԥаны ирықәырҵон.
Модели в национальных костюмах - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2020
"Раӡын даҷшәа деихаԥсоуп": аԥсуа ԥҳәызба лҭеиҭыԥш иахҳәаау ажәақәа
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара аҭан аԥсуа етнологцәа Елена Малиеи Лили Акабеи русумҭа "Одежда и жилище абхазов"/.
Ажәабжьқәа зегьы
0