Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Шоигу аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟны урыстәылатәи архәҭақәа гәеиҭеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Военно-промышленной комиссии
Президент РФ В. Путин провел заседание Военно-промышленной комиссии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҭәылахьчара аминистр аррамаҵзурауаа драцәажәеит, ҭабуп ҳәагь реиҳәеит рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа иҿырԥшыган рынагӡаразы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik. Урыстәыла Аҭәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иусуратә ныҟәара хиркәшеит Аладатәи арратә округи аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟны иҟоу урыстәылатәи архәҭақәа рҭаарала ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аҭәылахьчара аминистрра.
Иҟоу акадрқәа рыҟны Атәылахьчара аминистр Шоигу авертолиотла ар ргыларҭа ҭыԥқәа дырхыԥрааны игәеиҭоит, аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟны иҟоу урыстәылатәи архәҭақәа драцәажәеит.
Анаҩс, Шоигу агәыԥқәа рыдҵаҟаҵаҩцәа иҟоу аҭагылазаашьазы рдокладқәа дырзыӡырҩит.

"Урыстәыла Аҭәылахьчара аминистр дыззыӡырҩыз аҟынтәи еиҳарак азҿлымҳара аиҭеит арбџьармчқәа реиқәыршәара аиҿкаашьеи, аибашьцәа адәыҟны рҭагылазаашьа зеиԥшроу, иара убас амедицинеи атыли рыҟәшақәа русура", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Аусбарҭаҟны ирҳәеит аминистр аррамаҵзурауаа дышрацәажәаз, ҭабуп ҳәагь шреиҳәаз рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа ҿырԥшыган рынагӡаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0