Асоура иахҟьаны москватәи аҳаирбаӷәазақәа рыҟны 70 ҳаирплан рҟынӡа рыԥырра аанкылоуп

© Sputnik / Ilya Pitalev  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСнегоуборочная техника коммунальных служб во время уборки последствий снегопада на Красной площади в Москве
Снегоуборочная техника коммунальных служб во время уборки последствий снегопада на Красной площади в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2022
Анапаҵаҩра
Москва асоура иаҿызаауеит асааҭ 18-21 рҟынӡа, уи анаҩс аҽааннакылоит ҳәа аарыцҳауеит аҳауагәаҭаҩцәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Москватәи аҳаирбаӷәазақәа Внуково, Домодедово Шереметево рыҟны амҽыша шьыжьнаҵы 67 реис аанкылоуп 13 реис рыԥыррақәа ԥсахуп ҳәа адыррақәа аагоуп амаҵзура "Яндекс.Расписания" аҟынтәи.

Москватәи аамҭала асааҭ 11:20 рзы иҟоу адыррақәа рыла, "Внуково" - 28 реис аанкылоуп 10 ԥсахуп, "Домодедово" - 25 реис аанкылоуп реиск ԥсахуп, "Шереметьево" - 14 реис аанкылоуп ҩба ԥсахуп.

Уаанӡа аҳауаҭагылазаашьа ацентр "Фобос" аҟаза хада Евгени Тишковец РИА Новости иазеиҭеиҳәахьан Москва 33-38 сантиметр асы шлеиз. Ари 1989 шықәса аахыс ирекордхеит, усҟан урыстәылатәи аҳҭнықалақь аҟны 31 сантиметр асы ауит.
Ажәабжьқәа зегьы
0